Адунеи еиқәзырхо

Ҟабарда-Балкариа аҳҭны-қалақьаҿы, иаҳхысыз ашықәс аҵыхәтәантәи амшқәа руак азы имҩаԥысит даара азҿлымҳара ҳаракы зҵаз аусмҩаԥгатә.

Уи, Ҟабарда-Балкариа 20­­25 шы­қәсазтәи Аԥшӡа лалкаара иа­зкыз аиндаҭларатә қәгылара­қәа ракәын. Шәҩык инареиҳаны зеи­наалашьа ухнахуаз аҭыԥҳацәа ираԥылгеит В.М.Коков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә аграртә университет астудент, 17 ш. зхыҵуа Диана Лагиева, уи аиндаҭлара аӡбаҩцәа иланаршьаз аԥхьахә хада «ҞБАр Аԥшӡа – 2025» анаҩсгьы даԥсахеит ахәаԥшцәа рыбзиабарагы («Мисс зрительских симпатии»). Иблахкыгоу ҭеиҭыԥшла аҩ­батәи аҭыԥ аанылкылеит Милана Елокова, ахԥатәи – Мариана Кишева. Иара убас, зегь раасҭа аҟазара злоу ҳәа иҷыдоу аԥхьахә ала далкаан Алина Лешьчук, «заамсҭашәара ухнахуа» ҳәа дыԥхьаӡахеит – Диана Кумыкова.
Баша иазгәеимҭеит адунеитә хәыцҩцәа дуқәа руаӡәк «Аԥшӡара ауп адунеи еиқәзырхо» ҳәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me