Аслан

Аслан

Здоуҳамч ӷәӷәоу

Жәабран 17, 2025

Ааигәа лиубилеи азгәалҭеит Аԥсны Афырхаҵа, ауаажәларратә усзуҩ, ҷыдала, ҳҭоурых аиқәырхараҿы зџьабаа рацәоу, В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Мзиа Бе­иа-ԥҳа.Уи лиубилеитә ныҳәа мшы инамаданы ҳлыҿцәажәеит ҳаргьы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә комиссиа Хада ажәлар ирыланаҳәеит заанаҵтәи алхрақәа рлҵшәақәа. Дмитри Маршьан иажәақәа рыла алхрақәа хыркәшахеит алхра, Азакәан инақәыршәаны. Ҩыџьа акондидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи аҩбатәи атур ахь инеит.

Бадра Гәынба - 46,38%

Адгәыр Арӡынба - 36,92%

Роберт Аршба: 7,54%

Олег Барцыц - 4, 04%

Адгәыр Хәырхәмал - 0,97%

Заанаҵтәи алҵшәақәа рыла алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит март 1 азы.
Актәи атур аҟны иааидкыланы алхрақәа рышҟа инеиит 69 %.
99 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыбжьы арҭеит

Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иацҵо Аԥсны алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан 21 сааҭ рзы имҩаԥигаз апресс - конференциаҿы иазгәеиҭеит Аԥсны алхрақәа шымҩаԥысыз.

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы асааҭ 15 рзы ажурналистцәа ириҭаз адырраҭарақәа рыла, зыбжьы зҭихьо рхыҧхьаӡара наӡоит:

Алхрақәа - Ҭхьына

Жәабран 15, 2025

Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан алхратә ҭыԥ № 6 алхратә ҭыԥ хада № 29 аҟны абжьыҭаразы асиа иануп 457-ҩык, уи ахыхь ааҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә згәабзиара уашәшәыроу, аҩны зыбжьы зҭиуа рхыҧхьаӡара 68-ҩык.

Иахьа, февраль 15 рзы имҩаԥысуеит Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара.

Алхратә ҭыԥ № 1, алхратә ҭыԥ хада № 5 аҿы инеиуаз ауааԥсыра рхыҧхьаӡара маҷҩымызт.

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ашьыжь асааҭ 9 рзы ишиашоу ицо аефир аҿы ишиҳәаз ала, ашьыжь асааҭ 8 рзы Аԥсны иаатит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа, алхырҭатә ҭыпқәа зегьы. Иара убас Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.
Жәабран 14 рзы Аҟәа иаатит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр.

Февраль 13 азы Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭаҿы имҩаԥысит Азеиԥшурыстәылатә уаажәларратә хеидкыла «Россия Молодая» Краснодартәи арегионтә ҟәша Ахеилак Аԥсны ҳамҭас ианаҭаз ацхыраара ласы автомашьынақәа «Газель Next-и» еиҭаҵуа амедицинатә комплекси рыҭара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me