М.М. Гәынба 1953 шықәсазы далгоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи апедогогикатә институт аҭоурыхтә факультет. 1956–1959 шықәсқәа рзы аспирантураҿы иҵара иациҵоит. Уаҟа иҵара аныхиркәша ашықәсан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны аусура далагоит аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс. Уи анахыс Михаил Михаил-иԥа Аԥсуаҭҵааратә институт иԥсҭазаара зегьы адиҳәалоит. Аамҭа бааԥсқәа раан Михаил Михаил-иԥа иҭаацәа дрывагыланы ақыҭа нхамҩатә усурақәа мҩаԥигон, убасгьы аамҭак азы аус иуан иқыҭа гәакьаҿтәи ашкол аҟны рҵаҩыс. 1953 шықәсазы Гәдоуҭеи Афон Ҿыци араионтә акомҿартә комитет амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Аамҭак азы аус иуан Гәдоуҭа араионтә газеҭ аҟны. 1963 шықәсазы Михаил Михаил-иԥа ихьчоит акандидаттә диссертациа, иусумҭа иахьӡын «Мрагыларатәи Қарҭи Византиеи VI-VIII ашәышықәсақәа раан».
Аҵарауаҩ нага иԥсҭазаарагьы иҭҵаарадырратә усурагьы рыдҳәалан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети, убасгьы аус иухьан Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҿгьы. Акыраамҭа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҭоурыхтә факультет астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьон. Ихҵан адоцент ҳәа аҭҵаарадырратә хьӡы.Михаил Михаил-иԥа Аԥсны археологиатә баҟақәа (Аҭаратәи аӡырҭақәа, Ҵабалтәи ажәытә нышәынҭрақәа, Аҟәатәи абаа уб.иҵ.) рыҭҵаараҿы акыр аџьа ибахьан. Аҭара, Ҵабал уҳәа имҩаԥгаз аԥшаарақәа напхгара рзиуан, убасгьы жәашықәсала Аҟәа абаа аҟны агәыԥ имҩаԥнагоз аҭҵаарақәа хылаԥшра риҭон.
Аҵарауаҩ ду даараӡа дацклаԥшны, аус зыдуланы, амаӡақәа аҵыхны иҭиҵаауаз Аҭаратәи аҳаԥшьаӡырҭақәа ирызкуп 1985 шықәсазы иҭижьыз ишәҟәы «Аҭаратәи аҳаԥшьаӡырҭақәа». Иара убас иҭижьит «Ҵабалтәи акультура абаҟа ҿыцқәа» захьӡу, 1978 шықәсазы акьыԥхь збаз иусумҭа шьахә.
Михаил Михаил-иԥа иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа раан аус рициуан еицырдыруа археологцәа нагақәа: М.М. Ҭраԥшь, Г.Кә Шамба, В.В. Бжьаниа, И.Н. Воронов, М.К. Хотелашвили-Инал-иԥа. Аҵарауаҩ дравторуп ханҩеижәа инареиҳаны аҭоурых, асоциал, аекономика, аполитика ирызку аҭҵаарадырратә статиақәеи амонографиатә усумҭақәа фбеи. М.М. Гәынба имҩаԥигоз иҭҵааратә усқәа Аԥсны аҭоурых акырӡа идырбеиеит. Аҵарауаҩ иҽрылаирхәхьан хыԥхьаӡара рацәала Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциақәа. Аԥсни, Кавказ ажәларқәеи рҭоурых иазкыз ажәахәқәа рыла дықәгылон урҭ рҟны. Иҭҵаараҿы акыр хшыҩзышьҭра рзиуан Аԥсни уи акәша-мыкәшеи инхоз амилаҭ рацәа ирыдҳәалоу аизыҟазаашьақәеи, урҭ рынхашьеи, рынҵышьеи, рҳәаақәеи. М.М. Гәынба ганрацәалатәи иусурақәеи иусумҭақәеи рҵакы азгәаҭаны ианаршьахьан еиуеиԥшым аҳамҭақәа: аџьа-аветеран амедал, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара уҳәа. Зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа ҭоурых, археологиа ахьчара, арҿиара иазызкыз М.М. Гәынба ԥшьынҩажәи ааба шықәса дшырҭагылаз идунеи иԥсахит.
Аркади Џьопуа,
аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат,
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы