Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абаҩхатәра ашәахәақәа

Иналукааша актиор, Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Нурбеи Камкиа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.


Очамчыра араион аԥсуа қыҭа Аӡҩыбжьа ииз (1934 ш. апрель 15), иааӡаз данқәыԥшыз инаркны атеатр абзиабара шьҭикаахьан. Ашкол даналга дҭалоит Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт. Иалихыз азанааҭ ала аҵара ицааиуан. Рҵаҩцәас иман еицырдыруаз аҟазацәа дуқәа. Нурбеи абаҩхатәра шилаз агәра ргеит 1957 шықәсазы, ахԥатәи акурс аҟны дантәаз астудентцәа злахәыз аспектакльқәа руак аҟны даныхәмар нахыс.
1959 ш. Нурбеи дызлаз аԥсуа гәыԥ дрыцны атеатртә институт иалганы Аԥсныҟа ихынҳәит. Агәыԥ аусура иалагеит Аԥсуа театр аҟны. Араҟа аԥышәа ду змаз, еицырдыруаз артистцәа аус руан, урҭ рҟазара аҩаӡарала ахәаԥшцәа хырххьан, рыхьӡ-рыԥша наҩхьан. Азиз Агрба, Леуа Касланӡиа, Разанбеи Агрба, Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәба, Анна Аргәын-Коношок уҳәа ирҿырҵаауаз рацәан.
Абиԥара ҿа амилаҭтә театр иахь­аҵагылаз реиҳабацәа еигәырӷьон, убри аҟнытә рабжьагажәа рыгдырхомызт. Урҭ рбаҩхатәра, рыхәмаршьа ҿырԥшы бзиан аҿар рзы. Рԥышәа аиҵбацәа ирымардон, атетртә ҟазара амаӡақәа раҵхраҿы имҩақәҵаҩцәан. Ас еиԥш азыҟазаашьа бзиа аҿар иреиуаз рус рхы-ргәы азҭанаҵон.
Аҩажәатәи ашәышықәса анҵәа­мҭазы абжьаратәи абиԥара иаҵанакуаз аԥсуа артистцәа иреиуан: Нурбеи Камкиа, Софа Агәмаа, Еҭери Коӷониа, Виолетта Маан, Шалуа Гыцба, Амиран Ҭаниа, Чынчор Џьениа, Нелли Лакоба, Виачеслав Аблоҭиа, Рушьни Џьопуа, Алықьса Ермолов, Заира Амқәаб-Ермолова, Лидиа Гыцба, Мажара Зыхәба, Сергеи Сақаниа, Олег Лагәлаа уҳәа.
Ашықәсқәа цон, Нурбеи иабиԥара еиуаз есааира рҟазара аадырԥшуан, ишнеишнеиуаз ахәаԥшцәа еицырдырит иаԥырҵоз ахаҿсахьақәа рыла. Нурбеи ихаҭа иеиԥш, аиҵбацәа рзы шьарда аҵанакуан асцена азҟазацәа дуқәа рыцыхәмарра. Атеатртә ԥсҭазаараҿы уи акырӡа хәарҭара алан, убас дахәаԥшуан артист ихаҭа.
«Аԥышәа ду зырҳахьаз асценаҿы санрыццәырҵлак исылымшашагьы сылсыршон. Азиз, Минадора, Шәарах, Леуа уҳәа аамҭа уадаҩқәа раан, аԥсышәала ацәажәара ангәаӷьыуацәазгьы аԥсуа театр ахьӡ бираҟҵас ишьҭыхны иркын. Срольқәа ракәзар, инеидкыланы исылсыршаз маҷым, уи зегьы сара сбеиара ауп. Неилых ҟамҵа зегьы бзиа избоит, акгьы алымкааӡакәа, ахшара еилыхны бзиа ишузымбо еиԥш», – иҳәон Нурбеи игәалашәарақәа руак аҟны.
