Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко ииубилеи идиныҳәалеит.
Ииуль 14 азы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Москвамҵантәи ирезиденциа "Горки – 9" аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведеви реиҧылара. Бжьаниеи Медведеви инҭкааны ирылацәажәеит еиуеиҧшым аусхкқәа рганахьала ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба идикылеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абаза" амилаҭтә хеилак ахаҭарнакцәа. Уи асасцәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит: "Ари хҭыс бзиоуп, избанзар иахьа алшара ҳамоуп Амилаҭтә хеилак "Абаза" ахаҭарнакцәа рҟны ҳажәларқәа рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рылацәажәаразы". Ахада ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит аҧсуааи абазақәеи рыбжьара аимадарақәа рырҕәҕәара акырӡа шаҵанакуа, ҷыдала иаликааит абри азҵаараҿы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҵакы. "Адырга ҷыда амоуп Тарас Мирон-иҧа Шамба иирамш аҽны ҳаиҧылара…
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me