Гагратәи аҩбатәи абжьаратә школ ибеиоу аҭоурых змоу школуп. Раԥхьаӡакәны апринц Ольденбургски ибзоурала 1904 шықәсазы иаартын ауахәаматә школ.
Ааигәа раԥхьаӡакәны иӡырган ахәыҷтәы аудио-журнал «Амцабз». Уи аредактор Гәында Сақаниа-ԥҳа еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа иазгәалҭеит, ҳазну 2025 ашықәса инаркны иҭыҵло ахәыҷтәы журнал аномерқәа хазы еиқәдыршәалоит аудио-журналқәа.

Афырхацәа рашҭа

25 Мшаҧы 2025 07:54
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира 80 шықәса анахыҵуа, уи иааннажьыз ахәрақәа ихьааха, имцаха уцәа-ужьы ианыруеит, иуқәыӷәӷәоит.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду (1941-1945 шш.) аҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны раԥхьаӡакәны ихацыркхеит «Хашҭра зқәым» ҳәа хыс измоу апроект. Уи шьақәыргылан аҵара Аминистрра аԥшьгарала.
Анцәа иишаз ауаҩы иԥсҭазаараҟны имаҷӡам дзынио аусхьанҭақәа, ауадаҩрақәа, агәыхь зырҵысуа ахҭысқәа. Иҟоуп урҭ зынӡа изԥыхьамшәо, акәтаӷь былгьаны ианцо еиԥш, зыԥсҭазаара хьаада имҩаԥызго.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me