Аԥсуа театр аҟны Нурбеи Камкиа инаигӡахьаз арольқәа рацәоуп. Урҭ еиуеиԥшым, афырхаҵаратә ҟазшьа змаз реиԥш, иҟан атрагедиа зныԥшуаз, аромантикатә цәа зыҟәныз, акомедиатә жанр иаҵанакуаз убрахь иналаҵаны. Е. Шварц ирҿиамҭала иқәыргылаз «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟны дыхәмарит аминистр ироль, Лорка иҩымҭа «Ишьаарҵәырахаз ачара» иалхыз аспектакль аҟны акәзар– Леонардо ироль. Убас имаҷым аҳәаанырцәтәи адраматургцәа рҩымҭақәа рыла иқәыргылаз рҟны дахьыхәмарыз.
Инаигӡаз арольқәа иреиуоуп: Анџьело (В. Гиуго – «Анџьело»), Кент (У. Шекспир – «Акрал Лир»), Филипп II (Ф. Шиллер – «Дон Карлос» ), Скарамелла (Ж. Шехаде – «Брисбентәи аеммигрант»), Стенли (Т. Уилиамс – «Атрамваи агәаҳәара»), Мезгир (А. Островски – «Асҭыԥҳа»), Варравин (А. Сухово-Кобылин – «Аус»)́, Азиз (М. Баиџьиев – «Адуель») уҳәа.
Е. Шварц ипиеса-лакә «Ашәшьыра» (аиҭагаҩ – Е Коӷониа) акәзар, аԥсуа сценаҿы иқәиргылеит Никәала Чқәан. Ашәшьыра ароль дыхәмарит Нурбеи Камкиа. Агазеҭ «Советская Абхазия» (1979 ш. март 21) аҟны арецензиаҟаҵаҩ И. Гериа илыҩуан: «…Зде­сь и бесчеловеческая жесткость, и наглое хамство, и беспардонное лицемерие, лживость, предательство и безудержный цинизм, оголтелый карьеризм. И каждой из этих черт героя актер находит достаточно четкий оттенок черной краски, создавая зловещую сильную фигуру, заставляющую нас вспомнить и о такой философской категории, как Зло, и о такой реальности, как фашизм. И сила образа, созданного Н. Камкиа, в том числе, что при всей своей цельности, он многопланов… И вот он уже перед нами в грозно развевающемся, как крылья ночной твари, черном плаще, жаждущий затмить свет солнца, прибить, приглушить все краски жизни».
Иахаану изларгәалашәо ала, Нурбеи Камкиа ихьӡ ахәаԥшцәа ирылаҵәеит атеатр аҟны иқәыргылаз У. Шекспир иҩымҭа «Акрал Лир» аҿы инаигӡаз Кент ироль хада ала. У. Шекспир иҩымҭа «Отелло» аҟны ҩ-гәыԥкны ихәмаруан. Руак аҟны ароль хада – Отелло наигӡон Нурбеи Камкиа, аҩбатәи аҟны – Леуа Касланӡиа. Нурбеи араҟагьы имҩашьауаз ибаҩхатәра ааирԥшит.
Аԥсуа драматургцәа рҩымҭақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа еснагь азҿлымҳара бзиа рыман. Аԥсуа ԥсҭазаара иалхыз ақәыргыламҭақәа ракәзаргьы, қәҿиарала дыхәмаруан Нурбеи Камкиа. Аԥсуа драматургиа аҟнытә иаԥиҵаз ҩашьара зқәым ахаҿсахьақәа иреиуоуп: Будда (С. Ҷанба – «Анцәа Саваоф»), Рашьыҭ – «Амҳаџьыр»), Мџьыҭ (М. Лакрба – «Срольқәа иреиӷьу»), Алиас (Џь. Аҳәба – «Аҳақ ашәара»), Ламшьаҵә (Р. Џьопуа – «Ашьаҿақәа»), Езыгә (Ш. Ҷкадуа – Ауаҩы иаӷа»), Наҳарбеи (Б. Шьынқәба – «Ахра ашәа»), Заурҟан – «Ацынҵәарах»), Ешсоу (А. Аргәын – «Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит») уҳәа.
Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Шоҭа Ҷкадуа, Џьума Аҳәба уҳәа рҩымҭақәа рыла иаԥҵаз аспектакльқәа рҟны баҩхатәрала инаигӡеит еиуеиԥшым арольқәа. Артист иҟыбаҩ ааԥшит Баграт Шьынқәба иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» иалхны иқәыргылаз аспектакль аҟны. Иналукааша ирольқәа ируакны егьаанхеит иаԥиҵаз Зорҟан Золак ихаҿсахьа.
Амилаҭтә драматургиа еиуаз аспектакльқәа рҟны ахәмарра Нурбеи изы еиҳагьы аҭакԥхықәра ацын. «Аклассика – классикоуп, уи актиор ихаҭагьы дыҭнагоит, аха дарбанзаалак актиор изы хадара алоуп, аԥсуа театр аҟны уаныхәмаруа ужәлар рҟазшьа, рдунеихәаԥшра, рҵас-рқьабз раарԥшра, ажәакала, аԥсуа драматургцәа рҩымҭақәа рықәыргылара алахәхара даҽакы иузадкылом», – иҳәон Нурбеи.
Асценаҿы акырнтә ицыхәмархьан Аԥсны жәлар рартистцәа Софа Агәмаа, Виолетта Маан иара убас егьырҭ артистцәа. Ианакәзаалакгьы Нурбеи илшоз агирхомыз идыргалоз ароль. Убри азоуп аԥсуа театр аеҵәахәқәа дыруаӡәкны ахьӡ зынижьыз.
«Уи даара даамсҭашәан, уаҩҭынчын. Амала алаф бзиа ибон. Еснагь ауаа рызнеишьа дақәшәон, иҟазшьа бзиан. Ауаа зегьы шыҟаз дыҟан, ахамаԥагьара иламызт, икәша-мыкәша игылаз ицәаҩала идиԥхьалон, иҩызцәа дырзааигәан. Аԥсуа театр аҟны иқәдыргылоз аспектакльқәа шамахамзар зегьы дрылахәын. Ишыҟалоз сыздыруам, аха еиҳарак иҵоурам арольқәа идыргалон. Убарҭ рҟынгьы иҵоуроу акы иԥшаауан, аспектакль цонаҵы иара ироль анагӡашьала ахәаԥшцәа зегьы ишҟа гәаԥхарак рызирҵысуан», – абас дылгәалалыршәоит асценаҿы акырнтә ицыхәмархьаз Аԥсны жәлар рартист Виолетта Маан.
Артист иҟазара амҩаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит акино. Араҟагьы арежиссиорцәа ибаҩхатәра еицгәарҭахьан. Нурбеи дыхәмарит иҭыхыз аԥсуа фильмқәа: «Хҭарԥа шкәакәа», «Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал» рҟны. Зынӡа ҩажәа инареиҳаны арольқәа наигӡеит еиуеиԥшым афильмқәа рҟны. Урҭ иреиуоуп: «Время счастливых находок», Жизнь и удивительные приключения Робинзона Крузо», «Чегемский детектив», «Пиры Валтасара, или ночь со Сталиным».
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан фырхаҵарала Аԥсадгьыл ихы ақәиҵеит, акинорежиссиор изанааҭ аганахьала аҟазацәа аӡәырҩы ргәыӷрақәа здырҳәалоз иԥа – аҵеи лаша Аслан Камкиа. Ҩнуҵҟала ихигоз ахьаа иҽамҭакәа дааиуан. Аха игәырҩа ахы инамырдырыр амуит. Нурбеи Камкиа иԥсҭазаара ҿахҵәеит 79 шықәса дшырҭагылаз – 2013 шықәса апрель 4 рзы. Ари цәыӡ дууп амилаҭтә театртә ҟазаразы мацара акәымкәа, ҳдоуҳатә культура зегьы азы.
Ега ус акәзаргьы, Нурбеи Камкиа ихьӡ аԥсуа театр аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Амилаҭтә ҟазара арҿиараҿы илагала ҳасаб азуны ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Нурбеи Камкиа ҟаза дук иаҳасабала иԥсҭазаара ҿырԥшыганы иаанхоит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Жәлар рартист жәашықәсала аус ахьиуаз аԥсуа театр аҟны имҩашьауа ишьҭа аанижьит.

В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me