Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Абжьарахаҳә аамҭазы

Абжьарахаҳә аамҭазы адунеиаҿы аҧсабаратә ҭагылазаашьа аҽаҧсахит. Кавказ хызҟьоз аҵааршәқәа ҧсасиуа иалагеит. Уи иабзоураны, адәқәа хтит, аҟәандара аҿалеит. Асеиҧш иҟаз аҳауа шьақәгылон Аҧсны.


Ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа -12-тәи ашәышықәсазы, Аҧсны, абжьрахаҳә аамҭа ахы акит. Аҭҵаарадырраҿы, уи мезолит ҳәа иашьҭоуп. Абырзен бызшәа аҟынтәи ари ажәа аҧсшәахь еиҭаҳгар – «мезос» – иаанагоит абжьаратәи, «литос» – ахаҳә.
Иазгәаҭатәуп, аҭҵаарадырраҿы мезолит ҳәа изышьҭоу Абжьарахаҳә аамҭа иазкны, еиуеиҧшым агәаанагарақәа шыҟаз. Аҵарауаа шьоукы, уи палеолит ҳәа изышьҭоу Ажәытә хаҳә аамҭа иадырҳәалон, ианҵәамҭаны иахәаҧшуан, егьырҭ ракәзар, неолит ҳәа изышьҭоу Аҿатә хаҳә аамҭа иалагамҭаны ирыҧхьаӡон. Аха имҩаҧгаз археологиатә ҭҵаарақәа ирыбзоураны, иааҧшыз амыругақәа рҷыдарақәа аназгәаҭаха, иалшеит Абжьарахаҳә аамҭа хазны алкаара.
Абжьарахаҳә аамҭа иацыз аҿыцрақәа азгәазҭаз, уи хазны ишалкаатәу атәы зҳәаз англыз археолог Џьон Грем Кларк иоуп.
Аҧсны Абжьарахаҳә аамҭа шьақәгыланы иҟан 5 нызқь шықәса инарзынаҧшуа. Ишазгәаҳҭахьоу еиҧш, уи ахы акит ҳ.ҧ.ҟ 12 ашәышықәсазы, иагьхыркәшан ҳ.ҧ.ҟ. 7 азқьышықәсазы.
Ари аамҭа иалагӡаны ауаатәҩса рыҧсҭазаараҿы аиҭакра дуқәа мҩаҧысит. Ан лышьҭра ала акәын ажьрацәара шцоз (матриархат) Ауаа нхарҭас ирымаз аҳаҧқәа ракәын. Абжьарахаҳә аамҭазы ауаа зҭанхоз аҳаҧқәа аарҧшуп Аҧсны. Урҭ иреиуоуп – Аҧианча, Ҳәҧын иҧшаҳәа уҳәа.
Абжьарахаҳә аамҭа анҵәамҭазы аҧсабара аҽаҧсахит. Аҵлақәеи аҵиаақәеи цәырҵит. Адунеи аҳауатә ҭагылазаашьа иахьатәи иеиҧшхеит. Аҵаақәа рыӡҭра иахҟьаны аӡы рацәахеит. Уи иабзоураны рхы ыҵырхуа иалагеит аӡиас дуқәа, ишьақәгылеит аӡиақәа.
Асеиҧш аҳауа ашьақәгылара иахҟьаны ианыӡааит ахьшәашәара иашьцылаз, ауаҩы уаанӡа дзеишәарыцоз аҧстәқәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан амамонтқәагьы. Ицәырҵыз аҧстәқәеи аҧсаатәқәеи шәагаала еиҳа имаҷын, иласын. Урҭ иреиуан аҽацә, амшә, абҕаџьма, ажьа уҳәа егьырҭгьы, реишәарыцарагьы ус имариамызт.
Ажәытәхаҳә аамҭазы ахархәара рымазҭгьы амакролитқәа ҳәа изышьҭоу идуу ахаҳә иалху амыругақәа, абжьарахаҳә аамҭазы урҭ рыҧсахит - амикролитқәа.
Абжьарахаҳә аамҭа иаҵанакуа ауаа раагыларҭа ҭыҧқәа рҿы, археологцәа хыҧхьаӡара рацәала амикролитқәа рыҧшааит. Урҭ мҽхакы ҭбаала ахархәара шрымаз убарҭоуп. Аҧсны имҩаҧгаз аҭҵаара усқәа ирыбзоураны, аҵарауаа иаадырҧшит амикролитқәа ирылхыз амыругақәа маҷымкәа. Иара ажәа микролит абырзен бызшәа аҟынтәи аҧсшәахь еиҭаҳгозар – «микрос» – иаанагоит ихәыҷу, иссоу, «литос» – ахаҳә. Даҽакала иаҳҳәозар – ахаҳә ссақәа ирылхны иҟаҵаз амыругақәа.
Иаҳҳәап, агыгшәыг ацәа рыцқьаны, амаҭәа алырхуа ианыҟарҵозгьы, алаба ма абаҩ ршьаны, уи амикролитқәа ҭаргыланы, амыруга ҟарҵон. Амакролит ҧҽыр икаужьыр акәхон, амикролит ҧҽыр, иуҧсахыр ауан. Абжьарахаҳә аамҭазы ахаҳәи ашьанҵеи аус рыдулашьа аҽаҧсахит. Уажәшьҭа иҟарҵо иалагеит зхаҭабзиара еиҕьхаз абҵы ахарсқәа, ашьанҵа иалху амыруга ҵарқәа.
Зегь раасҭа ихадоу акакәны иҟалеит ари аамҭазы ахыци ахәымпали рцәырҵра. Ауаҩы иҧсҭазаараҿы уи аҵак ду ааннакылеит.
Ахыци ахәымпали рцәырҵра иабзоураны аҽаҧсахит ашәарыцашьагьы. Уаанӡа ауаа гәыҧ-гәыҧла ишәарыцозҭгьы, уажәшьҭа хаҭа-хаҭалатәи ашәарыцара цәырҵит. Насгьы, аҧстәқәа рыдагьы, ауаҩы аҧсаатәқәагьы реишәарыцаразы алшара иоуит.
Абжьарахаҳә аамҭазы амазеиеизгара аҵакы шьҭыҵит. Уи алзыршоз акәны иҟалеит еиуеиҧшым ашәырҵлақәеи аҵиаақәеи рцәырҵра. Аҭҵаарадырраҿы агәаанагара ыҟоуп, абжьарахаҳә аамҭа ахыркәшамҭазы, ауаҩы аарыхра напы алеикыртә алшара ҟалеит ҳәа. Уи зыбзоурахаз амазеиеизгара ауп ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа.
Ҳазлацәажәо аамҭазы, Аҧсны адгьылқәаарыхра ашьапы акуа ишалагаз дырҵабыргуеит Ҵабал иҟоу, Ҳәҧын иҳаҧаҟны археологцәа ирыҧшааз арыц зқәырҟәаҟәоз ахаҳәқәа. Урҭ инарҷыданы, ара иааҧшит ихыблаа-ҿыблааны иҟаз арыцқәагьы.
Абжьарахаҳә аамҭазы ахархәара роуит амҿлыхи абаҩлых маҭәахәқәеи. Ҵабал иахьаҵанакуа Аҧианча аҳаҧаҟны иҧшаан абаҩ иалхыз абҵы ахарс. Уи инаҷыданы, абнацә атәыҩа иалху аҧса ахарсқәа. Излаҳбо ала, абжьарахаҳә аамҭазы ауаа рыҧсҭазаараҿы аиҭакра дуқәа ҟалеит. Уи атәы бзианы ирныҧшуеит Аҧсны иаарҧшыз ажәытәӡатәи амыругақәагьы.
Ҳ.ҧ.ҟ. 7- тәи ашәышықәсазы Аҧсны, Абжьарахаҳә аамҭа хыркәшан. Аха ауаатәҩыса рыҿиара уи аҿы иаанымгылт. Урҭ раҧхьаҟа аартра ҿыцқәа рзыҧшын.

Асахьақәа рҿы ижәбоит – Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәа.
Ажәар
Абжьарахаҳә аамҭа - мезолит.
Аҵааршә - ледник.
Ахыци ахәымпали – лук и стрела.
Ахаҳә ду иалху амыруга - макролит
Ахаҳә сса иалху амыруга - микролит.
Ан лышьҭра - матриархат.

Џьамбул Инџьгиа,
аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me