Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба акадрқәа амаҵурақәа раҭаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Кәыҵниа Лев Константин-иԥа дҟаҵоуп – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс;
Логәуа Асҭамыр Омар-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистрс;
Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иԥа – Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс;
Берулаа Роланд Фиодор-иԥа – аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабыс;
Аҳәба Адамыр Мирон-иԥа – адгьылхархәареи акадастри рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабыс;
Ӷәынџьиа Роман Ҳақыбеи-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабыс.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы имаҵураҟнытә ихы дақәиҭтәуп аинрал-маиор Дбар Дмитри Сергеи-иԥа. Аҳәынҭқарра Ахада егьи Иусԥҟала Дбар Дмитри Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩыс дҟаҵоуп.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Шамба Дмитри Михаил-иԥа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс – Аиба Баҭал Едуард-иԥа.