Аслан

Аслан

Иниакәкәа ицеит ҩажәи жәеиза шықәса. Ԥсҭазаарак зҭаугӡаша ари аамҭа, аибашьра зхызгаз, аибашьра ашьҭахьгьы ихьанҭаз аамҭақәа ирхысыз, иахьа аҿиара амҩа иану иқәыԥшу аҳәынҭқарразы қәра дуӡам аихшьаалақәеи алкаақәеи рыҟаҵаразы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иахаану зегьы ҳаԥсҭазаара уаанӡеи уи ашьҭахьи ҳәа еиҟәызшаз аибашьра хлымӡаах, иагьа аамҭақәа царгьы ҳгәалашәарақәа ирнымҵуа акәны иаанхоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи ргриф ала Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аиубилеи аҳаҭыр азы ааигәа иҭыжьуп «Абиблиографиатә рбага».


Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы иҭыжьу ашәҟәы аҟны еидкылоуп уаанӡа хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьаз исахьаркыратә ҩымҭақәеи ажурналқәеи, агазеҭқәеи, аизгақәеи ирнылахьоу ипублицистикатә статиақәеи рбиблиографиатә рбага. Уи еиқәыршәоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.
Аҭыжьымҭа еиқәдыршәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иаҵанакуа ашәҟәытә палатеи амилаҭтә литературеи атәылаҿацәҭҵаареи рыҟәшақәа.
Аҭыжьразы аҭакзыԥхықәу ­ҳәа иԥ­­­­­­хьаӡоуп: Б.Ҷолариа, А.Агр­­­б­а. Еи­қәдыршә­еит: Л. Бе­рул­аа­, Л.­­­­­Шьынқәба. Компиутерла аи­­қәыршә­а­ҩс дамоуп С.Белогур, ади­з­аин – ­И­. Елерџьиа.
Абиблиографиатә рбагаҿы иалкааны иазгәаҭоуп Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература. Уи қәкыс иамоугьы иҟоу алитература аилыркаараҿы, ардырраҿы аԥхьаҩцәа инарҭбааны ацхыраара рыҭара ауп.
Арбагаҿы ишазааҭгылоу еиԥш, уи шьаҭас иамоуп Амилаҭтә библиотекаҿы еиқәыршәоу акатало­ги акартотекеи, насгьы Л.Тарнааи Шь.Гәарамиеи апоет изку рбиблиографиатә рбагақәа, У. Аҩӡба еиқәиршәаз «Аԥсуа биографиатә жәар», «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи алитер­ату­ра­­ҭҵааҩцәеи рышәҟәқәа», В.­Би­гәаа, В.Аԥҳазоу рышәҟәы «Аԥс­уа­­ шәҟә­ыҩҩцәа: абиблиографиатә жәар» (урысшәала).
Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа «Абиблиографиатә рбага» рхы иадырхәар рылшоит, алитератураҭҵааҩцәа реиԥш, арҵаҩцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, Д.И. Гәлиа ирҿиаратә мҩа иазҿлымҳау зегьы.
Ашәҟәы ахархәаразы иманшәалоуп, еихшоуп абарҭ ахқәа рыла: иналукааша ашықәсқәа; Д.И. Гәлиа иаазыркьаҿу ибиографиа; ирҿиамҭақәа, иҩымҭақәа реизга; иалкаау; хазы иҭыжьу асахьаркыратәи аҭҵаарадырратәи усумҭақәа; аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәа; Д.И. Гәлиа исахьаркыратә ҩымҭақәеи ипублицистикатә статиақәеи ажурналқәа, агазеҭқәа, аизгақәа рҟны; иҩымҭақәа, аиҭагақәа; Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература; Д.И. Гәлиа изкны ажәеинраалақәа; Д.И. Гәлиа изкны аҳәамҭақәа.

Вахтанг Аԥҳазоу

Ааигәа иҭыҵит изаамҭану ахәыҷтәы ажурнал «Амцабз» №4-5. Уи раԥхьатәи адаҟьаҿы иануп Лиолиа Тәанԥҳа аԥсадгьыл иазку лажәеинраала «Уара дуцуп Анцәа». Анаҩстәи адаҟьаҿы икьыԥхьуп Д. Гәлиа раԥхьаӡа ахәыҷтәы журнал «Амцабз» анҭыҵыз 1957 шықәсазы ахәыҷқәа ишрыдигалоз, насгьы уи иажәеинраала «Сабдуи ааԥынреи».

Аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, аԥсуа алфавит аиқәыршәаҩ, аԥсышәала раԥхьатәи асахьаркыратә шәҟәы – «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи, апоема – «Арԥызбеи аԥҳә́ызбеи рысалам шәҟәы», раԥхьатәи ажәабжь – «Атәым жәҩан аҵаҟа», ароман «Камаҷыҷ», адрама – «Анаурқәа» уҳәа раԥҵаҩы, раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьҩы, редакторсгьы иамаз ҳлитература абду, арккаҩы, ааӡаҩ, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса ҵит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар риааира сынтәа 31 шықәса ахыҵит. Аибашьра аветеранцәа уи аамҭа аныргәаладыршәо, даара ирныԥшуеит. Усҟан ҩажәеи акы шықәса зхыҵуаз, аибашьратә мҩа ианысыз Оҭырба Руслан Есмеҭ-иԥа ацәажәара дналагеит:

Жьҭаарамза 16-17 рзы В.Тҳаԥсаев ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр Аԥсны иаҭаауеит.

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы ахәаԥшцәа  идырбахоит Уилиам Шекспир испектакль «Аҳ Лир» (арежиссиор Гиви Валиев) иара убас Етель Воинич лырҿиамҭа «Овод» (арежиссиор Ельдар Трамов).

Ақәгыларақәа алагоит асааҭ 19:00 рзы, абилеҭқәа раахәара ҟалоит атеатр акассаҿы.

Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ацхыраарала.

 Аманда Анталаа

Октиабр 4 азы Москва, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Урыстәылеи Аԥсни адәныҟатәи русқәа Рминистррақәа рхадацәа Сергеи Лаврови Сергеи Шамбеи реиԥылара. Урҭ рҿаԥхьа ишьҭан Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рылацәажәара.

1992 шықәса октиабр 2 азы ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы раԥхьатәи аиааира ган – ахы иақәиҭтәын Гагра ақалақь.

Октиабр 6 азы аԥсуа еибашьцәа кылсит Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаахь. Аԥсны зҭакыз амацәаз аҵыхәа ԥҵәан.

  • Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа:

Жьҭаарамза 9 рзы-ахԥатәи Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Opera Viva» аартра.            Жьҭаарамза 10 рзы ахԥатәи Жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Opera Viva» аҳәаақәа     ирҭагӡаны, Вадим Судаков ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә капелла аконцерт.

  • Аԥсуа драматә театр

Жьҭаарамза 9 азы, асааҭ 19:00 рзы- аспектакль «Ҳауа идагәада».

Жьҭаарамза 11 азы, асааҭ 19:00 рзы- «Rock-n-roll на скамейке» ҳәа хьӡыс измоу, арежиссиор Гәдиса Ҭодуа имоноспектакль. Ароль хада-ароль заҵә налыгӡоит Гәында Ажьиԥҳа.

  • Аԥсуа ҿар ртеатр

Жьҭаарамза 7 азы , асааҭ 19:00 рзы-аспектакль «Аԥеиҳаб».

  • Аурыс драматә театр

Жьҭаарамза 7 азы, асааҭ 19:00 рзы аспектакль «Кьоджинские перепалки». Жьҭаарамза 8 азы, асааҭ 19:00 рзы-аспектакль «Ацынҵәарах».

Жьҭаарамза  9, 10 рзы- аԥсихологиатә спектакль «Аметод».

  • SKLAD

Жьҭаарамза 11-нӡа, асааҭ 12:00 инаркны 20:00 рҟынӡа- «Аҵлацәҟьагьы иагәалашәом» ҳәа хьӡыс измоу  Лилит Матевосиан лхатә цәыргақәҵа.

  • Пицундатәи аконцерттә зал

Жьҭаарамза 8, 11, 13 рзы асааҭ 17:00 рзы-Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа инаигӡо аоргантә музыкатә концерт.  

   Аманда Анталаа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me