Владимир Ҳаразиа диит Џьырхәа ақыҭа. Иаб Камсагә Кьаразаа дрылан, аԥсҭазаара ҿыцаз дықәԥаҩын. Володиа даныхәыҷыз инаркны рыҩнаҭаҿы еизон «Кьараз» иалаз ахацәа, уаҟа ирылацәажәон Кьахь Ҳаџьараҭ, Инаԥҳа Кьагәа уҳәа рфырхаҵарақәа ирызкыз ажәабжьқәа. Ҳәара аҭахым, Володиа хәыҷы ари аҩыза ахҭыс иаҩижьуамызт, дышхәыҷӡазгьы ацәа иааимнахаанӡа дтәаны дырзыӡырҩуан. Ашколқәра даҵанакуа даныҟала нахыс аспорт дазҟазан, аҩра, аԥара, ақәԥара аҿы иҩызцәа зегьы ираԥигон, ибаҩ ицәыласын. Уи зынӡак дқәыԥшӡан сшәарыцоит ҳәа ашәақь анышьҭихыз. Иҭынхацәа иргәаладыршәон, «Володиа ахәмаррахьынтәи имаҭәа еибганы дыхнымҳәыцызт» ҳәа.
1925 шықәсазы дҭарҵеит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ, 1931 шықәсазы Аҟәатәи аԥсуа школахь диасит. Абраҟа абжьаратә ҵара хыркәшаны игәаԥхарала дҭалоит Қарҭтәи артиллериатә ҵараиурҭа. Хьыӡла-ԥшала далгеит уи 1939 шықәсазы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду актәи амшқәа инадыркны Владимир аибашьра далагылан.
«Сара суалԥшьа насыгӡоит, иҭасырхоит хамеигӡарада ақәылаҩцәа, урҭ аӡәгьы ҳадгьыл ишьапы ықәымгылароуп. Шәара сызшәыҳәо аколнхараҿы аус бзиан ижәула, шәрыцхраала Ар ҟаԥшьаа аӷа дҭазырхо», – абар ииҩуаз асалам шәҟәы иҭаацәа рахь.
Уаҩы ихаҿы изаамго афырхаҵара ааирԥшит Владимир Ҳаразиа маи 16, 1942 шықәсазы Украина, Харковтәи араион, Весиолое ақыҭан иҟаиҵаз аҿагылара ала. 26 шықәса ирҭагылаз алеитенант еиҳабы, артиллериатә дивизиа акомандаҟаҵаҩы идҵала алемсаа ртанктә колонна ааныркылеит, иҭадырхеит уи иашьҭагыланы иааиуаз ашьаҟауаа, 150-ҩык инарзынаԥшуа, атанкқәа 30 рҟынӡа, иара ихаҭа 8 танк ҭаирхеит, ахы аниқәшәа ицхраарц ишҟа зҿаазхаз иҩызцәа рахь ҿааиҭит: «Шәҭыԥқәа нышәмыжьын, алемсаа ҭахароуп!» ҳәа. Абасала, иԥсҭазаара нақәҵаны иҩызцәагьы иаргьы еиқәдырхеит астратегиатә ҵакы змаз Харковтәи азауад, иаанкылан алемсаа ртанктә колонна.
Ииун 2, 1942 шықәсазы Володиа Ҳаразиа СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аусԥҟала Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсартәит, данҭаха ашьҭахь, аҳамҭа ҳаракқәа – Ахьтәы еҵәеи Ленин иордени иани иаби ирыҭазааит ҳәа азгәаҭарагьы ҟаҵан. Уи атәы аҳәон агазеҭ «Правда» ииун 3, 1942 ш. рзы иҭыҵыз.
Аибашьҩы ҳамҭак, хьӡык сырҳандаз ҳәа деибашьуам, аха уи иаԥсахаз Афырхаҵа иҭаацәа, иабиԥара ироуроуп, иԥшьоу ҭынхак еиԥш еимырдалароуп. Усеиԥш ирацәаҩгәышьоуп зфырхацәа змыԥшаац аҳамҭақәа.
Аԥсны ахьӡ ҭызгаз Володиа Ҳаразиа 70 шықәса рышьҭахь, 2010 шықәсазы ауп ианаршьаз аҳамҭақәа Аԥсныҟа ианааз, уи рыбзоуроуп: ажурналист нага Сергеи Чакветаӡеи, Аԥсны аветеранцәа Реидгыла иахагылаз Аибашьра ду аветеран Алеқсандр Ҭариеи, Аԥсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориеви. Арратә ԥҟара ишаҳәо ала, иҭахаз иҳамҭақәа иҭаацәа рнапаҟны рыҭара ахәҭоуп, аха дара ақәшаҳаҭны Аԥсны аҿахәы зҳәо аҭоурыхтә хәышҭаара, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭоуп, изырҵабыргуа ашәҟәқәа рыцҵаны.
«Аҭоурых иадыруеит Аԥснытәи Аибашьра ду иалахәыз рахьтә Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зегь раԥхьа изыхҵаз Џьырхәатәи арԥыс Владимир Ҳаразиа шиакәу.
Иалкаатәуп иара иашьа еиҵбы Иван Камсагә иԥагьы уи ашықәсан аибашьраҿы дышҭахаз. Аԥсадгьыл ду рхы ақәырҵеит иара убас уи иаб иашьа иԥацәа ԥшьҩыкгьы: Маџьыҭ, Џьамал, Шьаақьыр, Џьамфер – Хәсин иԥацәа.
Владимир Ҳаразиа ихьӡ анаунагӡатәраз дахьиз иқыҭа гәакьаҿ иқәыргылоуп ибаҟа, аԥсуа литература аклассикцәа изыркхьеит ажәеинраала шьахәқәа: Дырмит Гәлиа «Афырхацәа рфырхаҵа изы ашәа», Баграт Шьынқәба «Владимир Ҳаразиа», «Ауасиаҭ» убас иҵегьы. Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәеи Гәдоуҭа ақалақьи рмҩадуқәа ихьӡ рыхҵоуп. Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа Аԥсны аҵеицәа ргәеилыххара, рфырхаҵара иасимволны иҟалаз Ҳаԥсадгьыл ду зқәыԥшра, ахҭнызҵаз ихьӡ-лаша хашҭра ақәлом!
Наира Сабекиа


