Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсабара ахьчара зегьы ираҧхьагылоуп

Аҧсабара ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа еснагь ауаа ргәы иҵхо, лассы-лассы иаацәырҵуа, иаразнакгьы иаашьҭҧааны, инеиҵыхны, ҿыцбара ибаны излацәажәо акәны иҟоуп аамҭақәа зегьы рзы.


Ҳтәылаҿы ари атема лымкаала иазыҟоуп, избан акәзар, аҧсуаа цәаҩала аҧсабара иазааигәоуп, атәы рдыруеит, пату рзақәуп, ҳабшьҭрақәа ракәзар, даара еиҷаҳауан.
Ажәытәан аҧсуаа абнахь мҿыхҵәара ианцоз, ирҩыҵракыз аиха аҿы ҭаҳәҳәаны ирҵәахуан, аҵлақәа мшәарц азы. Ааи, ус ауп, иагьа иџьашьатәызаргьы ҳаамҭазтәи абиҧаразы, ажәытәан уи аҩыза ахымҩаҧгашьа рҟазшьан. Аиха аҿы анырҵәахуази, иахьатәи аамҭеи ирыбжьоуп ашәышықәсқәа, ҳаргьы аӡәгьы уи аҩыза ҟаҳҵом. Уи моу ҳааҟәымҵӡакәан ҳазлацәажәо аҧсабара ахаҭагьы ишаҳҳәаҵәҟьо еиҧш ҳахӡыӡом ҳәагьы уҳәаратәы иҟоуп.
Аҧсабара аиҷаҳара амаҷ ала иалагоит. Уи уахьтәоу аҭыҧ азараҟьацәала ихҟьаны аҧырымҵра, унапы иҵыҵыз агәам-сам уахьаақәшәалак акамыжьра, ашьха ихало аҧсшьаҩцәа ҭыҧрбаҩыс уанрыцу, Ашәҟәы ҟаҧшь иану аҵиаақәа шьыҵәрала иҿырхыр анумуа, асыҧсаӡеиҧш ицқьоу ҳәа иҧхьаӡоу, иҧшьоу ашьхаҭыҧқәа рҿы зҽыҵәахны иҟоу ҳӡиақәа, ран ишаалыхшаз рцәа маҭәак адӡамкәан ирҭало, анаҩс зфотосахьақәа рыла асоци­алтә даҟьақәа зырҭәуа ауаа уи аҩыза ҟарҵар анумуа уҳәа, араҟа еиқәуҧхьаӡаша даараӡа ирацәоуп, аха уи зегьы аамҭа агоит.
Абри зегьы зхысҳәааз, амаҷ гәцаракра амҭаӡақәа, ҳхы ҳацкламҧшӡакәан, џьоукы-џьоукы иаҳҟазшьоуп жәаҭлаҧҟала ацәажәара. Ҳәарада, хыхь иҳәоу иаанагаӡом уадаҩра ыҟаӡам, зҵааракгьы ықәгылаӡам ҳәа. Аҳәатәы ыҟазар акәхап, аха ихадароу аҳәашьа ауп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылаҿы ирацәахеит аекологиа ҧырхага азҭо ахәаҷахкқәа. Аӡын аамҭазы урҭ ахьҭа иахҟьаны рхыҧхьаӡара акырӡа еиҵахар акәын, аха сынтәатәи аӡынра ҧханы имҩаҧысуан, аҵаа ҕәҕәа ыҟаӡамызт, убри ауп изыхҟьазгьы ахәаҷақәа ахьаҭа ҧырхага рнамҭакәан, еибганы иахьҕыҵсыз. Шықәсқәак раҧхьа Аҧсны ицәырҵит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы мҽахакыҭбаала апальмақәа рыхшьаара иаҿу, долгоносик зыхьӡу абжы ҟаҧшь.
Гагра араион иахьаҵанкуа мацара иара иахҟьаны ихҩаахьеит жәабала аҵлақәа. Абжы ҟаҧшь апальма иҭаланы афара ишаҿу, аҵла аҩара иалагаанӡа иузгәаҭаӡом. Иҳәатәуп, иҧхасҭоу апальма акыр аамҭа асахьа аҽшамҧсахуа. Ҩымз-хы­мз рышьҭахь ауп иара иананыҧшуа, абыҕьқәа хьыдышьшьыла иҟалоит, уи иаанаго аҩара аҽазнакит ауп.
Абжы ҟаҧшь аҧсы ҭанаҵы, апальма агәыцә ахы инаркны ашьаҭа аҟынӡа ибжьнахыр алшоит, агәы зегьы ҭыфааны инышьҭанаҵоит. Уи апальма ҵаҟаӡатәи абыҕьқәа рҿоуп еиҳаракгьы иахьеизо, урҭ зегьы иахьынаҿаку инҿырҟәыдааны ибылтәуп. Савели Ҷыҭанаа иажәқәа рыла, Аҟәа шамахамзар апальмақәа зегьы чмазҩуп. Аҧсны изызҳауа апальмахкқәа зегьы раасҭа хәы змоу иреиуоп Трахикарпуси Вашингтониеи, дара роуп аҳҭны-қалақь аҿы еиҳаракгьы изызҳауагьы. Савели Михаил-иҧа иажәақәа рыла ҳтәыла аекологцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳаҧсабара иахәҭакәу, зыда иреиҕьу ҳҭыҧ ҧшаӡарақәа ухахьы иузаамго апальмаҵлақәа реиқәырхаразы. Араҟа иҳәатәуп, аҧхарра анааилак абжы ҟаҧшь апальма агәыцә иагәылҵны апальма амахәқәа ахьеиҿартәу ахыцәқәахьы ишеихо акәтаҕьқәа рышьҭаҵаразы. Урҭ иргәылҵуа ахәаҷа ишнеиуа иҧарҧалыкьхоит, ҵлак аҟынтәи даҽакахьы иҧыруеит, уаҟа акәтаҕь шьҭанаҵоит. Абас ала ари еикәшо ҧсабаратә процессны иҟоуп.
Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ахәаҷа хкы уаҳа ицәырымҵуа қәхышьа амаӡам, избан акәзар, апальма агәыцә уагәылаланы иара узагәылхӡом.
Абас ала еилкаауп, ари уажәшьҭа ҳаҧсабара иахәҭакхаз, иааҟәымҵӡакәан изҿагылалатәу ҧырхагахәаҷаны ишаҳзаанхаз. Аеколог игәаанагарала, иҟалап мышкызны ицәырҵыр ҧсабарала иара иаҕоу, иқәызгаша даҽа хәаҷахкык, аха уаанӡа ҳекологцәа ирылшо зегьы ҟарҵалоит апальмақәа реиқәырхаразы.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me