Ахӡыргара иашьҭам аибашьҩы

Ибзианы издыруан, Дәрыԥшь ҳгәылара инхо Џьума Абӷаџьаа дшеибашьуаз, игәалашәараҿ инханы иҟоу аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәагьы шмаҷым. Аха егьарааны сизҵаахьазаргьы урҭ ахҭысқәа реиҭаҳәара мап ацәикуан. Хымԥада, аибашьратә хҭысқәа анугәалауршәо ухьаақәа зегьы ҿыц иаатуеит, аха сгәанала уи ҭоурыхуп, азеиԥш ҭоурых шеиқәырхатәу еиԥш, еиқәырхатәуп иара убас зыԥсадгьыл азы зхы иамеигӡо ауаа рыӡбахәгьы.


Лассы-лассы ишыҟаиҵалоз еиԥш, ҳаҩнаҭахьы дымҩахыҵит ҽнак. Иааџьоушьаша, убри аҽны аибашьраҿы ихигаз, ицеибашьуаз, дахьеибашьуаз уҳәа аиҭаҳәара дналагеит. Саргьы ашырҳәа сҩыгеи сыбӷьыци, иара убас ибжьы ахьҭасыҩуаз сҭел аашьҭыхны изыӡырҩра салагеит. Харантәи сыбла ихгылон 30 шықәса зхыҵхьаз ахҭысқәа.
Аибашьҩы, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Абӷаџьаа Џьума Владимир-иԥа диит ԥхынгәымза 28, 1966 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Иаб – Абӷаџьаа Владимир, иан – Леиԥҳа Мери. Џьума Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ даналга Аҟәатәи ДОСААФ ала амашьынаныҟәцара далгеит, нас арратә уалԥшьа ихигон, уи ашьҭахь ПМК аус иуан, нас «Целена» аусура дцеит. Аибашьра ианалага аԥхьатәи амшқәа инадыркны еибашьуаз дреиуоуп. Дынхоит Дәрыԥшь ақыҭан, аҭаацәара далаӡам…
Еибашьра данцоз ихатә шәақь икын, анаҩс дызлаз архәҭаҿы абџьар ирҭеит. Џьума иҩызцәа рзы ихы ишаҭомызт, ачҳара иман, адҵақәа иҽырцәыԥхьаикуамызт. Дрылахәын: Гагратәи, аԥхьатәи Шроматәи, ииультәи, сентиабртәи ажәыларақәа. Ицеибашьуаз иқыҭауаа иреиуоуп игәылацәа: Коф-оглы Беслан, Ҭаниа Муса, Абӷаџьаа Темо, Чамагәуа Леонид, Гәынба Кәына, Гәынба Иура…
Аԥхьа Гагра ахы иақәиҭыртәит Џьонџьик Тәанба ибаталион иаланы, инаӡеит Ажәытә Гагра аҟынӡа. Хымш уа итәан, избанзар ашәақьқәа ракәын иркыз, вертолиотла ирылахысуан. Нас аԥсуаа Гагра араион аныдрыцқьа, Џьума иҩызцәеи иареи аҩныҟа иаарышьҭит. Аха мышқәак рышьҭахь Џьума диасит Гиви Камыгә-иԥа Агрба напхгара зиҭоз аҩбатәи Афонтәи абаталион ахь. Ешыра рҽыԥсахуа, апозициа ныркылон «Целофанови», «Ленински» ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥқәа рҿы. Нас, Афон Тәанба Џьамали иареи СПГ ала ахысшьа ддырҵеит, Гәырам Ҳагбагьы уа дрыцын, аха уи анаҩс Дәрыԥшаа рахь ТУРС иманы диасит. Араҟа дыҟан артиллеристцәа ргәыԥ иахагылаз иреиуаз Лыхнытәи арԥыс Нодар Ҳагба. Уи зегьы дрыхӡыӡаауа дрышьҭан, хьаас иман абџьарла реиқәшәашьа.
