Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Харҭәаашьа змам ацәыӡ ду

Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара ацәыӡ ду аиуит. 96 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, , Аҳәынҭқарратә музеи аҿы Аԥсны аҭоурых ажәытәӡатәи, абжьаратәи ашәышықәсқәа рыҟәша абжьгаҩ хада, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор Мирра Хоҭелашвили –Инал-иԥа.

Мирра Константин-иԥҳа диит  1928 шықәса рзы Қарҭ. 1951 рзы лҵара хлырқәшеит  асубтропикатә нхамҩазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә институт аҿы. Аушьҭымҭацәа реихшараан лара дақәшәоит Гәылрыԥшьтәи араион ақыҭанхамҩа аҟәшахьы. Аброуп иахьеибадыруа анаҩс зыԥсҭазаарақәа еилазҵаз аҵарауаа Мирра Хотелашвили, абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа ҭҵаарадырратә институт аусзуҩ еиҳабы Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥеи. Шьалуа Инал-иԥа ибзоурала лара Аԥсны аҭоурых агәыбылра лкуеит, анаҩстәи ашықәсқәа рзы уи мҽхакыҭбаала аҭҵаара лҽазылкуеит.  50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны лхы рылалырхәуан Аԥсны аҩнуҵҟа имҩаԥыргоз археологиатә ԥшаарақәа. 1960 шықәса инаркны 1968-нӡа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи афондқәа рҿы аус луан.  Анаҩс диасуеит абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт археологиа аҟәшахьы, уаҟа аус луан 1971 ашықәсанӡа.  1971 рзы Аҳәынҭқарратә музеи ахь аусура даарыԥхьоит, 1977 ш. рзы напхгара рылҭон археологиа аҟәша аекспозициатә залқәа хәба. 2015 шықәса инадыркны Аҳәынҭқарратә музеи аҭҵаарадырратә абжьгаҩ хадас аус луан. Арҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны, Мирра Константин-иԥҳа амузеи аҿы лнапы алакын зымҽхак ҭбааз аусура, еиҳаркгьы уи азкын еиуеиԥшым археологиатә ԥшаахқәа системак иақәшәо анапҩыратә хҳәаа рыҭара. Иара убасгьы, хәы змоу амаҭәахә иалхәу  6 500 цыра еидызкыло  анумизматикатә материал ашәҟәҭагалара азун лара лнапхгарала. Мирра Хоҭелашвили иҟалҵаз аескизқәа рыла 1972 ш. рзы еиқәыршәан абжьаратәи ашәышықәса иаҵанакуа Аԥсны аҭоурых аекспозициа. 1992-1993 ш. рзы, аԥсуа –қырҭуатә еибашьраан Мирра Константин-иԥҳаи, амузеи усҟантәи аиҳабы Александр Ҭариеи, амузеи аусзуҩцәеи ирылшоз зегьы ҟарҵеит хәы змоу аекспонтқәа реиқәырхаразы. Аибашьра ашьҭахьгьы Мирра Хоҭелашвили, уи лыԥшәма, аҵарауаҩ ду Шьалуа Инал-иԥеи рԥазаҵә Адгәыр иҭахара ирзаанагз агәырҩа рхы аҵамырхакәан рыҭҵаарадырратә ус нарыгӡон. Мирра Хоҭелашвили дравторуп 50 инареиҳаны, Аԥсны аҭуорыхи, археологиеи, анумизматикеи ирызку аҭҵаарадырратә усумҭақәа. 2010 шықәса рзы иҭыҵыз  «Аԥсны аҭоурых аԥхьаразы»  зыхьӡу ашәҟәы арҵаҩцәа рзы ицхыраагӡа бзиахеит. 2020 шықәса рзы ари ашәҟәы ихарҭәааны еиҭаҭыжьын. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me