Аҧсны ажәытәӡатәи ақьырсиан тәылақәа ишреиуоу азы шаҳаҭра руеит уи ахы-аҵыхәа игылоу ақьырсиан баҟақәа, ауахәамақәа, аҧшьаҭыҧқәа.
Сынтәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз саб иашьа Мирод Гәажәба иҧсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы, ихыҵуазаарын 90 шықәса.
Маи 21 азы 161 шықәса ҵит аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Уи иахҟьаны 19-тәи ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьит, Ҭырқәтәылеи Мрагылара аиигәа еиуеиԥшым атәылақәеи рҟны ахкыдкыларҭа рыԥшааит.
Маи 20 рзы Аҟәа ақалақь акультура аусбарҭа иатәу Ацентртә библиотекаҿы имҩаԥысит абаҩхатәра злаз апоет, апублицист Рауль Лашәриа диижьҭеи 80 ш. аҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба акадрқәа амаҵурақәа раҭаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Ишдыру еиԥш, маи 2 ауха аԥшатлакә асит, иаҳараӡак уи аҽарӷәӷәеит Тҟәарчалтәи араион аҟны, ҭыԥқәак рҟны иаҳа иԥсыҽын.
Аҧсуа жәлар абзиара рзеиҕьазшьоз зегьы рзы иналукааша ари ауаҩ акырӡа даҧсахеит. Зегьы деиҧшны ихәаҧшуамызт Аҧсны иаҿагыланы бзиарак зымхәыцуазгьы.
Владислав Григори-иҧа Арӡынба сара дыздыруан 1980-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазгьы, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аҟны аус анызуаз.
Ԥсрала аԥсра даиааины, шәара шәуаӡәк соуп ҳәа ауаатәыҩса еиқәирхарц ирзыхынҳәыз Анцәа Ду Иԥа Иаса Қьырса уанизхәыцуа, длаша-лашо даацәырҵуеит аԥсуа жәлар ԥсҿыхҩыс ирзыҟалаз Владислав Арӡынба.