Жәаф шықәса уажәаԥхьа, 2010 шықәса март 4 азы акыраамҭа ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит иналукааӡаша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ -мрагылараҭҵааҩ ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩасит ихәыҷра, ишколтә шықәсқәа. 1962-1966 шықәсқәа рзы аҵара иҵон Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурых факультет аҟны. Нас дҭалеит СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аспирантура. Қәҿиарала даналга ашьҭахь убри аинститут аҿы аус иуан.
В.Арӡынба аҭҵаарадырратә усумҭақәа 40 инареиҳаны дравторуп.
1988 ш. азы В.Арӡынба Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут адиректорс далырхуеит. Иара убри ашықәс азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1989 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырхуеит. В.Арӡынба аполитика ду далалеит Асовет Еидгыла аҭоурых иуадаҩӡаз аамҭақәа руак азы, иара убрахь иналаҵаны Аԥсынгьы.
1990 ш. азы В.Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхит.
Қырҭтәыла Аԥсны ианақәла 1992 шықәсазы атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Еилакы Ахантәаҩыс дҟалоит, хадара азиуеит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара.
1993 ш. сентиабр азы уи инапхгарала Аԥсны жәлар Аиааира ргеит.
1994 ш. ноиабр 26 азы В.Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахадас далхын, 1999 ш. октиабр 3 азы ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахада иҭыԥ ахь деиҭалхын.
Аԥсадгьыл иналукааӡаша аҳәынҭқарратә усзуҩ В.Арӡынба илшамҭақәа ахәшьара ҳаракы рнаҭеит. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара. Ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.


