Имԥсуа ахьӡқәа

11 Мшаҧы 2024 08:27
Аԥсуа қыҭа Џьырхәа. Ахацәа нагақәа злиааз, адунеи ари ақыҭа ахьӡ азырдырыз Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ҳаразиа Владимир Камсагә-иԥа инаиркны еиқәаҳаԥхьаӡо ҳалагар хара ҳагоит. Иарбан ҭоурыхтә аамҭазаалакгьы иҟаз зегьы рҟынтә ԥсра-ӡра зқәым ахаҿсахьақәа ари ақыҭаҿы иҟоуп.
Аԥсуаа рҿы аарыхра иузаҟәым­ҭхо иадҳәалоуп ҩ-маҭәарк – акалаҭи амҵәышәи. Ишԥацәырҵи дара, насгьы урҭ ирышьашәалоу маҭәарқәак иахьа ахархәара зрымамзи дара реиԥш, ашышра ҩычагас аԥсуаа ҳҿы аҿиара ианбалагеи?70 шықәса зхыҵуа Мықә ақыҭан инхо Зураб Араҳамиа инапала акалаҭқәа ҟаиҵоит. Уи игәыла иҟынтә иҵеит. Иара иҽазҵәылхны дашьҭаны ҳәа акәым, анхараҿы исыхәо ак сзыҟаҵозар ҳәа нап аиркит. Аԥхьа иҟасҵоз усҟак ублаҿ иааиуамызт, аха нас салашьцылеит,…
Аԥсны жәлар рартист, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа-ԥҳа иқәлыргылаз, Бранислав Нушич иҩымҭа иалху аспектакль «Лхаҵкы, аминистр иԥҳәыс» знык иахәаԥшыз игәы еиҟараны дыннажьуам, даҽазныкгьы аиҭахәаԥшра агәаҳәара инаҭоит.
Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аестрадатә шәаҳәаҩцәа рреспубликатә еицлабра «Аҿар рыбжьы». Апроект аиҿкааҩс дамоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.Аицлабратә концерт мҩаԥылгон ашәаҳәаҩ Инесса Григолиа.

Русура иацырҵоит

08 Мшаҧы 2024 11:02
Гагратәи араионтә хәышәтәы­рҭаҟны имҩаԥыргоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, урҭ 90 шықәса ҵуеит имҩаԥгамижьҭеи. Раԥхьаӡа урҭ аусурақәа ирылагеит 2021 шықәсазы аҿкы чымазара ианаамҭаз. Усҟан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рнаҩсангьы, ирыҭан ацхыраара 50-ҩык ачымазаҩцәа ахьааныркылашаз аҭыԥ, аха иазгәаҭатәуп дара рхыԥхьаӡара акырӡа ишеиҳаз. Араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Индира Арсалиа иазгәалҭеит акырӡа ишамариашаз аусура уи аамҭаз.Иахьатәи аамҭазы аиҭа­шьа­қәыргыларатә усқәа хыркәшоуп аҟәшақәа ԥшьба рҟны. Аҳақьымцәа ирыдҵаало ачымзаҩцәа ацхыраара рыҭаразы, иара…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me