Аслан

Аслан

Аҳәынҭқарратә герби Аҳәынҭқарратә бираҟи ирызкыз азакәанқәа рыдкылара ҟалеит аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара акырӡа зҵазкуа аетапқәа ируакны.

15 шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит Асҭанда Чачибаиа сахьаркыратә напхгаҩыс дызмоу ахәыҷтәы ансамбль «Ашара» еиҿкаауижьҭеи. 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа еидызкыло ари ансамбль шоит х-гәыԥкны: аиҵбыратә, абжьаратә, аиҳабыратә. 4 шықәса раԥхьа «Ашара» афилиал Гәдоуҭа ақалақь аҿгьы иаартхеит.

Аԥсны абираҟ Амш

Ԥхынгәы 22, 2024

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа  Аҟәа еиҿкаахоит.

Асааҭ 19:40 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟнытә Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟынӡа абираҟқәа кны аныҟәара мҩаԥгахоит.

Асааҭ 20:00 рзы атеатр ашҭаҿы аҟазаратә коллективқәеи аестрадатә артистцәеи злахәу аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

Зхатә ҷыдара змоу, зегь реиҳа ицқьоу аӡыхьқәа рхы ахьыҵырхуа, аԥсуа мца жжаӡа иахьеиқәу ақыҭа даҽакы иалаҩашьом. Араҟа ауп ааԥсара зқәым анхаҩы адгьыл дахьықәаарыхуа, арахә ахьиааӡо, ишьхымзагәара «аҽыуаҩ дызрыкәымшо» иахьгылоу.

Шьыбжьон. Аҩны ашьҭахь ашәшьыра сыҵатәан ашәҟәы сзыԥхьоз сарааԥсан насҭха иқәысҵеит. Сылаԥш нарыдхалеит амра ашәахәа зқәыԥхоз сабдуи, уи иаби, ааигәа здунеи зыԥсахыз, саныхәыҷыз сзааӡаз сандуи рҳаҭгәынқәа.

«Аҟәа Опен – 2024»

Ԥхынгәы 20, 2024

Ашахмат Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз, Аҟәа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҟны иаатит, 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны араионқәеи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟнытә, уи аспорт хкы иазҿлымҳау ахәыҷқәеи аиҳабацәеи еидызкылаз, есышықәсатәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Опен-2024».

Агәырӷьаратә мшы

Ԥхынгәы 20, 2024

Иахьа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, "Кәыдры ахақәиҭтәрази" "Аиааирази" амедалқәа занашьоу, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.
Диит 1974 шықәсазы ԥхынгәымза 20 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.

Иҳаҩсхьоуи иҟалашеи еиҟәыҭхашьа рымам. Ажәлар ражәа баша иаламзар акәхап, зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имам ҳәа зыхшыҩҵак ҵаулоу аҳәахьагьы.

Ҳажәлар ианакәызаалак ҳаҭыр рзақәын аҭоурых, ҳазхылҵшьҭроу рдоуҳа иаҟәырҷахоу агәалашәарақәагьы уи иахәҭа хадоуп. Ауаҩы ԥхьаҟатәи иԥеиԥш иҳдырра ианыԥшуазарц ииасхьоу аамҭақәа ргәалашәара имырӡуазароуп, урҭ рахьтә алкаақәа ҟаҵаны идунеиеилкаара шьақәиргылаларц.

Абахә иаҿыбгаз ахаҳә ду какәкәа хланҵы ишҭало аиԥш, адунеи ацәа иҭазырӡыӡоз Асовет Еидгыла ахыбгалара иаҿын. Ари асистема ҳзеиқәырхозар ҳәа аҵыргәақәа аҵадыргылон, аха ахьанҭара рзычҳауамызт, лабыҵәҵас еилаԥыҵәҵәон.

Ихьанҭоу атлетика азы Урыстәыла имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы Елҟан Гәазаа араӡны медал даԥсахеит.

Зыкапан 61 килограмм рҟынӡа инаӡоу рыбжьара Урыстәыла имҩаԥысуаз ачемпионат аҿы Елҟан Гәазаа араӡны медал даԥсахеит.

Елҟан иӡыригоз атәыла Ҭаҭарсҭан акәын. Ари аиндаҭлара Новосибирск имҩаԥысуан, рхы аладырхәит 300-ҩык аспортсменцәа.

Ревекка Воуба

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me