Шәара шәыҧсҭазааратә мҩа зегьы аҟазареи Аҧсны акультуреи рымаҵ аура иазкуп. Абаҩхатәра змоу арежиссиор, иналукааша актиор иаҳасабала, амилаҭтә театр арҿиараҟны, ҳуаажәларра рестетикатәи рдоуҳатәи ҿиараҟны шәылшамҭақәа хәы рымамӡам. Шәара шәырҿиареи иҳараку шәыпрофессионализми шәколлегацәеи шәҵаҩцәеи реиҧш, ахәаҧшҩыцәагьы рганахьала изыҧсоу азхаҵара аиуит.
Шәара ииашаны Аҧсны Жәлар рартист ихьӡ ҳаракы шәыхҵоуп – уи ианыҧшуеит шықәсарацәала имҩаҧыжәго аусуреи шәтәылауаҩратә позициеи, ҳтәыла акультура ҭынха ду шәазыҟазаашьеи рзы ҳажәлар рыбзиабареи, ишәықәырҵо аҳаҭыри.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ахирра. Шәааигәа иҟазааит есқьынгьы шәызҭаху, шәбаҩхатәра ҳаҭыр ақәызҵо, иҿыцу шәырҿиаратә гәҭакқәа рыҟнытә насыҧ змоу ауаа».


