Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ирыдыркылеит В.Г.Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет аректор Сергеи Глаголеви атехноло­гиатә университет адкылара аиҿкаареи анапхгареи ринститут адиректор Сергеи Булгакови. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит иреиҳау аҵарадырра аганахьала аусеицура, иҷыдоу азанааҭтә ҵара арҿиара, астудентцәа хықәкыла аҵара дырҵара, Белгород Аԥснытәи астудентцәа ршәарҭадара, иара убас аспециалистцәа реиҭазыҟаҵара алыршара, аолимпиадақәеи аконкурс­қәеи рҟны аусеицура.
Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба инапхгарала Аԥсны Апарламенттә делегациа рхы рыладыр­хәит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 63-тәи аилатәара аусмҩаԥгатәқәа. Абри атәы рылеиҳәеит Апарла­менттә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Володин. Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа иалоуп адепутатцәа Ҭемыр Беиа, Вахтанг Голанӡиа, Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа. Аилатәара мҩаԥысит Апарламенттә Еизара Ахеилак ишьақә­нарӷәӷәаз амш аусхәаԥштә инақәыршәаны. Аилатәара мҩаԥигон Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара…
Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡаразы Аиқәыша­­ҳаҭра, – иаанацҳауеит РИА Новости. Изыхәҭоу адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҟны.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы лассы-лассы еиҿыркаауеит абиԥара еиҳабацәа, абжьаратәи абиԥарақәа ирыҵаркуа, ҳаԥсуа культура зырбеиахьоу, иахьагьы ақыцә зку асахьаҭыхҩцәа, убас абаҩхатәра злоу, аҟазара ԥсҭазаарас ишьҭызхуа аҿар русумҭақәа. Ари ишьаху хҭысуп, ус анакәха, аԥсы ҭоуп, иҿиоит акультура.
Сынтәа Лаҭатәи ахҭыс злымӡаах 30 шықәса ахыҵит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа шьыжьнаҵы арадиомонтаж «Ахьаа» зыхьӡыз аныҩуан. 87-ҩык цәгьаԥсы­шьа зыҭаз, авертолиот МИ-8 иҭаб­лыз аӡәа-ӡәала, хьыӡ­ҳәала еиқәыԥ­­хьа­ӡан, аибашьра иалиааз ашәа­қәа ашар­ԥаз инаркны ақалақь иахыҩуан…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me