Бениа Ӡука Маҳмед-иԥа 12.01.1941 ш. рзы Бармышь ақыҭан, Гәдоуҭа араион аҟны диит. Блабырхәатәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Уи ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә институт абҩарҵәыратә факультет дҭалоит. Усҟантәи аамҭа уадаҩ иахҟьаны иҵара изынамыгӡеит. Аррамаҵура Германиа ақалақь аҟны дахысит. Иара убраҟа зхы иақәиҭу аспорттә хкы ақәԥараҿы ихы ԥишәон, аизҳарақәагьы иман.
Бениа Ӡука Маҳмед-иԥа Аԥсны анҭыҵ еицырдыруа уаҩы хатәроуп. Уи иус ԥшьеи иеихьӡарақәеи рзы Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп: Аԥсны АССР афизкультуреи аспорти рҿы зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны АССР аспорти абҩарҵәыреи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР зҽаԥсазтыз аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III-тәи аҩаӡара, «Агәымшәаразы» амедал. Дҭаацәароуп. Иԥшәма Бебиа Фатимеи иареи ҩыџьа аԥҳацәа рааӡеит: Анжелеи Ирмеи, хҩык имоҭацәа ирызҳауеит.
Аҭынчра зхатәоу ауадаҿы ԥшьшьала ицәжәо ахаҵа, дызнысыз амҩа далацәажәон. Ихы шьҭых ахҭысқәа игәалаиршәон.
– Сара схаан, аԥсуа қыҭақәа уаала иҭәын. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ахшара рацәа рааӡон. Аҳәоуеиқәшәара, аизыӡырҩра, аилибакаара ыҟан. Ақыҭауаа хышьҭыхха рымамкәа махәҿала аус руан. Ҳара ахәыҷқәагьы ҳҭаацәа ҳрывагыланы, иҳалшоз наҳагӡон. 1941 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага аԥхьатәи амзақәа руак азы Бармышьаа аибашьра изыԥхьаз Бениа Ӡука иаб Маҳмедгьы дрылан. Урҭ втобусла Шәачанӡа иргарц рыӡбеит. Ақыҭа аусҳәарҭаҿы аус зуазгьы ҩыџьа асиа ианын. Зегьы еицны втобусла ианцоз, Шәача азааигәара рмашьына хышәҭит. Аиҳараҩык арратә хәышәтәырҭа иҭарҵеит. Зегьы реиҳа ааха зауз, зыԥсҭазаара шәарҭаз Маҳмед иакәын. Иара ахәышәтәырҭаҿы даанрыжьит. Иҩызцәа ахәрақәа змаз ршьапы иқәгылеит, урҭ зегьы еибашьра иргеит.
Бениа Маҳмед Саҟадла-иԥа ҩышықәса инарзынаԥшуа Шәача ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан, аха аҳақьымцәа иԥсҭазаара рзеиқәмырхеит. Иԥшәма Гезердаа-Бениа Минашьи иареи ԥшьҩык ахшаара рыман: Валикәа, Анатоли, Павел, Ӡука. Дара ран уахгьы-ҽынгьы илывагыланы махәҿала аус руан. Аҭаацәара иреиҵбыз Ӡука даныхәыҷыз инаркны аспорт дазҿлымҳан. Ашкол данҭала ақырҭуа бызшәа аҵара зыхьӡаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан.
– Аҵатәхәқәа аҩныҟа иҳарҭоз ҳазҵаӡомызт, ирҳәоз ҳзеилкааӡомызт… Ҳанзымцәажәалак, азҵаарақәа рҭак анҳзыҟамҵалак, алабала ҳнапқәа, ҳхы ирысуан. Акәакь ҳакҿадыргылон, ҳдәылырцон, ишырҭахыз иҳазныҟәон… Ҳхәыҷқәан, аха ишҳазныҟәоз ансгәалашәалак ихьу-хьууа хьаак сеимнадоит, сабылуеит… Ҳҵатәхәқәа ҳанрылгалак, архаҟа ҳалбааны бӷарҵахьы ҳаиқәон. Усҟан схаҿы исзаагомызт, аспортаҿы слагала ҟасҵоит ҳәа. Иарбан усзаалакгьы, –ауадаҩрақәа ацуп, аха аиааира анугалак ауп уӷәӷәаӡа ухы анубо, – иҳәеит Ӡука.
