Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адыгэ ныпэ амш

Ажәҩан аҿоуп иахьыҟоу, ишдыру еиԥш, аеҵәақәа рдунеи. Амзеи дареи еицрыгашьа шрымам еиԥшҵәҟьоуп, ихьыԥшшәылоу аеҵәақәа жәаҩеи, ажәҩан ахь ирхоу еихыршьу ахҿақәа хԥеи знубаало ицәеиқәаиаҵәоу Абираҟи, жәытәӡаахыс уи зҭоурых иаласоу, хылҵшьҭрала иаҳзааигәаӡоу адыга жәларқәеи ахааназ еиҟәыҭхашьа шрымам.


Апрель 25 рзы иазгәарҭеит Адыга (ачерқьес) бираҟ – Адыгэ ныпэ амш. Уи, аԥсуа доуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа, агазеҭ «Аԥсны» аҭыжьра анхацыркха ишазиҳәаз еиԥш, аамҭа уадаҩқәа ирԥыргалоз амзызқәа ирыхҟьаны, адунеи еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны инхо, зықьҩыла адыга жәларқәа – аедыгьақәа, ачерқьесқәа, аҟабардақәа, шаԥсыӷаа уҳәа рхылҵшьҭрақәа зегьы зыҵаҟа рҽеидыркыло ракзаара иашьаноуп (иасимволуп).
«Родиться адыгом не трудно, а прожить всю жизнь и умереть адыгом очень не просто» ҳәа зҳәахьаз, зыхьӡ адунеи еицадыруа азиндырҩы, ауаажәларратә усзуҩ, сынтәа диижьҭеи 90 шықәса аҵра азгәарҭо, ҳажәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи раагара аус аҿы зылшамҭа шьардоу Иури Калмыков дызхаҭарнаку адыга жәлар ицәеиқәаиаҵәоу, ԥшькәакьҭак змоу рбираҟ аҟны иаҳбо ихьԥшшәылоу асахьанҵақәа рҵакы азы иҟоуп еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә знеишьақәеи аҳәамҭақәеи. Урҭ рахьтә зегь раасҭа аларҵәара змоу ҳәа иԥхьаӡоуп: аеҵәақәа жәаҩа – адыга (ачерқьес) жәлахылҵшьҭра (субетнос) хадақәа – абаӡехқәа, бесленеиаа, бжьадыгәаа, жанеаа, аҟабардақәа, амахошқәа, наҭухаиаа, ҭемыргоиаа, аубыхқәа, хаҭукаиаа, ашаԥсыӷқәа аадырԥшуеит ҳәа зҳәо.
Еихыршьу ахҿақәа хԥа ракәзар, адыга жәлар рҟны ихадароу, знырра ӷәӷәоу аамсҭа хылҵшьҭрақәа хԥа ралкаара иадыргоуп рҳәоит нҵамҭақәак. Даҽа гәаанагарақәак рыла, урҭ жәлахылҵшьҭра рацәала ишьақәгылоу адыга (ачерқьес) жәлар ракзаареи рҭынч еицынхареи ирсимволуп.
Ажәлар рҳәамҭак излаҳәо ала, ҭынч анхара аамҭазы, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа агәымшәақәа рабџьармаҭәа иацҵаны иныҟәргоз, шамахамзар еихыршьны зхы аҩада ихоу ахҿақәа хԥа ракәын, аҭынчреи аидгылареи рхықәкы хадақәа ишреиуоу шьақәзырӷәӷәоз. Ари аҳәамҭа Нарҭаа репос (адыга вариант) афырхаҵа – ажьира анцәахәы Ҭлеԥшь ихьӡ иадырҳәалоит.
Хыҵхырҭақәак рыла раԥхьаӡа адыга (ачерқьес) бираҟ рӡахит XVII ашәышықәса алагамҭазы Британиа Ду. Черқьестәылаҟа иааган Шотландиатәи адипломат, ашәҟәыҩҩы, Константинополь иҟаз Британиатәи ацҳаражәҳәарҭа амаӡаныҟәгаҩ Девид Уркварт ибзоурала.
Абираҟ иану асахьақәеи аԥштәи акырынтә рҽеиҭаркхьеит, зқьышықәсала изхашәыршәыруа ажәлар рҭоурыхтә ҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны. Иахьа иаабо – иаҳхысыз ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, асовет ҳәынҭқарра ахыбгалара ашҟа ахы анарха, уи еиднакылоз аидгылатәи автономтәи республикақәа «хазынхара» анаԥшьарга аамҭақәа –1992ш март 24 раахыс Адыгеиатәи Автономтә Республика иаҳәынҭқарратә бираҟуп. 2007ш. ииун 7 рзы ахаҿԥшра еиҭакра маҷқәак алагаланы Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә хеилак еиҭашьақәнарӷәӷәеит ареспублика иасимвол хаданы.
