Аҧсуараз ишаз, зыԥсгьы аҿҳәараз

Сынтәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз саб иашьа Мирод Гәажәба иҧсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы, ихыҵуазаарын 90 шықәса.

Даҽа хҭыскгьы – Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада, Ҳҧыза Ду Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи иареи рымшира ҽнак ауп – маи 14

«Ажәа ахы умҳәакәан аҵыхәтәа узҳәом». Аус ахьызуа агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы М. Гәажәба диижьҭеи 90 шықәса аҵра аӡбахә аныргәаласыршәа, «бара иҩы…» – ҳәа иаразнак инасабжьаргеит.

Аиашазы, зны изыҩхьеит саб иашьа изкыз сгәалашәарақәа зныҧшуа астатиа, даҽазныгьы – уи диижьҭеи 70 шықәса аҵра аиубилеи азгәаҭара иадҳәаланы.

Изыхҟьозаалакгьы, исзааигәоу, исызгәакьоу, сыуацәа-сҭынхацәа ирызкны аҩра сцәыуадаҩуп. Аҧсуаҵас иҧшӡам иутәу ауаҩы ирҽхәара, иӡыргара. Аха журналистк иаҳасабала  исуалуп  ҳәа исыԥхьаӡоит, дызусҭазаалак ауаҩы дзыҧсоу ала ихаҭара азааҭгылара.

Иага ус акәзаргьы, ҳамҭакы исхасыршҭуеит даара сзызгәыдуу саб иашьеи сареи ҳаиуара.

Дызусҭада Мирод Гәажәба?

Мирод Гәажәба ихьӡ ануҳәо, зегь раҧхьа ухаҿы иааиуеит – Аҧсуара. Мирод Гәажәба ихьӡи Аҧсуареи еизааигәоу, еишьашәалоу еилкаарақәоуп. Уи дреиуамызт Аҧсуара иныҟәнагоз, Аҧсуара ныҟәызгоз дыруаӡәкын.

Мирод Гәажәба зажәа ҟәышыз, ираӡаз, ихшыҩырҵагаз, ихәрабҕьыцыз, ҧсабарала даара иҟәышыз, здунеихәаҧшра ҭбааз, ибеиаз иакәын. Иҿабызшәа даара ихаан, сизыӡырҩландаз, дсацәажәаландаз ҳәа ауаҩы игәы азыҳәон. Ҭеиҭҧшлагьы даара деинаалан, деиҿкаан, зхы-зҿы еснагь аччаҧшь ықәыз уаҩы лашан, дызбаландаз угәахәратәы.

Ашьха қыҭа ҧшӡа Хәаҧ иалиааз Мирод Гәажәба ихәыҷра аамҭа уадаҩын, дшыхәыҷыз иаҳәшьа Наргизеи иареи ирыхьӡеит аеҭымра, абыдара. Мирод, зшьамхы дықәтәаз иаб Самҧал ишьамхы дааныхны, днаргыланы, дандырбаандаҩыртәуаз 2 шықәса ихыҵуан.  37-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан харада ахара идҵаны идырӡыз Аҧсны аҵеицәа дыруаӡәкуп Мирод иаб Самҧал Гәажәба.

Мирод иаҳәшьеи иареи, ран Кәакәа Аибеи раб иашьа Шәарах Гәажәбеи аеҭымра рынмырҧшкәан ирааӡеит. Аха усҟан аамҭа уадаҩ аиааира урҭ рымч ақәхомызт. Аҧсуа школқәа рҟны қырҭшәала аҵара аныддырҵоз иахаанхеит Мирод иҩызцәеи иареи. Уи иахҟьаны Мирод  3-класс заҵәык роуп дзылгаз, дшыхәыҷызгьы ихатәы бызшәа ааныжьны атәым бызшәа аҵара мап ацәикит. Аха иреиҳау аҵара ахьимамыз акала иҧырхагамхеит. Ҳәарада, акыр мыҟәмабарақәа ихигеит, аҧсҭазаара акыр дкыднаҟьеит, аха дазҧымҽит, иабацәа, иабдуцәа рыҕәҕәара, ргәаҕь ахьилаз аҟнытә.

