Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсшьаҩцәа ршәарҭадаразы

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысыз аилацәажәарра аҟны Аслан Бжьаниа иеиҳәеит иааиуа аԥхынра аҽазыҟаҵаразы инарыгӡо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.


«Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аус аднаулеит аиҿкааратә, аоперативтә, агәҽанҵаратә усмҩаԥгатәқәа рплан ҷыда. Уи азкуп ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәԥара арӷәӷәара, иааиуа аԥхынразы аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара ахьчара. Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа аус анрыдааулоз ҳасаб азаауит иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рԥышәа. Уи иаҳнарбахьеит абри аамҭазы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа ишышьҭыҵуа, аҭыԥантәи акриминал гәыԥқәак реиԥш, иаҳзааигәоу аҳәаанырцәынтәи иаауагьы активра шаадырԥшуа. Ҳасаб азаауан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Аԥсны аԥсшьара ҳәа иаауа рхыԥхьаӡара шырацәахауа, изгәаԥхо шмаҷҩым», – иазгәеиҭеит аминистр.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра инанагӡоит ԥсшьара иаауа атуристцәа агәҽанҵара-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рганахьала адырра рыҭара. Уи хықәкыс иамоуп дара рхаҭақәа рганахьала иаабац аусмҩаԥгатәқәа рықәныҟәара, дара ргәаҽанызаара ашьҭыхразы иаҭаху аинформациала реиқәыршәара. Абарҭқәа рзы иаларҵәахоит ашәҟәы бӷьыцқәа. Уаҟа иарбахоит еиуеиԥшым амаҵзурақәеи агәрагареи рҭелқәа.
Адырраҭарақәа рыла
Аминистр иааигаз адырраҭарақәа рыла, 2023 шықәса аԥхынразы Аԥсны акурорттә раионқәа рҟны маи инаркны сентиабр азынӡа аԥсшьаҩцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа 50 мҩаԥган. Урҭ рахьтә иаарԥшын 45. 2022 шықәсазы абри аамҭа иадкыланы имҩаԥган ацәгьоурақәа 86, иаарԥшын 52, ари 36 рыла еиҵоуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшақәа зегьы рҟны дара зхылаԥшуа аҭыԥқәа рҳәаақәа инарҭагӡаны апланқәа аус рыдулоуп, иарбоуп аҷаԥшьаратә гәыԥқәа рықәыргылара, рҭыԥқәа уҳәа егьырҭгьы.
Аус зыдулоу иаку аплан «Курорт-2024» аҟны иазгәаҭоуп азинхьчаҩцәа рҭыԥқәа ралхра, иара убас амилициа аусзуҩцәа шьаԥыла рныҟәарақәа. Ҳазну ашықәс азы урҭ 77 ыҟоуп, машьынала аҷаԥшьаратә гәыԥқәа – 51, насгьы азеиԥш леишәеи ашәарҭадареи реиламгара, аԥсшьаҩцәа рганахьала изиным аусқәа ралмыршара. Абри азы еиуеиԥшым агәыԥқәа еиҿкаахоит. Урҭ рхыԥхьаӡара иалоуп ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа уҳәа егьырҭгьы.
Абри аус иалархәхоит
Иара убас ауаажәларратә леишәа алыршара иалархәхоит Аԥсны амилициа иреиҳаӡоу ашкол акурсантцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара иаҿу акурсантцәагьы. Есымша азинпориадок алыршара иадԥхьалахоит амилициа аусзуҩцәа 35-ҩык инареиҳаны.

