Аминистрцәа реилазаара хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа рзы атәанчахәы есымзатәи ахәцҵа ашьақәыргыларазы ақәҵара аднакылеит. Азԥҵәа ҿыцқәа амчра роуеит 2026 шықәса лаҵарамза 1 инаркны.
Аминистрцәа реилазаара адҵа аднакылеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иаҵанакуа Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Ареспубликатә кризистә центр – Аҭаацәаратә ҩны» аԥҵаразы.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аусбарҭатә (аусхкытә), аусбарҭабжьаратә (аусхкбжьаратә) программақәа аус рыдулареи, рыдкылареи, рынагӡареи, ахәшьара рыҭареи рзы аԥҟара ҿыц. Аӡбамҭа рыдыркылеит 2023 шықәса нанҳәамзазы ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны Азакәан «Астратегиатә планҟаҵаразы» анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит «1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рҭаацәа асоциалтә хьчареи адгылареи рыҭара иазырхоу уснагӡатәқәак рзы».
1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи, 1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атыл аветеранцәеи, иара убас атәыла иахьаҵанакуа аибашьра аветеранцәеи рыхьӡынҵа ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵара аднакылеит аминистрцәа реилазаара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me