Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Абиблиоҵхы» –2024

Ааигәа абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟны имҩаԥысит ҿыц иҭыҵыз аԥсуа бызшәа рҵара иазку ашәҟәқәа хәба рӡыргара. Арахь иааԥхьан ашәҟәқәа реиқәыршәара иазааԥсаз аҵарауаа, абызшәадырҩцәа.


Ашәҟәқәа рӡыргарахь ииасаанӡа минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит ааигәа здунеи зыԥсахыз абызшәадырҩы, апрофессор Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.
Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашәҟәқәа рӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы. Идлырбеит иҭрыжьыз ашәҟәқәа. Уи илҳәеит: «Ихадоу аԥсуа бызшәа дырҵара, иҷыдоу апрограммала рызнагара шакәу Ҳара ҳусбарҭа абзоурала иаартын ҩ-гәыԥк. Рҵаҩыс дрымоуп Лиуба Цәеиба. Иахьанӡа ихыркәшоуп ҩ-курск, ирыҭоуп асертификатқәагьы. Аԥсуа бызшәа акурс ашәҟәы ҭҳажьит, аредакторс дамоуп Диана Шамба. Изҵарц зҭаху зегь рзы иманшәаланы иҟаҵоуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу аус ауа иҟаларазы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа зегьы ишрыхәҭоу аус руазароуп, раԥхьа игылоуп аусмҩаԥгара. Убри хықәкыс иҟаҵаны иҭыжьуп ашәҟәы «Аԥсышәала аусмҩаԥгаразы ацхыраагӡа», редакторс дамоуп Светлана Ладариа-ԥҳа. Г.Х.Андерсен имшира инақәыршәаны иҭрыжьит, Сергеи Зыхәба, Шамиль Аҟәысба реиҭагақәа. Платон Бебиа ишәҟәы «Амра ԥхоит», Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирызкны ииҩхьаз ажәеинралақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра».
Русура атәы иалацәажәеит арҵага шәҟәы «Аԥсуа бызшәа алагарҭатәи абжьаратәи аҩаӡара» зыхьӡу аредактор, аспециалист хада Диана Шамба, иара убас уи авторцәа, апрофессор Альдона Ажьибеи, абызшәадырҩы, аҵарауаҩ Адгәыр Шьынқәбеи. Ашәҟәы актәи ахәҭа азкуп ашьҭыбжьқәа рҵара. Иара шоуп ҩ-хәҭакны, актәи ахәҭа 20 урок рыла ишьақәгылоуп. 500 ажәа аус рыдулоуп, иҟоуп имаҷу атекстқәа, изҭаху зегьы рхы иадырхәо. Аҵак ду аҳҭеит атәыладырратә аспект, аҵара маншәалоуп, редакторс дамоуп Гәында Кәыҵниа, аиқәыршәаҩ Адамыр Беренџьи, иазгәалҭеит Диана Шамба лықәгылараҿы..
Ашәҟәы аҩбатәи ахәҭа дазааҭгылеит АУУ аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы, апрофессор Альдона Ажьиба. Уи рызкуп ацәажәаратә темақәа, араҟа ихадоу ашьҭыбжьқәа рхала дырҵара акәӡам, уи ажәа, аҳәоу, адиалог ирыдҳәаланы, аиндуктивтә метод ала рызнагара ауп Уи иаанаго, имазеины акгьы раҳҭаӡом, дара аҽаршьцыларақәа нарыгӡоит, нас алкаахьы ицәырҵуеит.
Аусбарҭа аспециалист хада, апоетесса Гәында Сақаниа-ԥҳа дазааҭгылеит иҭрыжьыз Платон Бебиа ишәҟәы ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа «Амра аԥҳаи», Владимир Аҵнариа ишәҟәы «Сыԥсадгьыли амреи».
Ашәҟәқәа рҭыжьра зџьабаа аду зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, иқәгылеит Милиа Ҵнариеи, Кама Бебиа-ԥҳаи.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Арҭ ашәҟәқәа уаҵәтәи амш анаҳҳәо ирыҵаркуа рацәазар ҟалап, аки-аки еиԥшымкәа ихеибарҭәаауа иҟоуп, арҭ аҭыжьымҭақәа зегьы, аҳәынҭқарра аусаҿы ахархәара зауша, ӡышхәак иаҩызоуп». Иара убас иҟаиҵеит ажәалагала абраҟа, абызшәатә политиказы аҳәынқарратә усбарҭаҿы иҟазарц шахәҭоу акомпиутертә центр.
Ашәҟәқәа рӡыргараҿы ргәаанагарақәа рҳәеит аҵарауаа ҿарацәа Дифа Габниа, Альбина Анқәаб, Риҵа Сақаниа, апоетесса Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
Ашәҟәқәа хәыда-ԥсада ирыҭахоит ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа. Иаазхәарац зҭаху рзы иаарласны ашәҟәыҭирҭақәа рҿы инагахоит. Иахьазы урҭ ртираж 25 нызқь инаӡоит.

Наира Сабекиа 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me