Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Заа издыруан…

Ашьхарантә иасуаз аҧша даара ишыхьшәашәазгьы, аҧсҭеи аиҩхаақәеи ирыбжьысны иаауаз ахьҭа шҿацазгьы, уи аӡын ҵхы егьырҭ аҵхқәа иреиҧшымкәан, даара иҧшӡан. Акраамҭа сышьхынҧсыланы, аӡын ҵхы зырлашоз ажәҩан аҿы, «Еҵәаџьаа» реиҧш еикәаҕҕа, еилаарцыруаз аеҵәақәа сырзыҧшуан. Ақыҭаҿы ажәҩан еиҳа иҵаулоушәа, еиҳагьы иҧшӡоушәа снарбозу, мамзаргьы уаанӡа исызгәамҭозу сыздырам, аха 25 шықәса раахыс ақалақь аҟны, уажә сқыҭа гәакьа Хәаҧ избоз аеҵәа ҧшӡақәа реиҧш, ажәҩан аҵаҿ исымбацызт.

Уи аӡын ҵхы ауха даара иҭынчран, лашкгьы уаҩы иаҳауамызт. Аеҵәақәа ирхылҵуаз алашара заҵәык, ҩ-ҭаацәарак ҳаиҵазааӡаз сабдуцәа рашҭа иҭаҧхон. Аҵых аҭынчреи аеҵәақәа рыҧшӡареи сыргәылахаланы, сызхара исзымбо сахьырзыҧшуаз исызцәырҵуаз агәалашәарақәа рацәан. Зегь раҧхьаӡа сыла иаахгылеит схәыҷра ашықәсқәа…

Шҭак еицҭанхоз саб иашьа Мироди саб Беслани рыҧсы анҭаз, ладеи-ҩадеи 4-ҩык – 4-ҩык рыхшареи, иааидкыланы 12-ҩык ҳахьеицҭанхоз ашҭа шаҟа иссирыз, ибарақьаҭыз, аџьџьаҳәа ҳшыҟаз. Сыбла иаахгылон изаамҭанымкәан Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, аибашьра аветеран саб рыцҳа еснагь асасцәа шымҩахигалоз, ҳаҽхырҧарҭа еснагь аҽқәа шагмыз, сан еснагь «Аҧсуамца» иахакнаҳаз архнышьна ихшьыз ачуан иҭаз абысҭа амҳаҧ аларҵәиаауа дыццакны ишылуаз. Ашҭаҿы ихәмаруаз ахәыҷқәа дшааҳадгылалоз, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз, Леон иорден занашьоу саб иашьа, ахәыҷқәа «сашьаду» ҳәа заҳҳәоз Мирод Гәажәба «абри ашәҟәы баҧхьа аҧсуа ажәаҧҟақәа ануп, нас еилыбкаази ибгәаҧхази сзеиҭабҳәап» – ҳәа ашәҟәы еицарсак сара сахь иширххоз. Шықәсқәак раҧхьа зыдунеи зыҧсахыз уи ихатә ҩыза, «мамаду» ҳәа заҳҳәоз, Нелли Кәакәасқьериа-ҧҳа лакәзар, хаҭала сара дсырҵаҩын, уи зынӡа ашҭа саақәлар шылымуаз «бҵатәқәа ҟабҵахьоума» – ҳәа сшыхҭалкуаз. Исгәалашәоит, еиҳарак аӡын ҵхқәа раан саб иашьа еиҭеиҳәоз ажәабжьқәеи лассы-лассы ҳашҭахь имҩахыҵуаз ҳҭынха ду Мыҷа (Валентин) Арсҭаа исамырҟәыли рзыӡырҩра бзиа шызбаз, иара убас хаҭала, саб иашьа иахь имҩахыҵуаз аҧсуа интеллигенциа рбара, урҭ рзыӡырҩрра шаҟа игәахәараз хәыҷгьы-дугьы ҳзы.

Абас, акыр гәалашәара сшеимаркуаз, ахьҭа шсылсызгьы сызгәамҭеит, «аҩныҟа блеи, алашьцараҿы ахьҭа бызҽыбшьуеи» – ҳәа сызҿызҭуаз сангьы аҭак сызлымҭо, еишьҭаланы схаҿы иааиуаз сгәалашәарақәа ҵыхәаҧҵәара рымамызт.

Ус, схаҿы ишааиз сзымдырӡо, ашкол ашҭа сынҭалеит. Аамҭа акыр шцахьоугьы сгәалашәараҿы «иаацәырҟьа-цәырасит» апионерра сшаламлаз…

Агәала зхашҭуа ауаҩы дыҟоуп. Аха сара агәалагьы агәахәарагьы ззеиҧшу, аҩбагьы згәалашәараҿы иаанхо среиуоуп. Убри азы акәхап, ари ахҭысгьы, уи ҿҳәарас иамаз аӡын ҵхы азы изысгәалашәаз, амала, шьҭа гәалак аҳасабала акәымкәан, ииасхьоу, сыҧсҭазаара иахәҭакыз хҭыск аҳасабала.