Џьума Абӷаџьааи Џьамал Тәанбеи аҩбатәи Афонтәи абаталион аҟны, Руслан Ахмеҭ-иԥа Ешба инапаҵаҟа иҟан.
1992 шықәса октиабр 25 ауха, Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа рхы рханы иаауан аказакцәеи ачеченцәеи рыла иҭәыз анаиааиратә катер «Радугеи» даҽа матортә нышьки. Урҭ дҵас ирыман Аҟәа амшынбаӷәазаҿы абџьар зықәҵаны игылаз ақырҭцәа рбаржа иақәтәоу ҭарханы, иара рнышь иацраҳәаны Гәдоуҭаҟа аагара. Аха адҵа анагӡаразы иаҭахын СПГ зкыз аибашьцәа. Ус иазыҟаҵаны иҟаз иреиуан изышьҭаланы Афон инеитәыз Џьумеи Џьамали. Руслан Ешба арҭ аҩыџьагьы даарыԥхьан, иҟаз нараҳәаны, Афон аԥырсал аҟынӡа инаскьаганы, рыжәлақәеи рыхьыӡқәеи зниҵаз ақьаад иџьыба инҭаҵаны, р-СПГ аашьҭыхны, аҟәара иаадгылаз акатер «Радуга» иақәиртәеит. Анышьқәа еишьҭагыланы анеит­ралтә ӡқәа рҟынтә Агәыӡера ала аманиовр ҟаҵаны харантә зылашарақәа убарҭаз Аҟәа иазааигәахеит. Џьума дзықәтәаз анышь аҿы дрыцын арациа ала ақырҭцәа иҟарҵоз адҵақәа еиҭазгоз аӡәы.
— Очамчырантә иаауеит еилкаам ҩ-нышьк ҳа ҳахь рхы рханы!
— Амшын ахь унаскьаны урԥыл, игәаҭ!
— Бзиоуп, сдәықәлоит!
— Иуԥшаама?
— Ааи, избоит аобиектқәа ҩба.
— Иаҳтәымзар, иҭарха!
— Еилкаауп.
Џьума еиҭеиҳәон:
«Ҳара ҳалашарақәа ырцәаны ҳаауан, дара рбаржа илашаӡа алашара аркын, ҳманшәаланы ҳнеиуан иара ашҟа, ҳахьынаԥшуаз даҳбон амашинист ибинокль кны дахьҳашьҭаз, шә-метраки бжаки рҟынӡа ҳаназааигәаха, изаҟараз анаҳба, ҳагьаашәеит. Ҳаиҳабы иҳәеит, аԥхьа ихысуа апушка иаҿатәоу шҳакәыз. Џьамал еиҵеиҵеит, сара саҵхеит. Оумашәа иубаша, инаҳашьҭыз, ишиашаз икаҳаит амашинист дахьгылаҵәҟьаз, амцагьы ҩакит, иашьҭарххны агранатаршәга хысит, актәи ахымҭа ахууааит, аҩбатәи ақәшәеит. Иаҳбон аӷбаҿ еилагәаҭеиуаз ақырҭцәа, ҳара иҳамаз абџьарқәа зегь рыла ахысра ҳалагеит. Ибзианы иаҳбарҭан ҳхыршәга ахқәа еишьҭаргыланы аԥхьа иахууааны ишцоз, аха нас ианақәик, дааҟәымҵӡакәа иагәыдиҵон. Ҳашьҭахь игылаз анышь аҟнытә ахысра иаҿын, абаржа ижжаӡа амца акын, абџьарқәа тҟәацуан… Ҳагранатаршәга ашьҭахьла иаҿыҵҟьаз амца, ҳзықәтәаз апластмасс амца анаркын цәгьала иҳарцәеит. Дара ахьгылаз иаанхеит, атҟәацбыжьқәа ааҩуан, аха ари иаҟароу абаржа ҳара иҳацраҳәаны гашьа шамамыз ҳбеит азы, уа иааныжьны ҳаихеит шьҭахьҟа.