Бениа Ӡука арратә уалԥшьа Германиа ианихигоз зхы иақәиҭу аиқәԥараҿы дҭышәынтәаланы, гәык-ԥсыкала аҽазыҟаҵара далагеит. Ихаҭагьы иҽазыҟаиҵон, зуалԥшьа зхызгоз аруаа ркомандагьы аицлабрақәа иазыҟаиҵон. Раԥхьаӡа акәны арраҿы аруаа ахьеицлабуаз аԥхьахә игеит, «Арраҿтәи ачемпион» ҳәа зныз ашәҟәгьы ианаршьеит.
Бениа Ӡука иуалԥшьа ахьихигоз иазыҟаиҵоз дыруаӡәкуп Меркулов Васили, Воронеж инхоз. Анаҩс, ҩынтә зхы иақәиҭу аиқәԥараҿы адунеи иачемпионхаз. – Иахьагьы, сааӡаҩи сареи ҳаимадоуп, ҳаизааигәоуп, – иҳәеит Ӡука ҳаиҿцәажәара аан.
Бениа Ӡука арратә уалԥшьа нагӡаны даныхынҳә 1964 ш. Гәдоуҭа араион амилициа аҟәшаҿы аусура далагеит. Уаҟа аҟәша еиҳабыс аус иуан, аибашьра ду иалахәыз, уаантә амаиор ичын зманы ихынҳәыз, ипатриот дууз, Кәыҵниа Ушангьи. Уи аспорт еицлабрақәа анцоз аҵыхәтәанӡа дахәаԥшуан, игәаанагарагьы иҳәон, – ҳәа азгәеиҭеит Ӡука. Ушангьи иареи анаҩстәи реицәажәарақәа руак аан ус иеиҳәеит: – Ӡука, ҳара амилициаҿы иҟоу ҳаизибархоит, аспортсменцәа аус рыдулара иацҵала, еихаҳала, аҿар еидукылаз аԥеиԥш бзиақәа рыцзааит, – ҳәа.
Ӡука иааӡамҭа Хәытаба Рашь дихцәажәо, иазгәеиҭеит: – Рашь СССР еизгаз акоманда даланы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Чехословакиа аицлабрақәа дрылахәын, актәи аҭыԥ игеит. Уи ашьҭахь Қарҭ имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атурнир, жәаҩа ҳәынҭқарра злахәыз аҟны актәи аҭыԥ ааникылеит. Ӡука Маҳмед-иԥа иааӡамҭацәа есааира рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Урҭ дрызгәдуны: – Уахгьы-ҽынгьы сыбла ихгылоуп, ҽнак иадамхаргьы сара сышҟа иааиз ахәыҷы дысхашҭӡом. Аспорт зцәа-зжьы иалоу азыҟаҵаҩ иаликаауеит, ибарҭахоит. Снапы иҵысхыз, исааӡаз аспортсменцәа сыԥсҭазаара иагәыцәуп, иахаҿуп. Ҽхәароушәа иҟалоит, аха ахәыҷы санихәаԥшлак илшои, илымшои здыруеит. Сахьыҟазаалак чароума, ԥсроума ауаа срылаԥшуеит. Схы-сгәы иақәшәо данызбалак далсхуеит, – иҳәеит.
Бениа Ӡука Маҳмед-иԥа иааӡамҭацәа 18-ҩык СССР аспорт азҟазара иакандидатцәоуп. Хә-ҩык Урыстәыла аспорт иазҟазацәоуп. Жәаҩык Аԥсни, СССР-и, Европеи ирчемпионцәоуп. Ачемпионреи СССР аҟны арекордқәеи шьақәдыргылеит: Чкок Качубеии Зарандиа Сергеии.
Бениа Ӡука Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аԥхьатәи амш инаркны аибашьра дцеит. Иааӡамҭацәа аибашьраҿы иҭахаз аӡәаӡәала игәалаиршәон: Агрба Џьон, Григолиа Геннади, Агрба Хвича, Ашәхаҵаа Баҭал, Дауҭиа Гарри, Кәыҵниа Баграт, Шамба Даур, Хонӡиа Руслан, Царгәыш Адгәыр, Багаҭелиа Нури, Еналдиев Давид, Бениа Алеқсандр, Барцыц Асҭамыр, Лазба Беслан, Барцыц Тарас (хабарда дыбжьаӡит). Бениа Ӡука ицәажәараҿы аспортсменцәа рҭоурыхқәа ҳзеиҭеиҳәон, рнысымҩақәа хаҭа-хаҭала дырзааҭгылон. Аԥсуаа маха-шьахала ишыӷәӷәоу азгәеиҭон.