Ҳазну ашықәс маи инаркны ацентртә аппарат амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реиҳабацәа изыхәҭоу амаҵзурақәеи дареи иааигәаӡаны русеицура алыршахоит. Апрель инаркны рҽазышәарақәа еилаҵаны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны иҷыдоу аоперативтә, апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит. Урҭ рызкуп ацәгьоуратә гәыԥқәа раарԥшреи рыгәҭакқәа раԥырҟәҟәаара рзы, ҷыдала инеиҭаҵ-ааиҭаҵуа идәықәу ацәгьоуцәа рхыԥхьаӡарахьтә.
Аминистр иазгәеиҭеит, аҭыԥаҿтәи аинспекторцәа араионқәеи ақалақьқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәеи рҽеиԥшьны, иааиԥмырҟьаӡакәа ишгәарҭауа аԥсшьарҭа ҩнқәа, апансионатқәа, асанаториақәа, ахатәы сасааирҭақәа рҭагылазаашьа, иара убас ашәарҭадара амаҵзурақәа русура ишахылаԥшуа.
Иара убас, аԥсшьаҩцәа анхарҭа ҭыԥқәа рызҭауа, издызкылауа ауааԥсыра ирацәажәауеит. Урҭ шәҟәыла ргәы рҽанырҵоит дара рҟны инхауа рмазареи ршәарҭадареи рганахьала хаҭала аҭакԥхықәра шрыдлауазы.
Аԥсшьаҩцәа рганахьала ацәгьоурақәа ҟалар, аусқәа ҭҵаахоит ҿҳәара кьаҿқәак рыла, иаҭахны иҟалар – аԥышәа змоу аусҭҵааҩцәеи аусзуҩцәеи рхыԥхьаӡарахьтә ишьақәыргылахоит аоператив-ҭҵааратә гәыԥқәа.
Блаҵарыла – ахылаԥшра
Хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа зҭаауа акурорттә хыбрақәа зегьы, аекскурсиатә цагамҩақәа зегьы аҩнуҵҟатәи аусқәа аҭыԥаҿтәи русбарҭақәа рылаԥш рхызаауеит, ӷәӷәала иагьырхылаԥшлоит.
Иааиԥмырҟьаӡакәа, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи, аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшақәеи рымчқәа рыла ацәгьоуцәа анахь-арахь рныҟәарақәа зыруадаҩуа ареидтә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡалоит, иара убри алагьы урҭ рыгәҭакқәа еиԥҟьахоит.
Агәаҭарҭатә ҭыԥқәа «Мысра», «Кәыдры» рҟны аԥсшьаҩцәа хыԥхьаӡара рацәала иахьыҟоу араионқәа рахь ацәгьоуцәа «рдәықәлара» аԥырҟәҟәааразы аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтә еилазаара ахыԥхьаӡарахьтә аусзуҩцәа рыла ирӷәӷәахоит.
Иааиԥмырҟьаӡакәа иахылаԥшхоит аԥсшьаҩцәеи атуристцәеи ахьныҟәауа аҭыԥқәа рҟны ахәаахәҭратә наплакқәа русура. Ауснагӡатәқәа ируакхоит зхаҭабзиара ҳаракым аҩы, ауатка, ацха уҳәа егьырҭ аалыҵқәа рыҭира алмыршара.
Ахшыҩзышьҭра ҷыда

«Хшыҩзышьҭра ҷыда азухоит амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара. Апланқәа азгәаҭоуп шәарҭара ацымкәа аекскурсиатә гәыԥқәа мҩаԥызгауа автатранспорт атехникатә ҭагылазаашьа агәаҭаразы, ГАИ агәаҭаратә ҭыԥқәа «Бзыԥ», «Приморск», «Маҷара» рҟны иқәыргылахоит имҩасуа автотранспорт асахьа ҭызхуа, видеола иазырбо ахархәагақәа», – иазгәеиҭеит Роберт Киут.
Иарбоу аусмҩаԥгақәа зегьы рынагӡара, амаҵзурақәа зегьы русеицура, хаҭалатәи аилазаара зегьы рымчқәа реизакра иалдыршоит Аԥсныҟа иаауа атәылауаа рганахьала азинлеишәеи ашәарҭадареи акырӡа реиӷьтәра.
Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me