Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ихантәаҩрала имҩаҧысит ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аилатәара. Аҳақьымцәа иазгәарҭоит ачымазара ашьҭыҵра ишаҿу, Ковид-19 хәыҵҟьеит араионқәа зегьы рҟны. Хадаратәла ичмазаҩцәахаз ирыдырбалоит аштамм «омикрон», ачымазарагьы рацәак аҽараапкуам.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи аҟны ааигәа Аҧсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр астол гьежь мҩаҧнагеит, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс ҷҭ шықәса аҵра иазкны. Аиҧылара анапхгаҩы – астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба иажәаҿы иазгәеиҭеит аиааира шзалымшоз ажәлар зегьы реидгылара ада, Владислав Арӡынба ахара дхәыцны, агәаҕьра аарҧшны имҩаҧигоз анапхгара ада, аҧсуа еибашьцәа рхамеигӡареи рхымшаҭареи…
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ҳҭоурых адаҟьақәа рҟны иҷыдоу аҭыҧ аннакылоит. Зхәышҭаарақәа ныжьны зыҧсадгьыл аҿаҧхьа зуалҧшьақәа назыгӡоз асолдатцәа рахьтә анцәа имчала зыҧсы ҭаны ихынҳәқәаз рацәоуп, аха иҟоуп зымаха-зышьаха еибгамкәа иааз, убас хабарда ибжьаӡыз, ишьыз. Иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Дәрыҧшьтәи аибашьҩы Уаҳаид Чуаз иҩныҟа дхынҳәит, аха араҟа изыҧшын аибашьра иахылҿиааз ажәабжь хьанҭақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me