Игәыҭшьаагоу амш

1992 шықәса, август 14 рзы аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аӷа иганахьала аԥсуаа ахаан ҽеи ишазԥшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.

Аха аԥсуаа рыҷкәынцәа ихьаҵуаз ракәмызт. Аӷа џьаԥҳанылеи уааԥсыралеи имч акыр ишеиҳазгьы, ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхы-рыԥсы иамеигӡа, гәшәарак ҳәа ҟамҵаӡакәа, напышьашәалаҵәҟьа аӷа иҿагылт. 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра аҟны иҭахеит зықьҩыла ҳҵеицәа хазынақәа. Иҭахеит аԥсуа жәлар ацхыраара анырҭахха иарӷьажәҩаны ирывагылаз хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз ҳашьцәа.

Иахьа иҵит 32  шықәса Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) иалагеижьҭеи. Убри инамаданы Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны, ашәҭқәа шьҭарҵарц, иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит: Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгара, адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны атәылахьчара  аусбарҭа аусзуҩцәа, аветеранцәа, аибашьраҿ иҭахаз ранацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me