Аԥсуа абитуриентцәа сынтәа Урыстәылатәи ауниверситетқәа рҭаларазы Урыстәыла анапхгара 110 ҭыԥ рзалнахит. Адкыларатә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арзаҳалқәа 267 алаҵан. Иахьазы Урыстәылатәи ауниверситетқәа рахь 93-ҩык абитуриентцәа дәықәҵоуп, даҽа 9-ҩык рарзаҳалқәа рыхәаԥшра мҩаԥысуеит.
Уарлашәарла акәзаргьы, еснагь аҭҵаарадырраҿы иҟан, иагьыҟалоит иџьоушьартә иҟоу, амилаҭи аҳәынҭқарреи рзы ихьӡырҳәагоу, игәадуроу ахҭыс дуқәа. Иҭыҵит жәа-томкны ишьақәгылоу «Нарҭаа. Аԥсуа фырхаҵаратә епос» атомқәа ааба (иаанхаз 9–10-тәи атомқәа иргәылалоит атекстқәа аурысшәахь еиҭаганы).

Аамҭа иаӡрыжәыз

03 Цәыббра 2024 11:11
Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа хыҧхьаӡара рацәала иқәдыргылахьоу аспектакльқәа рыла ахәаҧшцәа хырххьеит.Ааигәа Аҧсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр иахыҵит 10 шықәса. Убри инамаданы ҳиҿцәажәеит аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me