Таҷ Гыцба изкны

23 Ԥхынкәын 2022 07:45
Иҧсҭа­заара далҵит аҧсуа хаҵа-нага, Аҧсуара ныҟәыз­­гоз, асоветтә аамҭазы аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭ­ратә қәҧара иалахәыз, аџьабаа азыз­бахьаз, Аҧсуа ҳәынҭқар­ратә музеи аҟны аҭҵаарадырратә зҵаарақәа знапы ианыз адиреқҭор ихаҭыҧуаҩыс аус зуаз, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭ­ҵааҩ, «Ҳаҭыр зқәу адоқҭор», «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Таҷ Шьаабан-иҧа Гыцба.

Аԥсны Жәлар Реизараҿы

23 Ԥхынкәын 2022 07:44
Абарҭ амшқәа рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепу­татцәа актәи аԥхьарала ирыдыр­кылеит 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет. Уи ааигеит Аԥыза-министр ихаҭы­ԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсны аҳәынҭқарратәи ареспубликатәи абиуџьетқәа ршәага-загақәа шьақәыргы­­лоуп 2022 шықәса ииуль 28 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәна­рӷәӷәаз асоциал-економикатә рҿиара Аиндика­­тивтә план ашьаҭала.

Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы

23 Ԥхынкәын 2022 07:43
Аҧсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны Ацҳаражә­ҳәарҭа аҟны имҩаҧысит Казан атуристтә лшарамчқәа рӡыргара, – иаанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура. Аҟәа ахадара амуниципалтә унитартә наплакы аиҳабы Леуан Адлеибеи «Казан ақалақь арҿиаразы Аилак» Амуниципалтә наплакы аиҳабы Дариа Санниковаи рнапы аҵарҩит атуризм аганахьала Аҟәеи Казани русеицуразы Аиқәышаҳаҭра.

Аҵарадырра аиӷьтәразы

23 Ԥхынкәын 2022 07:42
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диԥылеит Нхыҵ-Кавказ­тәи Афедералтә университет Аиуристтә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов, – иаанац­ҳауеит Аминистр­цәа Реилазаара асаит.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ирыдыркылеит В.Г.Шухов ихьӡ зху Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет аректор Сергеи Глаголеви атехноло­гиатә университет адкылара аиҿкаареи анапхгареи ринститут адиректор Сергеи Булгакови. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит иреиҳау аҵарадырра аганахьала аусеицура, иҷыдоу азанааҭтә ҵара арҿиара, астудентцәа хықәкыла аҵара дырҵара, Белгород Аԥснытәи астудентцәа ршәарҭадара, иара убас аспециалистцәа реиҭазыҟаҵара алыршара, аолимпиадақәеи аконкурс­қәеи рҟны аусеицура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me