Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак арбџьармчтә еиҿкаарақәа Аԥсны ахеиқәырхара аамҭа ианҭадыргыла, наџьнатә аахыс ҳажәлар имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәым ацәанырра ҳаракы – аџьынџь азы ахамеигӡара здоуҳамч арҵасыз зықьҩыла ҳаԥсадгьыл аҵеицәа инарывагылеит, зхатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказ, ихароу аҳәаанырцә, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа уҳәа рҟнытәи, аҵабырг хәы шамам зеилкаарҭаз, ауаҩра агәаӷь злаз шәҩыла аҵеицәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла иргәаланаршәоит ҳазну ашықәс март 30 азы ишрылаҳәаз «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра идырым аҭоурыхқәа» атемала ажурналистцәа иреиӷьу русумҭақәа ирызку арҿиаратә конкурс.
30 шықәса уажәаԥхьа, 1993 шықәса сентиабр 16 азы, Очамчыра авокзал ашҭаҿы игыгшәыгхаз ақырҭцәа жәпаҩык амца лыцраҵаны дырблит аԥсуа патриотка Цаца Казанба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me