Аиҿкааратә еилакы аицлабра алахәхаразы хыԥхьаӡара рацәала арзаҳалқәа аднакылеит, уи иаанарԥшуеит абаҩхатәра злоу ақәыԥшцәа ари апроект азҿлымҳара ду шарҭаз.
Ахәыҷқәа русумҭақәа азкуп авиациа, рыԥсадгьыл гәакьа аԥшӡара, ажәларқәа реиҩызара.
Алԥшаара мҩаԥысит латәаралатәи аексперттә бжьыҭира аформат ала. Аӡбаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа, апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа, арҵаҩцәа, иара убас аусмҩаԥгатә алахәылаҩцәа.
Алԥшаара аихшьаалақәа рыла афинал ахь инеиз аҳаирбаӷәаза ацәыргақәҵа ҷыдаҿы русумҭақәа ӡыргахоит, уи мҩаԥгахоит 2026 шықәса мшаԥымза 2 рзы.
Иара убри амш азы иазыԥхьагәаҭоуп аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониа.
Афиналистцәа ирзыԥшуп зыхә ҳараку аԥхьахәқәа, адипломқәа, иара убас аҳаирбаӷәаза аҟынтәи аԥхьахә ҷыда.


