Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра адырҩаҽны, 1992 шықәса август 15 азы Гәдоуҭа иааит Нхыҵ-Кавказынтәи Сулҭан Сосналиев хадас дызмаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ.

2300-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аибашьцәа ажәыларақәа ирылахәын. 294-ҩык Аԥсны рхы ақәырҵеит.

51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп, 300-ҩык рҟынӡа Леон иорден ранашьоуп, 700-ҩык рҟынӡа – «Агәымшәараз» амедал, 9-ҩык – Афырхаҵара аорден.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me