Аҳаирбаӷәазатә комплекс МТЛФ аҟынтәи аусура аларгара иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Савельеви атранспорт аминистр Андреи Никитини.
Аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи анапҟазацәеи рцәыргақәҵа аатит мшаԥымза 2 рзы, С.В. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Уи мҩаԥысуеит I Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҳаирбаӷәаза иаҭааит.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев зхадараҿы дыҟоу аделегациа ирԥылеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи.

Зегьы ираԥхьагылоу

02 Мшаҧы 2026 07:48
«Уаҩ иимбац, зеиԥш ҟамлац, иџьашьатәу бызшәоуп - аԥсшәа» - ҳәа иҩуан аҭырқәа ҵарауаҩ, изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьаз аныҟәаҩы Евлиа Челеби. Ари ахшыҩҵак саназхәыцуа сара схаҿы иааиуеит «Аԥсышәала шәцәажәала» – ҳәа сышықәсқәа зегьы исаҳауа сҭаацәа ражәақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me