М.Гәажәба зхатә гәаанагара змаз, зҿахәы аартны аҳәарагьы иацәымшәоз, агәаҕьра злаз уаҩын. Уи иарбан зҵааразаалак, инарҵауланы, хатә гәаанагарала ихарҭәааны, философ дук диаҩсуа аҭак аҟаҵара илшон. Аиашазы, ҵара дук имамкәан, ҧсабарала даара иҟәышыз ауаҩы ашәҟәыҧхьара дазҿлымҳан, бзиа ибон. Дызмыҧхьацыз аҧсуа шәҟәык ыҟамызт шамахамзар. Аҧсны иҭыҵуаз ашәҟәқәа, раҧхьа иаазхәоз дреиуан. Малс имаз ирхадан еиҿкааны имаз ихатә библиотека. «Исгәалашәоит, лассы-лассы Аҟәаҟа аҧсуа жәлар рзы иразҟыӡбагаз аизарақәа рахь данаалоз, ихатә ҩыза Нелли Кәакәасқьериа-ҧҳа илоуаз ауалафахәы абжа ашәҟәқәа алахәҳаны, игәыдыҳәҳәала иман агәашә дшааҭалалоз. Анаҩс, досу ҳақәра иаҵанакуаз ашәҟәқәа шаны «шәаҧхьа,»– ҳәа ҳнапы иаиркуан, «ашәҟәы џьара ишәыцәкамҳааит, ишәымҟьашьааит,» – ҳәа ишахӡыӡаатәугьы ҳаилыркаауа, аизараҿы иҟаз-ианыз ажәабжьеиҭаҳәара дшалагоз.»

Мирод Гәажәба ацәгьеи-абзиеи рҟны, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, еиқәтәа-еиқәгыла иҟаз аҧсуа хаҵан. Уи  ацәгьа ирҽеиуан, абзиа ирҧшӡон. Иаҧсуа маҭәа, ихылҧарч, ираӡны маҟа ҕьаз-ҕьазуа данаацәырҵуаз улаҧш идымхыларц залшомызт. Ацәажәара даналагалак зынӡа уиршанхон. Еиҕацәаз, ауаҩшьра зыбжьаз реиныршәара, рыбжьаҟазара илшон, иажәа хәрабҕьыцын. Досу инаалоз, ишьашәалоз, дзырхәыцуаз, иқәнагоз ажәа иҧшаауан, иҳәон.

Мирод Гәажәба еснагь гәҭыхас иман ҳбызшәа аҧеиҧш, ҳҵас, ҳқьабз, иааидкыланы, даҽа милаҭк ҳрылазмырҩашьо ҳҟазшьа аҷыдара, ҳхымҩаҧгашьа – ҳ – Аҧсуара аиқәырхара. Лассы-лассы уи  ииҳәоз игәаҵаҟнытә иаауаз ажәақәаны исгәалашәоит: «Ҳбызшәа Анцәа иумырӡын, ҳ – Аҧсуара еиқәырха, Аҧсны аҧсуа ида аҧшәыма даимуааит.»

Зыҧсҭазаара зегь Аҧсуара иазкыз Мирод Гәажәбеи аҧсуа интеллигенциеи еиҿцаауан. Уи иахь имҩахыҵуаз, ичеиџьыка агьама збахьаз асасцәа рацәаҩын. Лассы-лассы идҵаалоз, аҿар рахьтә имҩақәиҵоз аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа маҷҩымызт. Мызла ихәышҭаарамца аҟны зыҽзырҧхоз, изааигәаз, ҳаҭырла изыҟаз иреиуоуп: Владислав Арӡынба, Фазиль Искандер, Алықьса Гогәуа, Виачеслав Чрыгба, Нелли Ҭар-ҧҳа, Геннади Аламиа, Рушьбеи Смыр, Даур Занҭариа, Гәында Сақаниа-ҧҳа, Ермолаи Аџьынџьал, Николаи Шәынхәаа, Фениа Аҩӡ-ҧҳа, Валентина Лакәар-ҧҳа,  Аҳмаҭ Кәыџба, Мушьни Хәарцкиа уҳәа ирацәаҩны.

Мирод Гәажәба иашҭахь аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа рымҩахыҵра еснагь ныҳәак еиҧш еиҿкаан. Хаҭала, сара схәыҷ хшыҩ аҟны инхеит аҧшәмацәа шаҟа гәыхыҭ-хыҭрала асасцәа ирзыҧшыз. Агәыла-азла рыдгаланы аҵх шнаргоз, иандыршозгьы шыҟаз. Хәыҷгьы-дугьы ҳшьапы ҳақәгыланы асасцәа рымаҵ аауан, ахәыҷқәа ныҳәаҿацыҧхьаӡа «Амин» ҳҳәалар акәын саб иашьа, «Сашьа ду» ҳәа заҳҳәоз ишаҳирҵахьаз ала. Уи ихатә ҩыза, Нелли Кәакәасқьериа-ҧҳа «Мама ду» ҳәа заҳҳәоз, асасцәа рныҟәгара дзышьцылахьаз акәын, ааҧсарак лхы-лҿы ианубааломызт. Уаха шаанӡа дырхагьежьуа рымаҵ луан, лаҧсуара ишлыднаҵоз ала. Аиашазы, сашьа ду, Мирод Гәажәба ихьӡ аӡыргараҿы уи илыбзоуроу рацәоуп, дарҕьажәҩаҵәҟьаны дивагылан.

Мирод Гәажәба аҿар гәцаракрыла ды­рзыҟан. Агәырҵҟәыл зманы, абаҩхатәра зланы, акыр злыҵша, аҧхьаҟа ҳажәлар ир­ыхәаша, иӡырызгаша ҳәа иибоз, дсуоуп, дысҭынхоуп, дсыжәлантәуп ҳәа еилых ҟамҵакәан рымҩақәҵараҟны ацхыраара риҭон. Имаҷҩым уи ибзоурала еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла иреиҳау аҵараиурҭақәа хзыркәшахьаз, анаҩс – зхатәы мҩақәа ылызхыз.

Аамҭаказы, залымдарала Қа­рҭ ир­баа­ндаҩра аамҭазы, мышкы ахақәиҭразы ирҭоз аамҭа ихы иархәаны, усҟан уаҟа аҵара зҵоз аҧсуа студентцәеи иареи ҷыдала реимадара, реиҿцаара шьақәырҕәҕәаны, еиҿкааны иман. Еиҳабык иаҳасабала дызшьоз, анаҩс Мироди дареи аиҩызара зыбжьалаз иреиуоуп усҟан еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла аҵара зҵоз «Мирод сиааӡамҭоуп, уи ишкол сҭан, иуниверситет салгеит, ибзоуроу рацәоуп уаҩык иаҳасабала сышьақәгылараҿы»– ҳәа иахьа изҳәо иреиуоуп: афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Лили Ҳагба, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Екатерина Бебиа, абаҩхатәра злоу, еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа: Амиран Адлеиба, Сергеи Ҵәыџьба, Витали Џьениа, Витали Қацәба уҳәа убас егьырҭгьы.

Ахыҧша бза змаз, ауаҩреи, аламыси, агәаҕьреи, ахаҵареи злаз, заҧсуара ҳаракыз, ажәытә-аҿатә здыруаз ныҟәаҩцәан, ҽҟазацәан, шәаҳәаҩцәан, кәашаҩцәан Мирод дызхылҵшьҭраз Гәажәаа.

Гәажәаа рабшьҭра аиҳабӡа, ажәытәан ашьоура ахьӡ анамаз, забхәараа ршьа зухьаз, уаҩы нарҳаран Хәырбыц.

Хәаҧ ақыҭан, Аҽамҩа ҳәа иа­хьашьҭоу ацаҟьа иалхәраа илеиуа аӡыхь хьшәашәа иахьӡуп – Хәырбыц иӡыхь.

