Абри аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭаҵан 192-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы.
Иҭахаз ргәаладыршәарц уахь инеит Аҟәа ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба, уи ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡе, Асҭамыр Ашәба, Константин Ҭарба, Инал Аҩӡба, Москвеи Санк-Петербурги реиҳабырақәа рхаҭарнакцәа, ақалақь аныҳәамш азгәаҭаразы иааз Самара, Нижни Новгород, Луганс, Тамбов, Дон ихықәгылоу Ростов, Аахыҵ-Уаԥстәыла рҟнытәи аделегациақәа, ақалақьуаа.
Аҟәа – адунеи ажәытәӡатәи ақалақьқәа ируакуп.
Аҟәа ахьышьҭоу адгьылҵакыра анҭикатәи аамҭақәа раангьы ауаа нхон. Антика аамҭазы ара иҟан ажәытәӡатәи абырзенцәа ишьаҭадыркыз Диоскуриа ҳәа изышьҭаз аиланхарҭа.
Абжьаратәи ашәышықәсақәа раан Аҟәа еиуеиԥшым аимпериақәа ирымпыҵакын, убрахь иналаҵаны Византиеи Османтәи аимпериеи. 19-тәи ашәышықәсазы ақалақь ииасит Урыстәылатәи аимпериахь. 1917 шықәсазы Октиабртәи ареволиуциеи анаҩстәи ахҭысқәеи рышьҭахь, Аԥсны зегьы аиԥш, ақалақь Асовет Еидгыла иахәҭакны иҟалеит. СССР анеилаҳа, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз аиааиреи ашьҭахь, уи ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҳҭны-қалақьны иҟалеит.
Ари аҽны ақалақь еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны аныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан. «Сказка» ҳәа изышьҭоу Т.Шамба ихьӡ зху апарк аҟны имҩаԥысит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа.
Ажьыжь асааҭ 10 инаркны ахәыҷқәа араҟа еиуеиԥшым ахәмаррақәа рзеиҿкаан: аҩра-аԥара, асахьаҭыхра, ҵәгәырла аԥсыӡкра.
Убри ашьҭахь иқәгылеит Аҟәа ахәыҷ баҳчақәа «Алашара», «Звездочка», «Алиас» уҳәа рааӡамҭацәа. Ахәыҷқәа ахәаԥшцәа дыршанхеит инарыгӡоз ашәақәеи акәашарақәеи рыла.
Аныҳәатә программа арежиссиор Гәдиса Ҭодуа ақәыԥшцәа ирыдиныҳәалеит ари амш. «Шәыжәҩан еснагь ицқьазааит», – иҳәеит иара.
Апрограмма аспорттә хәҭа иамҽханакуан аспортшколқәа рҟынтәи агимнастцәа қәышцәа рықәгыларақәа.
Ахәыҷқәа гәахәарыла иахәаԥшит ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа қәыԥшцәа злахәыз аныҳәатә концерт. Аиҿкааҩцәа ирыбзоураны ари аусмҩаԥгатә дарбанзаалак асас игәаԥхон, игәы шьҭнахуан.
Ацәыргақәҵа «Аҟәа. Аколлекционер идунеихәаԥшра» аартын Аԥсны Абанк Амузеи аҟны.
Ацәыргақәҵахь иааган ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аҿыханҵа, аграфика, афотопортреҭқәа, адекоратив-хархәаратә ҟазара амаҭәарқәа. Урҭ рыла еилукаауан Аҟәа аҭоурых. Ара иҟан В.Бубнова, Н.Бронштеин, Решевски, А.Аџьынџьал уҳәа егьырҭ авторцәа русумҭақәа.
Аколлекионерцәа Аԥснытәи реилазаара ахантәаҩы Олег Папасқьыр иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа хықәкыс иаман ахатәы коллекциақәа рыла ақалақь аҭоурых дырбара.
«Аекспозициа иамҽханакуеит еиуеиԥшым артефактқәа: агавиурақәа, аҭыхымҭақәа, ажәытәтәи апатреҭқәа, иара убас амаркақәа, агәлаҵақәа. Абарҭқәа зегьы иаҳдырбоит ҳақалақь ажәытәа амҭақәа», – иҳәеит иара.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартны, уахь имҩахыҵыз зегьы ақалақь амш рыдырныҳәалеит.
