Аркади Џьопуа– 70 шықәса Аҭҵаарадырраҿы, ҳәарада, ахырхарҭақәа зегьы мариам. Археолог изанааҭ акәзар, аҭҵаарадырратә усумҭақәа раҧхьареи рыҩреи инарываргыланы иаҭахуп имариам махәҿалатәи аусура, амаашьара. Сгәанала, археологиа знапы алазкыз уи – ҧсабарала, доуҳала иӷәӷәоу уаҩуп. Аиаша ҳҳәозар, аџьа ду зцу ари аус зегьы иагьрыцааиуам.