Зегьы Аиааира ду Амшаз

Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаартуп Тамбов ақалақь аҿы еиҿкаау, Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку амузеи ацәыргақәҵа. Уи азкуп Аџьынџьтәылатә Еибашьра 1941-45 раан игаз Аиааира амш.


Иалкаатәуп ақалақь Тамбови, Аҟәа ақалақьи аиашьара шрыбжьарҵахьоу. Убри инамаданы иаҳхысыз ашықәсазы Тамбовтәи атәылаҿацәҭҵааратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи еицхырааны ишеиҿыркааз ацәыргақәҵа «Ҳара аԥсра ҳазцон – ҳанхаларцаз» зыхьӡыз, Аиааира ду амш аҳаҭыраз.
Сынтәа маи 9 ааигәахамҭаз Тамбовтәи амузеи анапхгаҩы Андреи Челикин, уи аусзуҩцәа Роман Простатинови, Васили Биволи Аҟәа иаҳзааргеит апланшеттә цәыргақәҵа. «Аиааирахь ацәырҵра» зыхьӡу. Ацәыргақәҵа аалыртит Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа. Лара иазгәалҭеит ҳара ҳаиҭанеиааира акырӡа шаҵанакуа, еицазгәаҭаз арыцхә – Аиааира Амш ҳажәлар рыхәҭа ду шалоу.
Асасцәа, Тамбовнтәи иааз, бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, дықәгылеит Аб Басариан Аԥлиаа. «Аибашьра рыцҳара дууп, амилаҭеилыхра, ажәларқәа реичырчара шьаҭанкыла иқәхтәуп. Ҳара ҳгәы иаанагон 1942-1945 шықәсқәа рзын анацизм ықәган ҳәа, аха мап, уи иахьанӡагьы иааӡеит, адацқәа аҳаит, адунеи ахи-аҵыхәеи иахьнагӡеит. Маи 9 анаҳҳәо, ҳара зегь раԥхьаӡа ҳхы-ҳгәы аҿы иааиуеит ажәларқәа зегьы, милаҭ еилых ҟамҵакәа афашизм ишаҿагылаз. Еидгылеит, рыжәҩахыр еидырҵеит, убри азын ауп Аиааирагьы залыршахаз», – иазгәеиҭеит Аб Басариан Аԥлиаа.
Аԥсны аҵеицәа рахьтә, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 55 нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжеиҳараҩык еибганы изыхнымҳәӡеит. Ҳара зегьы иаҳуалԥшьоуп Афырхацәа рыхьӡ агәалашәара, анаӡаӡатәра.
Асасцәа Тамбовтәи иааз ҭабуп ҳәа реиҳәеит Акординациатә хеидкыла аиҳабы Олег Иурченко, иазгәеиҭеит ҳаиҭанеиааирала ҳаиҩызара, ҳаиашьара шдырӷәӷәо. «Ари иаҳзеиԥшу уасхыруп. Ари агәалашәара ҳара ашәышықәсақәа иргәылганы иаҳгалароуп, ҳхәыҷқәа, ҳмаҭацәа ирымаҳдароуп ҳҵеицәа рфырхаҵара. Уи аҭахуп, ихымԥадатәуп – аҽазнык аибашьра ҟамларцаз», – иҳәеит иара.
Ақәгыларақәа рнаҩсан асасцәеи, аԥшәмацәеи ирбеит аекспонатқәа, урҭ зегьы дрыхцәажәон Тамбовтәи амузеи анапхгаҩы Андреи Чиликин.
Аиашьара зыбжьазҵаз ақалақьқәа Аҟәеи Тамбови рцәыргақәҵа аԥсы аханаҵон ҷыдала дара рзыҳәан иаԥҵаз ашәа, уи авторцәас иамоуп Ҭемыр Кәакәасқьыри Артур Лакрбеи.
Ԥгара ақәымлааит ажәларқәа реиҩызара. Иҟалааит аҭынчра адунеиаҿ!

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me