Ҳтәылауаа азинтә цхыраара рыҭаразы

Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу, ахәыҷы иира, иааӡара инамаданы есымзатәи ацхыраагӡақәа, анацәа ркапитал зауа Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭаразы аусуратә гәыԥ иалоуи Ахада Бадра Гәынбеи реилацәажәара атәы.

«Аусуратә гәыԥ иалоу аусҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа Ахада иарҳәеит имҩаԥыргауа аусура алҵшәақәа ртәы. Ишьҭыху азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара хықәкыс ишьҭыхны, амчра аусбарҭақәа аус рыцыруеит Урыстәылатәи Афедерациа изыхәҭоу аусбарҭақәа, ишьақәдыргылоит Урыстәылатәи азакәанԥҵара еиларгеит ҳәа иҟоу агәаанагара инамаданы Урыстәылан аҭакԥхықәра иақәдыршәауа Аԥсны атәылауаа рхыԥхьаӡаразы адырраҭарақәа. Аус рыдырулоит азҵаара арманшәаларазы азинтә шьаҭақәа.

Даҽа ҳәынҭқаррак азакәанԥҵара еиларгеит ҳәа иҟоу агәаанагарақәа инарымаданы, абри азҵаара ҿҳәара кьаҿқәак рыла аҭыԥ ақәҵара алшо иҟаӡам. Иазгәаҭан Аԥсны атәылауаа иаадырԥшларц шахәҭоу ачҳара, Аԥсны изыхәҭоу аусбарҭақәа имҩаԥыргауа апроцесқәа ирԥырхагамхарц азы», – иҳәеит Руслан Аџьба.

Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Ашәарҭадара Аҳәынҭмаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, Жәлар Реизара асоциалтә политиказы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, аиусьициа аминистр Анри Барцыц.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me