200 инарзынаԥшуа аконсультациақәа мҩаԥыргеит Урыстәылатәи амедецинатә центрқәа рекспертцәа

Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭаҿы ателемедицинатә платформа аусура ианалага инаркны (жәабранмза 20, 2025ш.) иԥхьагылоу Урыстәылатәи амедецинатә центрқәа рекспертцәа, 200 инарзынаԥшуа аконсультациақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Кулаков ихьӡ зху ахәыҷышьҭыхратә, агинекологиатә, ахшараиурҭатә милаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр, Рогачев ихьӡ зху ахәыҷтәы гематоматә, онкологиатә милаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр, А.Н.Бакулева ихьӡ зху агәы-шьадатә чымазарақәа рхирургиа амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр.

Аконсультациақәа рылҵшәақәа рыла афедералтә специалистцәа ишьақәдыргылоит аофициалтә медицинатә лкаа. Аусшәҟәы азинмчы амоуп, уи ачымазаҩ ичымазара аҭоурых ианҵахоит. Иаргьы аҳақьымгьы рзинқәа ахьчоит.

«Ателемедицина ҳаспециалистцәа рзанааҭдырратә ҩаӡара аизырҳаразы алшарақәа рацәаны ирнаҭоит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Хаҭхәа. Арҭ абжьгарақәа иуадаҩу ачымазарақәа рыхәышәтәреи агәаҭарақәа рымҩаԥгареи раан аҳақьымцәа ирыцхраауеит».

Атәылауаа зегьы ателемедицина алшарақәа рхы иадырхәар рылшоит атәыла егьырҭ амедицинатә усбарҭақәа рҳақьымцәа рыцхыраарала. Уи азы ачымазаҩ имедицинатә шәҟәқәа Аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭахь инашьҭхоит, уантәи ателемедицинатә центр аспециалистцәа иалху НМИЦ ашҟа ирышьҭуеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me