– Аҧшьбатәи акласс аҟны аҵара сҵон, Ленин иаҳаҭыр шьҭыхны, «Ленин Дуӡӡа – ҳгәацаҧха» – ҳәа ажәеинраалақәа ианрыҧхьоз аамҭа маҷк сахьӡеит. Апионерра алалара аҽазыҟаҵара ҳаҿын, ашкол ашҭа ҳрыцқьон аҵаҩцәа зегьы. Ус, абҕьыжә еизганы иахьышьҭаз «аӡә днагәылсны, еиҭах ашкол ашҭа инахьыгӡаны, инеилажәжәаны дцеит». Уи ишьҭанеиуаз ахәыҷқәа зегь шьҭрақәланы «абҕьыжә еилазыжәжәаз» иҟаиҵаз неиҭарҳәеит. Уи аамҭазы, саргьы савымскәан, саҧхьаҟа ицахьаз сҩызцәа снарышьҭалеит, иҟалаша аныҟала ашьҭахь. Аха, сара сышьҭахь амитә ҟалеит. Ашкол адиректор Гь.Хь.Анқәаб «еизганы ишьҭаз абҕьыжә еилазыжәжәада» ҳәа данҵаа, аҵыхәтәаны ицаз сара шсакәыз збаз аӡәы сыхьӡ иҳәеит. Уи акәхеит, «ацәгьа зуз» деилкаамкәан даанхеит, сара залымдарала «саҿашәеит». Ишысхарамыз сҳәагәышьеит, аха, еснагь еиҧш, аҧсҭазаараҿы аиаша агәра хаҵам. Иҧшӡаны еиҿартәоу амц аҧсҭазаараҿы еиҳа иазыӡырҩуеит, ҳаҭыр ақәырҵоит.

Иахьеиҧш исгәалашәоит, ашкол адиректор аҧшьбатәи акласс аҟны итәаз ахәыҷы, «сара сакәӡазаргьы», ус аҟаҵара шхәарҭам азы дысмабжьакәан шаҟа дсықәымчны дцәажәаз. Уимоу, «иҟабҵаз ацәгьоуразы апионерра балалар ҟалаӡом» – ҳәагьы нациҵеит, ауаҩы дызшьыз аӡә сакәызшәа. Аиашазы, сара рацәакгьы сазгәышьуамызт «иҟаҧшьыуаркалеиуаз агалстук» аныҟәгара, ахәда ахаҵара. «Еиҳагьы исзеиҕьуп» – ҳәа сгәы инҭысҳәаан снахынҳәны сцеит. Адырҩаҽны адиректор игәаҧсахеибакра ихыҧсааит, апионерра салаҵара хаала-мчыла аӡәырҩы арҵаҩцәа рҽазыршәеит, аха уаҳа умҧсит. Саргьы схәыҷын, аха шьоурак аҳасабала, адиректор иажәа џьбарақәа рцас саламлеит. Сара стәы иасыргеит, амала, «сышиашаз» иахьанӡа аӡәгьы издыруамызт, аха мышкгьы исхасымҵеит «агалстук ҟаҧшь».

Сҩызцәа апионерра иалалеит, ес-ҽны аӡәы игалстук ихашҭны дааларын, даҽаӡәы ауанҭара дахьӡомызт «иҟәыҷны» ихеиҵаларын. Ажәакала, еснагь уи иацын апроблема. Есымша ацәаҳәа иқәыргыланы сҩызцәа ианрацәҳауаз, сара сҭынчын…

Абас шықәсык ҳнеит, анаҩс, «Ленин аҳәынҵәа иқәҭәара» иаҧшьырган, ибаҟақәа рықәгара иалагеит, ахәыҷқәа иуанҭаны иныҟәыргоз «агалстук ҟаҧшьгьы» наҟ инкарыжьит. Саргьы еиҳа «сыҧсы ҭалеит, «ҿа сҳәо сҟалеит». Сҩызцәа рҿы «сҽырзажәны» слафуан. «Сара заа издыруан ус ишыҟалоз» – ҳәа.

Арҭ зегьы ахәыҷра адунеи иацу агәалашәарақәа рҟынтә иаауеит. Еснагь еиҧш,ахәыҷрагьы иацуп агәыҕра ссирқәа, аҧсҭазаара ду ахь амҩаҿы, зынгьы угәамҵуеит, аха еиҳарак ахәыҷра анасыҧ ацуп. Уи еиҳау акгьы ыҟам.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me