Азамаҭ Чуаз иажәақәа рыла, 2026 шықәсазы ақалақь абиуџьет 97 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аха иҟоу афинансқәа реихшаратә система аҵакырақәа рыҿиараҿы алшарақәа ԥнакуеит.
«Аҳәынҭқарра ахада инапынҵала иаԥҵан акомиссиа, уи хантәаҩыс даман аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба. Ари аҩыза аԥшьгара ҟарҵеит Пицундатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа, ҳара ҳаиқәшәаны ҳилацәажәеит, иагьаҳаӡбеит аидеиа еицынаҳагӡарц», — ҳәа азгәеиҭеит Чуаз.
Ареформа хықәкы хадас иамоуп Афон Ҿыц аҭыԥантәи азинмчхарақәа рырҭбаареи аусбарҭа аусура арццакреи.


