Агәабзиара иашьаҭоу Аилҟьақәеи аиҿамсқәеи алкаахарц

Маи 24 рзы, Аҟәа ареспубликатә стадион аҟны иаатит ашколхәыҷқәа XVIII рспартакиада.

Уи азкуп, сынтәа адунеи атәылақәа акыр рыҟнеиԥш, ҳҳәынҭқарраҿгьы иазгәарҭо, аҭоурыхтә ҵак ду змоу, 1941-1945 ш.ш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 80 ш. ахыҵреи, Аԥсны Ахада Б.З.Гәынба иқәҵарала ҳтәылаҿы изшықәсны ирылаҳәоу, ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба диижьҭеи 80 ш. аҵреи.

Аспартакиада аартра хацыркын Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны, аԥсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз аҵеицәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи рхы аладырхәит, ақәыԥшцәа ажәа ԥхала аихьӡара ҳаракқәеи аманшәалареи рзеиӷьашьо иқәгылаз аԥыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, аҵара аминистр Хана Гәынба, иара убас аҵара аминистрреи араионтә аҵара ҟәшақәеи рхаҭарнакцәа.

Аспартакиада мҩаԥысуеит аспорт хкқәа 14 рыла: атлетика ласы ашахмат, зхы иақәиҭу аиқәԥара, абокс, аӡиудо, аишәатә ԥкьаҭ, асамбо, ашьапылампыл, атлетика хьанҭа, амҵәышәмпыл, анапылампыл, ашьапылампыл маҷ, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа – хықәкыла аимҵакьачара рыла, иун 19 рҟнынӡа.

А.Амзацба  

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me