Аслан

Аслан

Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа атәыла араионқәа рҟны иҟалаз аӡхыҵра иннажьыз аԥхасҭа аҭыԥ ақәҵара иазкны изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаԥигеит.

Адырраҭара шыҟалахьоу аиԥш, ииуль 4 аҽны Аԥсны дыҟан Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников. Уи Гагра иԥ

Ииуль 5  азы имҩаԥысыз  Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект. Абиуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба ҟаиҵеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Ӡи-мцеи ириааиуа

Ԥхынгәы 07, 2023

Еиуеиҧшым ахҭысқәа рыла еилоуп, ганрацәала ишьақәгылоуп ауаҩы иҧсҭазаара. Еснагь ауаҩы иҧсҭазаартә мҩаҿы иаҧиҵо ахҭысқәа даныргәылагылоу, агәҽанызаара имазароуп. Ауаҩы амашәыр данақәшәо издырам, убри аҟнытә ишьаҿақәа шәаныизаны иҟаиҵалароуп, илаҧшҳәаа ҭбаазароуп. Иҟоуп ауаҩы аҧсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьо амашәыргьы данақәшәо.

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аҧсны анаплакқәа ркаталог 15 аҭыжьымҭа. Уахь инаҧхьан 50-ҩык раҟара, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – анападкылаҩцәа, аҳәынҭчынуаа, ауаажәларра, ажурналистцәа.

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәатәи амшын баӷәазаҿы апассаџьыртә лаинер даԥылеит. "Князь Владимир" апассаџьырцәа рзы раԥхьаӡакәны Аҟәатәи амшын баӷәаза иаадгылеит. Уи иҭан 81-ҩык апассаџьырцәа.

Аԥсныпресс. Рашәарамза 29 рзы Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит.  Амшхәаԥштә хада зынӡа иалагалан 11 зҵаара, иназыцҵоу – ԥшьзҵаарак.

Рашәарамза 29 азы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко Ареспублика Беларус ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини ҭелла аицәажәара рыман. Атәыла Ахада ӷәӷәала дшадгылоу иҳәеит азакәанреи аконституциатә леишәеи рышьақәыргыларазы Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара русқәа, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me