Зегьы агәырӷьара иаҿын ԥсҭбарада, аӷа аԥхасҭа иҭаны ҳахьыгьежьуаз. Ус, Ешыра ҳаавсуан еиԥш, хыхь Џьамали сареи ҳахьықәгылаз вертолиотк иааҳхыкны ишаауаз гәасҭеит. Ҳгәы ҭрысит, Џьамал аҷкәынцәа рахь дылбааны инарықәҿиҭит, аха иҟаларишь ҳәа ҳшыԥшуаз, хьаасгьы ҳамкыкәа, ҳалашарақәа ахьырцәаз азы ҳгәарымҭазар акәхап, инаҳхыԥраа ицеит. Ҳаргьы ҳаԥсы ааиваҳгеит.
Оумашәа избеит, аҵх агәаны Гәдоуҭа аҟәара зегьы рҭәны иаҳзыԥшыз ауаа анызба. Зегьы гәырӷьон, иҳадырныҳәалон, ишьҭыхны аҳауахь идыршәуаз дубарын. Сара исыздыруамызт арҭ ас ишынаскьаргаз, ишырзыԥшыз, избанзар Афон ауп ҳахьышьҭырхыз. Сареи Џьамали ԥыҭҩык наҳадкыланы, ҳгәыла Ԥкьын Герман Аҳабла ҿыц акаҳуажәырҭа имаз ахь ҳаиган, шаанӡа ҳгәырӷьаҵәа ҳаидтәалан, Аҟәа ҳшадгылаз, абаржа анаҳба ҳгәы шааҭрысызгьы мӡакәа еибыҳәо.
Адырҩаҽны еиҭах ­Афонынтә Шромаҟа ицоз агәыԥ срыццар акәхеит, сысмена акәын азы. Уахь ҳцаанӡа иҳаҳаит ателербага ала Шеварднаӡе иҭаҳархаз абаржа азы ишиҳәаз: «Аҟәа иалганы иргоз аҳәсеи ахәыҷқәеи 280-ҩык зықәтәаз абаржа аԥсуаа иҭадырхеит» – ҳәа. Иуадаҩуп аҳәара, агәра шызымгазгьы, сшыҟалаз, ишысцәымыӷхаз ари ажәабжь исаҳаз.
Ишысҳәаз еиԥш, Гиви Камыгә-иԥа игәыԥ салан Шромаҟа ҳцеит. Уаҟа иаҳхаҳгаз даҽа ҭоурыхуп. Ишдыру еиԥш, ари ажәылара ҳақәымҿиеит, акыр аџьабаа ацын, аха зегь реиҳа ихьанҭаз ԥыҭҩык ҳҩызцәа ахьаҳцәыӡыз ауп…
Аҟәатәи ахҭыс аныҟала ашьҭахь, ҩымшҟа ҵхьан еиԥш, иҳацыз Ибрагим игәыԥ итҟәаны иааргеит ақырҭцәа ҩыџьа. Урҭ иразҵааит Шеварднаӡе еиҭеиҳәаз ахҭыс азы, ииашаны аҳәсеи ахәыҷқәеи ракәызма иақәтәаз ҳәа. Ҳәашьа сзаҭом закәытә еидароу сызҵыҵыз урҭ ианырҳәа уи зегьы шымцыз, уаҟа абџьар акәын иақәыз ҳәа».
Сара ари азҵаарала сзыҿцәажәаз Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны аҭоурых арҵаҩы Нодар Ҳагба излеиҳәаз ала, уи абаржа уа ҩымзҟа изымеиҭаҵуа игылан, ааха иаиуаз иахҟьаны.
Аибашьҩы Џьума иҩызцәа дрылагыланы аӡы даныруаз афотосахьақәа аинтернет аҿы иуԥылоит.
Аиашаз, иџьасшьоит џьоукы ахӡыргара ишашьҭам…

Лана Коф-оглы,

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me