Уи аҭоурых иаазыркьаҿны иаарԥшуп, З.Џьапуеи Р.Гәажәбеи еиқәдыршәаз, Мирод Гәажәба ишә­ҟәы «Хәырбыц иӡыхь» аҟны: «Хәырбыц иӡыхь ахьӡ зыхҟьаз уи ауп: еидысларак ашьҭахь ауаа Нхыҵынтә абра Хәаҧынӡа иааигеит Хәырбыц. Усҟан уа бнаран. Абри аӡыхь ахықәан итәеит, рыҧсы ршьеит. «Анаџьалбеит, арҭ уаами» ҳәа, иааигаз ауаа ашьтәа рызшьны, акрырҿаҵаны, рымҩаныфа рыҭаны, инаскьаганы, рыҩныҟа иргьежьит. Ауаа рҳәынҷара аҵыхәа ҧиҵәеит. Убри нахыс абри аҭыҧ «Хәырбыц иӡыхь» ахьыӡхеит.

Гәажәаа, даҽакала, ржәытә-рҿатә, рҭоурых здыруа, ҳаҭырла ирзыҟоу ирызгәдуны, урҭ руаҩреи рхаҵареи ирдырганы «Хәырбыц иҧацәа» – ҳәа ирышьҭоуп.

Хаҵара згымыз абшьҭра ир­хы­лҵыз, забацәа, забдуцәа ргәыжәла, ргәаҕь зызҭаз Мирод Гәажәба ҳа­ҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла, хьаҳәхьачарак ҟамҵакәан иаҧсуа шәақь аашьҭхны уи ахьчараз дгылеит.

Аҧсадгьыл ахьчараан, абџьарла мацара акәмызт Мирод Гәажәба дшеибашьуаз, иажәеи ихшыҩи ахьаҭахыз мап рцәикуамызт. 1993 ш. Марттәи ажәылара ашьҭахь, рацәак мырҵыкәан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс иҟаз Владислав Арӡынба идҵала, Фениа Аҩӡ-ҧҳаи, Рушьбеи Смыри иареи, насгьы Ҭырқәтәылантәи Аҧсны еибашьуаз ҩыџьа: Мзафер Џьокәуа, Арсин Ҷкәуа  еидызкылоз агәыҧ Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵан. Урҭ уахь рцара хықәкыс иаман, ҳџьынџьуаа Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа реилыркаареи рыҧсадгьыл ахь рхьарҧшреи. Аиашазы, урҭ мызкы Ҭырқәтәыла рыҟазаара алыҵшәа бзиа аман.

Мирод Гәажәба Аҧсны ахи аҵыхәеи иӡбахә змаҳац, иззымдыруа шамахамзар, дуҧылом.

Аҧсны инаҷыданы, хаҭала, ҳџьынџьуаа ахьынхо Ҭырқәтәыла 30-шықәса раҧхьа дызбаз, иахьа уажәраанӡагьы иргәалашәоит иажәа ҟәышқәа. Ихаҿсахьа еинаала, иҭеиҭҧш, итәашьа-игылашьа, аҧсуа маҭәала иеибыҭашьа, ажәакала, еицамкуа аҧсуа нхаҩ ихаҿсахьа змаз ауаҩы наӡа рыбла дхымҵуа ргәалашәараҿ даанхеит. Уи ус шакәу хаҭала, агәра згеит Ҭырқәтәыла сыҟазаараан.

Аибашьра анцоз аамҭазы, Мирод Гәажәба ахырҕәҕәарҭаҿы зааныжьра ицәыуадаҩыз , «Сыҷкәынцәа» ҳәа заиҳәоз иеиҵбацәа, иҩызцәа еибашьцәа игәы ишыҵхозгьы, ҳамҭакы иныжьны, ҳажәлар реидкылара, ргәы ашьҭыхра иазкны акырынтә дықәгылахьан  Аҧ­­суа телехәаҧшралеиҧш, Ур­ыстәылатәи аканалқәа рҿгьы. Усҟантәи иажәақәа гәнызкылаз, дызгәалашәо рацәаҩуп.