«Бзиа иаабо ҳақалақь 2509 шықәса ахыҵит. Ари иҵабыргыҵәҟьаны акы иаламҩашьо хҭысуп. Адунеи аҟны ақалақьқәа рацәам абасҟак зҭоурых беиа иалаҽхәаша. Абри ацәыргақәҵа ҷыдарас иамоу убри ауп, арахь иаагоу аекспонатқәа рымацара ракәымкәа, ақалақь ахаҿра ашьақәыргылараҿы аҭыԥ хада аанызкылаз ауаа цәырнагоит», – лҳәеит Арслиа.
Уи ақалақь ахадареи, иара убас аколлекционерцәа Олег Папасқьыри, Ибрагим Ҷкадуеи, Виачеслав Чрыгбеи уҳәа егьырҭгьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Иахьатәи аамҭазы ахатә коллекциақәа иаҳа аҵакы рыманы иҟалеит. Агәра ҳгоит абас еиԥш аизгамҭақәа акультурақәа рырӷәӷәара ишацхраауа, ҳсахьаркыратә ԥсҭазаара иаҳа хҭысла иҭәны, ублаҿы иааиртә ишыҟарҵо», – лҳәеит Арсалиа.
Аҳҭны-қалақь Ахада Ҭемыр Агрба аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ацәыргақәҵа аартуп ииуль 15 азынӡа.
Ақалақь амш ныҳәа инҭагӡаны Аҟәа, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭаҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи Аԥснытәи еицырдыруа ахәыҟаҵаҩцәа хлахәыз «Аԥсуа еишәа» агстрофестиваль. Уи иаҭааит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба, ақаақь иаҭааз асасцәа.
Дарбанзаалак агәаҳәара змаз илшон аԥсуа, аурыс, аиталиан чысхкқәа ргьама абара.
Ара иҟан аԥсуа аилаџь, аҵәы иахаҵаны иӡыз ацә, акәац еиҵачаԥақәа, аурыс фатәқәа, Италиатәи апаста, ақалмышь, аџьынџьыхәа, Аҟәатәи аҵааршә.
Агастрофестиваль мҩаԥган аинвесторцәа рсиндикат ашьаҭаркҩы Вахтанг Ҭыжәба иаԥшьгарала.
Аныҳәа хзыркәшо акакәхеит амшынԥшаҳәаҿы иҟаз аконцерт. Уи еиднакылеит Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи, урҭ рыблақәа ирхубаалон агәырӷьара, алахҿыхра. Аконцерт иалагаанӡа иқәгылеит Аҟәа ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрбеи Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи. Урҭ Аҟәааи, аҳҭны-қалақь асасцәеи аныҳәа рыдырныҳәалеит. Традициала ишышьақәгылахьоу аиԥш абри аҽны зықәҿиарақәа рыла лҽалызкааз аҳҭны-қалақьтәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳамҭақәа ранаршьоит. Амедалистцәеи ибзиаӡаны иалгази рнапаҿы ирырҭеит аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҳамҭақәа ақалақь ахадара ахьӡала.
Адныҳәалара ажәақәа рҳәеит Аҟәеи аешьара зыбжьоу ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа.
Аконцерттә программа аартын Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анатоли Алҭеибеи Ильда Қәычбериеи еицынарыгӡаз ашәала, уи азкын Аҟәа.
Аконцерт аҿы иқәгылеит аԥсуа естрада артистцәа Нарсоу Абахәба, Дмитри Ԥиԥиа, Маина Кәарацхелиа Саида Габниа, Авто Конџьариа, Алан Ҭҳаиҵыкә, Валериа Ҵерцхьелиа, Рамина Задеи, Хьыбла Мықәба, Ансамбль «Мырзаҟан» ахәыҷтәы хориографиатә ансамль «Абаза», ахәыҷтәы хориографиатә студиа «Иааирума», Самарантәи амузыкатә коллектив, ашәаҳәаҩ Руслан Ханов (Ҭаҭарсҭан».
Ари аныҳәатә концент ҟалеит иҳазгәакьоу ақалақьи аԥсныжәлар рзгәдуреи иргимҵәҟьаны.