Иааит аԥхынра

Аԥхынтәи акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәара.

Уи рхы аладырхәит аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны аихамҩа ахаҭарнакцәа, араионтәи ақалақьтәи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара аҵакы шхадароу азгәеиҭеит.

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи аӡи адгьыли рҿы ареидқәа мҩаԥыргалоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит атуристцәа рымҩангаразы ахархәара зауа атранспорт атехникатә ҭагылазаашьа. Иажәақәа рыла, ианаҭааха  атранспорт рымхрагьы мҩаԥыргалоит.

Аӡҭалара аартреи уи аамҭаз ашәарҭадара алыршареи – акурорттә аамҭа  аламҭалазы зегь раԥхьаӡа иргыланы инагӡатәу усуп ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

Уи иара убас аҽыкәабарҭақәа реиҿкаареи урҭ аиқәырхаҩцәа рыла реиқәыршәара ахымԥадатәреи ҷыдала иазгәеиҭеит.

Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа  амшынҭаларақәа раартреи рхылаԥшреи рзы аҭакԥхықәра араионтә напхгара итрыдҵахо дазааҭгылеит.

 «Амшынҭаларҭақәа раартразы аҭахрақәа ирықәымшәо алкаақәа ыҟамзар, урҭ раартреи рхархәареи ҟалом», —  иазгәеиҭеит иара. Аӷба маҷқәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аҽыкәабара аамҭа рашәара 5 инаркны аартразы абжьгара ҟанаҵоит.

Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы Гәылрыԥшь араиони Аҟәеи Очамчыреи рыхәҭаки рыда, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аҽыкәабарҭақәа реиҿкаара аганахьала иҟаз адҵақәа рынагӡара алыршамызт.

Аӡҭаларҭақәа рҿы 25 метр рыбжьаҵаны 30 метр аҟәара иацәыхараны аӡҳәаарбагақәа шьақәыргылатәуп. Аӷба маҷқәа  аҟәарахьы инеиразы атехникатә зона хымԥадатәины иҟоуп. Иара убас, аԥшаҳәа азааигәара амшын аҵа арыцқьаразы аӡаҵантәи аусурақәа мҩаԥгатәуп.

«Ашықәс аҩныҵҟа амшын лассы-лассы ӷәӷәала ицәқәырԥоит. Убри аҟнытә, аҟәара азааигәа аӡы аҵан имаҷымкәа агәам-сам, ахаҳә-мҿыҳә еизоит. Ауаа убри иазымхәыцкәан хӡааҟәрыла аныҟарҵоз арыцҳарақәагьы аныҟалоз маҷӡам. Убри азы аӡхәыҵалаҩцәа иарбоу аҵакыра гәарҭароуп, арыцқьара ауазар, ирыцқьатәуп, мап анакәха, абри аҭыԥ аҿы аҽыкәабара шыҟамло азы адыргақәа шьақәыргылатәуп», –  иҳәеит иара.

 Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, хәышықәса рыла аӡқәа  рҿы 56-ҩык ҭахеит. 2020 шықәсазы ԥшьҩык ҭахеит, 2021 шықәсазы – 20-ҩык,  2022 шықәсазы – 13-ҩык, 2023-шықәсазы – 12-ҩык,  2024 шықәсазы – быжьҩык.

2024 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Русҭам Латипов аԥхынтәи акурорттә аамҭазы 13 мллион ҩыки 2,8 млн. атранспортә хархәагақәеи аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҩганк рыла ииасит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Аҳҭны-қалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа ақалақьтә маҵзурақәа зегьы аԥхынтәи акурорттә аамҭа алагаразы ирӷәӷәоу арежим ала аус шыруа дазааҭгылеит.

 Уи иажәақәа рыла, иаахәоуп агәамсамҭаԥсарҭа ҿыцқәа, агәам ықәызго атехника ҿыц аҿаҵоуп. Аплиажқәа рҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит, амшын аҿы аӡҳәаарбагақәа иахәҭоу рыбжьаҵара ишьақәыргылахоит.

Ҭенгиз Агрба иазгәеиҭеит, џьоукы-џьоукы абџьар рыманы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы – акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа акрыфарҭақәа, уҳәа рахь инеиуеит ҳәа агәынамӡарақәа рацәаны ишадырԥшуа ақалақьуаа. Уи аҳәара ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ацхыраарала ари апроблема аӡбара алыршахарц азы.

«Ауаа абџьар кны, ижәны, ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы ианнеиуа, ари аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, аԥсшьаҩцәагьы зынӡа иргәаԥхаӡом. Ари, аиашазы, проблема дууп, уи аҭыԥ иқәҵатәуп», – иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Ҭенгиз Агрба иажәақәа хшыҩзышьҭра риҭеит. Уи ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы абџьар уманы анеира ишақәиҭым азгәеиҭеит.

«Зегьы ари апроблема атәы рдыруеит, ҳаргьы уи азы иахәҭоу аусура мҩаԥаагоит» , – иҳәеит Роберт Кьиут.

 Аҳҭны-қалақь ахада даҽа проблемакгьы дазааҭгылеит. Уи Аҟәа ақалақь аҿы амашьынақәа рыргыларҭақәа разымхара ауп, аԥхынра ари азҵаара еиҳагьы иуадаҩхоит.  

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ақалақь агәаны маршрутқәак аиҭахәаԥшразы ажәалагала ҟаиҵеит.  

 «Сара издыруеит, шәара активла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥыжәго, амҩақәа жәпакы рҿы акаҭран ақәҵара шәаҿуп. Ақалақь ахадара амашьынақәа рыргыларҭақәа рзы аӡбамҭа аднакылар, усҟан ииашамкәа иргылоу амашьынақәа ықәаагоит», –  иҳәеит иара.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар иажәақәа рыла, Гагра хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа раара иазыԥшуп.

«Араион ахадареи ашәарҭадара аиқәыршәара иазку аусбарҭақәеи амаҵзурақәеи есымшагьы аусеицура бзиа рыбжьан. Иҟоу агхақәа зегьы хымԥада ианаамҭоу ирҽеихоит. Агәра ганы сыҟоуп, иаҳзаараны иҟоу атуристцәа ишахәҭоу рыдкылара шҳалшо», –  иҳәеит иара.

Акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵара аганахьала Аԥснытәи аихамҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит Аԥснытәи аихамҩа анџьныр хада   Леонид Ҟәыруа.

Иааубаратәы аҭагылазаашьа иацхраауеит афымцадәыӷба «Диоскурия» аушьҭра. Уи мышкахьы ҩынтә Шәачеи Аҟәеи ирыбжьалалоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me