Ӡука аспорт еиԥш иԥсы злоу занааҭуп аԥсуа жәлар рашәақәа рынагӡара. 1964 шықәсазы, Гәдоуҭа ақалақь акультура Ҩны аҟны ансамбль анеиҿыркаа, уахь днарыԥхьеит. Дқәыԥшӡа днеины ашәаҳәацәа днарылагылеит. 1972 ш. ансамбль «Риҵа» анеиҿыркаа, уахь диасит. 62 шықәса ашәаҳәара зхы-зыԥсы аҭаны иназыгӡо шәаҳәаҩуп. – Саныхәыҷыз, – иҳәеит уи, – ашәаҳәаҩцәа ақыҭаҿы ирацәаҩын. Анхацәа аҽага аныркыз, ианыцәаӷәоз, ашәыр анеизыргоз иарбан уысзаалак махәҿала аус аныруаз, хымԥада уи ашәа ацын. Саргьы ашәаҳәара агәыблыра шьҭысхит.
Аха зегь дара роуп Ӡука Маҳмед-иԥа иԥсҭазаара еиҳараӡак издиҳәало ииааӡаз испортсменцәа роуп. Урҭ зегьы дрызҿлымҳауп, дрыҿцаауеит. Дара зегьы ҭаацәакны иҟоуп. Ҳаицхыраауеит, ҳаимадоуп, ҳаибабоит, рҳәоит иааӡамҭацәагьы. Урҭ ируаӡәку Жәларбжьаратәи аспорт азҟаза Хәытаба Баграт ицәажәараҿы иазгәеиҭеит: – Ҳааӡаҩ, ҳарҵаҩы Ду ҳгәы иладууп. Иԥсҭазаара зегьы аҿар рааӡара иазикит. Еснагь гәыла-ԥсыла дҳацуп, иажәақәа ҳлымҳа иҭыҩуеит. Ҳара ҳзы иара – Дынцәахәуп. Дызҿу аус ԥшьа ҳәаа амаӡам. Аҿар аспорт иазҿлымҳау рацәаҩхааит. Ӡука Маҳмед-иԥа агәабзиареи, ашықәс рацәа анҵыреи насыԥс имазааит.
– Урҭ рыла ауп адунеи сзықәу. Снапы нызхьысшьыз зегьы аспорт аҟны рылшарақәа аадырԥшит. Тренерцәасгьы аус зуа ыҟоуп. Уи сара даара сеигәырӷьоит… Сааӡамҭацәа санрылаԥшлак, амҵыжәҩақәа сымазар сԥыруеит… – иҳәеит Ӡука.
Ӡука Маҳмед-иԥа аԥсуаа рҿы аиқәԥара ахкқәа рацәаны ишыҟаз азгәаҭо, иҳәеит: – Жәытә-натә аахыс амилаҭтә қәԥарақәа аԥсуаа ирацәаны ирыман. Аиқәԥарақәа рахьтә х-хкык рыхьӡқәа шәасҳәоит. Сара саныхәыҷыз арҭ аиқәԥарақәа зегьы иаадыруан, ҳаиқәԥон. Иахьа урҭ бжьаӡны иҟоуп: «Еиқәаҭарс», «Бӷарҵахьы», «Махцәы-махцәы». Иахьа «Аимҵакьача» шьақәдыргылазар, шәааи аныҳәа «Лыхнашҭа» амҩаԥгара аан иалаҳгалап, еиқәҳархап, - иҳәеит агәахәара ҳаракы иныԥшуа.
Бениа Ӡука Маҳмед-иԥа зыхьӡи-зыжәлеи еидкыланы ирҳәо, зыжәлар рыԥсҭазаара зыԥсҭазаароу, имааԥсаӡо агәы зызҭоу, зџьабаа дуӡӡоу хаҭароуп. Уи 85 шықәса ихыҵит. Зыԥсҭазаара зегьы аҿар ирзызкыз ахаангьы дажәӡом. Ақәҿиарақәа, агәамч, агәабзиара… Ҳазшаз иаҭәеишьааит!
Џьыкырбфа Гугуца


