Лаҵара 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Афатә хаақәа рџьармыкьа» – 2024

Маи 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысит Мшаԥныҳәа аламҭалазтәи «Афатә хаақәа рџьармыкьа» ажәбатәи ацәыргақәҵа. Уи иалахәын 50-ҩык инарзынаԥшуа, еиҿнакааит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата.


Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Тамила Мырцхәлаа излалҳәаз ала, раԥхьаӡакәны, иахьа зыдунеи зыԥсаххьоу Геннади Гагәылиа иаԥшьгарала еиҿкаан 2013 шықәсазы ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә. Уи хықәкы хадас иман ауаа рнапкымҭақәа, иҟарҵо рчыс хаақәа рӡыргара. Раԥхьаӡа зхы алазырхәыз рхыԥхьаӡара маҷын – жәохәҩык рҟынӡа инаӡон. Анаҩс рхыԥхьаӡара хәыҷы-хәыҷла иацло иалагеит.
Ари ацәыргақәҵа рхы аладырхәыр ауеит Аԥсны инхо, агәаҳәара змоу зегьы, дара рхаҭа рнапала иҟарҵо ачыс аӡыргара. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан Иԥшьоу Мшаԥы аламҭалазтәи ачыс хкқәа реиԥш, еиуеиԥшым ачарыц хкқәа, акакан лыхқәа, ақалмышь, аџьынџьыхәа уҳәа ирацәаны. Иара убас ахаақәа рыдагьы, араҟа иуԥылон Анцәахаҵаратә ныхачаԥақәа, ацәашьқәа, ааԥынраз ицәырҵуа еиуеиԥшым ашәҭ хкқәа, адекор ҳәа изышьҭоу арԥшӡагатә маҭәарқәа.
Ари ацәыргақәҵа зхы алазырхәыз дыруаӡәкуп Мадина Ашә-ԥҳа. Уи лажәақәа рыла, ҩажәи хәба шықәса раахыс аџьынџьыхәа аҟаҵара лнапы алакуп. Иазгәалҭеит аџьынџьыхәа ҩ-хкыкны ишыҟалҵо, араса - лыхи, акакан - лыхи. Уи адагьы, изҭылшьуа ақалмышьи, ажьырӡи, аԥсуа шылеи шракәу, иара убас аџьынџьыхәа адагьы, ақалмышь, ақалмышь рҩа, еиуеиԥшым акаканлыхқәа. Иланаршьахьеит изныкымкәа аԥхьахәқәа.
Аҵыхәтәан далкаан, ацәыргақәҵа аҭааҩцәа иргәаԥхаз ачыс хаақәа рыҟаҵаҩ Сандра Абрамиан.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me