Ақьырсиан ныҳәа ду

27 Ажьырныҳәа 2023 11:58
Ианвар 19 азы ақьырсианцәа ныҳәан иазгәарҭоит Ҳазшаз иӡаахреи мамзаргь Анцәа ицәырҵреи. Абри амш аҽны Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Аӡаахра иазкыз аныҳәара мҩа­ԥигеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссариан (Аԥлиаа).

Ахыбра аҧсахра хдыркәшоит

27 Ажьырныҳәа 2023 11:55
Очамчыра араион анапхгара иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны Ҷлоу ақыҭа ахадара ахыбра аҧсахра иаҿуп. Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом. Ари зыӡбахә ҳамоу ахыбра ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса ахынҩажәатәи ашықәсқәа рзыҳәан. Уи аахижьҭеи акыр шықәса цеит, ахыбра акәзар, ахар­хәаразы иазыҧҵәаз аҽҳәара иахысижьҭеи акрааҵуеит.

Руслан Ҳашба аиааира игеит

27 Ажьырныҳәа 2023 11:54
Аԥсуа спортсмен Руслан Ҳашба Дон ихықәгылоу Ростов аҟны агрепплинг азы аицлабраҿы аиааира игеит, – иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы асаит. Агрепплинг азы аицлабра рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ИАР атәылақәеи рҟнытә аспортс­менцәа 300-ҩык раҟара.

Леон иқәҿиарақәа

20 Ажьырныҳәа 2023 09:27
Дарбанзаалак ахәыҷы аспорт агәыблра анузилаҵа шамаха имҩа дахҟьом, дааӡоит, ахықәкы бзиахь дхьанарҧшуеит. Усеиҧш иҟоу дыруаӡәкуп уажәы сзыхцәажәарц сҭаху Е.Ешба ихьӡ зху ахәбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Леон Лагәлаа. Иан Викториа Кәыҵниа лажәақәа рыла иара аиҵбыратә классқәа рҿы дантәаз инаркны иалихит абокс. Убри аахыс имаҷым ииааирақәа, иааирҧшхьоу аихьӡарақәа.

Ажәеи ашәеи анеинаало

20 Ажьырныҳәа 2023 09:26
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит алитература-музыкатә композициа «Ажәеи ашәеи». Ари аусмҩаҧгатә иахаҵгылеит Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра. Ахәылҧаз рҽаладырхәит аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, зиубилеитә рыцхәқәа азгәарҭоз апоетцәа ргәакьацәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me