Мирод Гәажәба аҧсҭазаараҿы ҽырбашақә акәымкәан, гәыла-ҧсыла зыжәлари зыҧсадгьыли ирзыҟаз  зхы-зыҧсыгьы рыхҭнызҵаз дыруаӡәкуп. 57 шықәса ирҭагылаз, зуаҩыбжара инахыҳәҳәахьаз аҧсуа хаҵа деибашьуан Гиви Смыр напхгара зиҭоз аҧшьбатәи абаталион аҟны, араҟа иаргьы комиссарс дыҟан. Дҭахеит Аҟәа ахақәиҭтәраан, 1993 шықәса, сентиабр 18, Аиааира мышқәак шагыз. Данҭаха ашьҭахь уи аибашьраҿы иааирҧшыз илшамҭақәа рзы ианашьан Леон иорден.

Амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара иалахәыз, калам ҧынҵалеи ҿаҧыцлеи еснагь еибашьуаз Мирод Гәажәба лассы-лассы агазеҭқәа: «Бзыҧ», «Аҧсны ҟаҧшь» рҿы иҩымҭақәа икьыҧхьуан, урҭ рдаҟьақәа ирниҵон амца зҿықәыҳәҳәо иҟаз астатиақәа.

Данҭаха ашьҭахь, 2006 шықәсазы иҭыҵит, акыршықәсқәа аус здиулоз инапылаҩырақәа реизга. З. Џьапуеи Р. Гәажәбеи еиқәыршәаҩцәас измоу «Хәырбыц иӡыхь» еиднакылоит Аҧсуараз ииз, Аҧсуара зыҧсы аҿҳәарахаз ауаҩы лаша игәаанагарақәа, игәалашәарақәа.

Иахьагьы акьыҧхь зымбац М. Гәажәба инапылаҩырақәа маҷымкәан ихатә библиотекаҿ ишьҭоуп. Хаҭала, аибашьраан ииҩуаз амшынҵақәа шамахамзар еиқәымхеит.

«Уи  дыҟан Аҧсуараз» захьӡу, ашәҟәҩҩы, апублицист, агазеҭ «Аҧсны» акыршықәса инеиҧанкыланы редакторс иамаз Борис Ҭыжәба, Мирод Гәажәба ихаҭара дазааҭгыло, агазеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа рҟны иҩуан: «Ауаҩра ду, Аҧсҭазаара ду гәыс-ҧсыс изхаз Мирод ҵара дук шимамызгьы, дышәҟәҩҩын, дпублицистын, дпатриотын, дфилософын. Уи заҧсуара ҳаҭырла иныҟәызгоз аҧсуа хаҵан. Иара дацәымҩашьахуа идыруан амилаҭ рыҕәҕәара ахьыҟоу рҽеидкылараҿы шакәу…»

Аиашазы, кьыҧхьымҭак иуз­ҭа­гӡом Мирод Гәажәба ихаҭара  аарҧшра. «Аҽы ҧсыр адәы аҭынхоит, ауаҩы – иажәа» – рҳәоит. Мирод Гәажәба иакәзар, иахьа цәала-жьыла ижәлар дрылагылам, аха, иажәа ҟәышқәеи ихшыҩ рҵагеи ҳамҩақәырҵоит. Зны-зынла иаҳныруеит уи  шаҟа дҳагу, ихшыҩи иажәеи шаҳзымхо. Абарҭқәа рыла игәалашәара наунагӡа иаҳзынхоит игәакьацәа, иуацәа, дыздыруаз, ҳаҭырла изыҟаз зегьы.

Уи ус шакәу шьақәнарҕәҕәоит, дышҭахоз иныруазшәа, иҭахара хәыҷык шагыз ииҩыз ацәаҳәақәа. Иҳаҭгәын иахагылоу ахаҳә иануп урҭ ажәақәа:

 

Аҧсшәа аҧсуа ибызшәоуп,

Аҧсуа бызшәа ыҟанаҵ –

Сыжәлар ыҟазаауеит.

Сыжәлар ыҟанаҵ –

Сҟалоит схаҭагьы.

 

Алиса Гәажә-ԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me