Ишьақәгылахьоу традициак аҳасабала Адыга (ачерқьес) бираҟ амш азгәаҭара хацыркхоит ҽылатәи хараныҟәара мамзаргьы машьынала «аиԥхныҩларақәа» рыла, ихыркәшахоит аныҳәақәа ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа ауаа рацәа зкуа рашҭа ҭбаақәа рҟны, еицырдыруа, зегь бзиа еицырбо адыга кәашара Адыгэ Џьегә (аԥсуа кәашара «Аураашьа» иеиԥшу) анагӡарала.
Есышықәсеиԥш сынтәагьы ари амш аҽны, адыга жәларқәа рхаҭарнакцәа ахьықәынхо ареспубликақәа раҳҭны-қалақьқәа – Нальчик, Черқьесск, Маиҟәаԥ, ашаԥсыӷқәа рҵакырадгьылқәа – Хаџьико, Каленж, адыгақәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷым Краснодар, иара убас ихароу аҳәаанырцә – Иорданиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа уҳәа адыга жәларқәа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо ҩынҩажәижәаба инареиҳаны атәылақәа рыҟны имҩаԥысит урҭ рмилаҭтә хаҿра аарԥшра, рдоуҳа аӡыргара иазкыз, зықьҩыла аҿар реиԥш аиҳабацәагьы рхы зладырхәыз алахҿыхреи агәырӷьареи зыцәмаҷмыз еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа.
Аԥсны ауаажәларрагьы ирыцәтәымым ари арыцхә акырҵуеит, уи ахьӡала еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеижьҭеи, еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Урҭ раԥшьгаҩцәа иреиуоуп аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны шықәсыки бжаки раԥхьа иаартыз В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа ацентр, аҿартә еиҿкаарақәа. Амала, сынтәа ус мҽхакы ҭбаала азгәаҭара залыршамхеит, ианакәызаалак урҭ аусмҩаԥгатәқәа ҽышәала ирылахәыз аԥсуа арԥарцәа руаӡәы ааигәа машәырла иԥсҭазаара ахьҿахҵәаз инамаданы.
Абираҟ амш азгәаҭара мацара акәымкәа, адыга жәлархылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаибабареи, ҳаиҭанеиааирақәеи есааира рымҽхак шдырҭбаауа иаршаҳаҭгоуп аԥсуа милаҭтә газеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә хаҭала рхы ахьаладырхәыз абаза милаҭтә газеҭ «Абазашҭа», ачерқьес милаҭтә газеҭ «Черкес Хэку» рредакторцәа хадацәа – Фардаус Куловаи Лиусана Абидоковаи, иара убас Адыгеиатәи амилаҭтә газеҭ «Адыгэ макъ» аредактор хада – Саида Мешлоки, акорреспондент Хабахова-Анчокова Иринеи, аедыгь поетесса, Аԥсны зырҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысхьоу, агазеҭ «Адыгэ макъ» уаанӡатәи аусзуҩ – Саниат Ӡыбоваи. Агазеҭ «Аԥсны» аҭоурых аҿы ари ахҭыс: аамҭаказы аешьаратә жәларқәа рмилаҭтә газеҭқәа рхаҭарнакцәа ҭыԥкаҿы реиқәшәара раԥхьаӡатәиуп. Ҳәарада, зуасхыр шьҭаҵоу ари аус аԥхьаҟагьы иацҵахоит, ҳазну ашықәс ахԥатәи аԥшьбарак алагамҭазы, Нхыҵ-Кавказ урҭ аредакциақәа рыҟны иазыԥхьагәаҭоуп, агазеҭ «Аԥсны» аиубилеи инамаданы аредакциа аусзуҩцәа алархәны еиуеиԥшым аиԥыларақәа рымҩаԥгара, убасгьы урҭ рҳәаақәа ирҭагӡаны анаҩстәи аусеицуразы ашәҟәқәа рнапаҵаҩра.
«Ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит» ҳәа баша ражәа иалам ҳажәлар, ашьаҿа хәыҷызар акәхап уажәазы, аха анаҩс ҳгәыбылра аизырҳареи ҳажәҩахыр арӷәӷәареи ирзынархоу аусқәа рзы аамҭақәак рышьҭахь шәкы еиҳахаргьы алшоит…
Иблахкыгоу «Адыгэ ныпэ» – Адыга бираҟ зхашәыршәыруа ҳаешьаратә жәларқәа шәышықәсала аҭынч ԥсҭазаара рԥеиԥшны, адунеи ажәларқәа ирыланыҳәазааит.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me