Ааигәа ҳредакциа даҭааит ҳхақәиҭра аагара зыхәҭак алоу, иашалаҵәҟьа иуҳәозар, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ҳанҭагылаз ахаҵамҧҳәысра аазырҧшыз аҧҳәызба. Уи Ҧақәашь ақыҭа иалиааз Венера Грышьа-иҧҳа Шәқьериа лоуп. Аибашьра анцоз лара дынхон Тҟәарчал, Аҟармара аҳаблан аус луан афатәҭирҭа адәқьан аҿы. Лыҧшәма, милаҭла – ауаҧс, Иаша Џьиоев Ким-иҧа иакәзар, ашахтаусбарҭаҿ анџьныр хадас дыҟан.
Аекономика ауасхыр Абарҭ амшқәа рзы И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит 2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа аихшьалақәеи иааиуа ашықәс азы атуристтә бизнес аԥеиԥши ирызкыз астол гьежь.
Аҧснынтәи ацитрустә шәырқәа Урыстәылаҟа ргара иалагеит ҳазну ашықәс сентиабр 1 азы. Абри аамҭала, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адырраҭарақәа рыла, уахь ииагоуп 2 960 тоннеи 508 килограмм амандаринақәеи. Абри инаваргыланы ииаргахьеит афеихоа 702 тоннеи 869 киллограмм, алимонқәа – 107 тоннеи 670 килограмм, ахәырма – 70 тоннеи 512 киллограмм, араса – 1 587 килограмм.
Урыстәылатәи апремиа «Ашықәс ауарҕанарҳәаҩ – 2022» занашьахаз рыхьӡқәа рҳәеит Калининград. Агәыр-ҕьаратә хҭыс мҩаҧысит Иммануил Кант идгьылбжьахаҿы иҟоу аҭоурыхтә Кафедралтә уахәамаҿы.
Аҵарауаҩ, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа акыр шықәса раахыс инапы алакуп абжьаратәи ашкол апрограмма иаҵанакуа аматематикеи афизикеи рмаҭәарқәа рҵакқәа раарԥшра алзыршо ажәақәа аԥсышәала рырцәажәара. Ари аганахьала ажәарқәа аус рыдиулоит, иҭижьхьоу ируакуп «Аурыс-аԥсуа аԥсуа-аурыс афизика-математикатә жәар». Аԥхьаҩцәа ишәыдигало астатиа азкуп ихарҭәаау амилаҭтә аԥсуа школ азҵааразы иҟаҵоу, насгьы аԥхьаҟа шьаҿақәас иҟаҵатәу. Аԥсуа школ ҳажәлар рхеиқәырхара алзыршо амыругақәа ируакны дахәаԥшуеит аҵарауаҩ ихатә гәаанагараҿы.…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me