Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, Аинрал С. Дбар имҩаҿы ақәаршҩытә ӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылагеит.
«Аԥсшәа – ҳԥеиԥш абызшәа» – абас ахьӡуп ҩымз рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аурысшәа аҟ­ынтә аԥсшәахь, мамзаргьы аԥсшәа аҟынтәи аурысшәахь еиуеиԥшым атексқәа реиҭагара цоит. Ҵакыс иамоузеи ари апроект, насгьы иара шԥаԥшьгаз, аус адызуло зусҭацәада?!
Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аҵарауаа иҟарҵаз аҳәарала аобиект аҿы имҩаԥырго археологиатә ԥшаарақәа рыҿҳәара даҽа хымз иацҵан ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Гагратәи ансамбль «Афырҭын» аиҳабыратә еилазаара Чечентәыла имҩаԥысыз жәларбжьаратәи афестиваль «Кавказ Ахраҿа "Адацқәа рымч"» аҟны Ахьтәы Гран-при ранашьахеит ҳәа аарыцҳауеит аколлектив анапхгаҩцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.
Абри атәы аалыцҳаит Аҳәынҭқарратә хортә капелла адиректор, акультура-усуратә ҭыԥ «Гәыма»анапхгаҩы Хьыбла Возба.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me