«Исылшонаҵ сыуаажәлар рымаҵ зулоит»

Ҩынҩажәа шықәса раҧхьа, Ҭхьына ақыҭан инхо Кархалаа рҭаацәара аҟ­ны ҭ­ацас днанагоит Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа аҟны аҵара зҵоз Нонна (Џьулетта) Шьалуа-иԥҳа Вардаиа. Убри инаркны хьыӡшьарас Џьулетта ҳәа изырҭаз, ихәыҷаахыс амедицина бзиа избоз дызланагалаз Ҭхьына ақыҭа ауааҧсыра амедицинатә цхыраара рыҭара дналагоит.


Џьулетта Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа дҭалоит 1979 шықәса рзы. Афельдшер-акушертә ҟәша алылхуеит. Убри азанааҭ ала 1982 шықәса рзы лҵара хлыркәшоит. Аҧхьаҟа илыҧшәмахараны иҟаз Иура Кархалааи лареи аҵара еицырҵон, анаҩсан рыҧсҭазаарагьы еиларҵоит.
Џьулетта Ҭхьына медиаҳәшьас аусура далагаанӡа Очамчыра ақалақь ахәыҷтәы поликлиникаҿы мызкы иназынаҧшуа апрактика дахысуан. Лара еиҳараӡакгьы лнапы ианыз ахәыҷқәа алаҵақәа рзыҟаҵара акәын. Усҟантәи ашықәсқәа лгәаларшәо, Џьулетта иазгәалҭоит лара аусура даналага ақыҭа иалиааз ахәыҷқәа дарбанзаалакгьы алаҵа ззыҟарҵахьази иззыҟарымҵацзи ртәы зҳәоз қьаадкгьы шыҟамыз. «Сара кураторс дсыман ахәыҷқәа рҳақьым, есымза сгәалҭон, иара убас саргьы ҩымз рахь знык сусура аилкаанҵа ҟасҵалар акәын», – лҳәоит Џьулетта ҳаиҿцәажәараан.
Уи лажәақәа рыла, ахәыҷқәа зегьы ашәҟәы иҭагалатәын, доусы реизҳашьа, ргәабзиара зеиҧшроу, ирзыҟаҵоу алаҵақәа уҳәа ртәы зегьы еиқәлыршәар акәын. «Иахьеиҧш аҭагылазаашьа абаҟаз, аблокнот ҧшӡақәа аасхәон, ахәыҷқәа ирышьашәалахашаз, аҷкәынцәеи аӡҕабцәеи ирызкыз асахьақәа рыла иҩычаз, убри зегьы напыла ихасырҭәаауан», – лҳәоит амедиаҳәшьа. Иара убасгьы иазгәалҭоит иахьа алаҵа ззыҟауҵо ахәыҷы аҳақьымцәа жәпаҩык данырхыслак шакәу алаҵа илаҵара азин анурҭо. Усҟантәи аамҭазы ахәыҷы ахшараиурҭа дыҭганы аҩныҟа данааргалак нахыс, алаҵахьы днашьҭтәу, днашьҭтәыму ақыҭаҿы знапы ианыз Џьулетта лакәын. Ари хымҧада даара аҭакҧхықәра ду ацын.
«Иахьа анцәа иџьшьаны ҭелла аҳақьымцәеи ҳареи ҳаимадоуп. Аха ҩынҩажәа шықәса раҧхьа уи аҩыза аҭагылазаашьа абаҳамаз. Ахәыҷы алаҵа анизыҟасҵалак, уаха дышҧаҟалои, исаҳарызеишь ҳәа сгәы ҭыҧсаауан. Иҟаҳҵоз алаҵақәа гәаҭан, зегьы архьшәашәага иҭан, аха ахәыҷы алаҵа изыҟаҵаразы агәыр ансырхиоз, ианыз ҿырҳәала ишыздыруазгьы, сеиҭаҧхьон», – лҳәоит уи.

Абас Џьулетта лыҧшәма Иура Кархалааи лареи еивагыланы Ҭхьына ақыҭа ауааҧсыра рымаҵ руан. Иура аус иуан фельдшерс. Аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәаларатә иҟан. Ирааӡон ҩыџьа ахшара. Аха иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра…
Иура ҽыҧхьакрак ҟамҵаӡакәа, дшабиҧазаҵәызгьы раҧхьатәи амш инаркны аибашьра амца дналагылеит. Мықәтәи аштаб аҟны амедицинатә маҵзура аиҳабыс дыҟан. «Сара исаҭәамзар ҟалап сыҧшәма аибашьраҿ ихы шааирҧшыз атәы аҳәара, уи мышкызны изҳәо дҟалап», – лҳәоит Џьулетта, лыҧшәма иӡбахә анцәыраҳга.

Иура Кархалаа ицәаҩаҟазшьамызт ахырҕәҕәарҭақәа рҟынтәи мышкы ҳәа аҩны данааилак иибаз-иаҳаз аиҭаҳәара. Иан днаидтәалон, «ажәабжьыс иҟоу акы ҳауҳәондаз» ҳәа. Аха иара знызаҵәыкгьы инирҧшуамызт гәкажьрак, џьара жәабжьк угәы казыжьша аҭаацәа ираҳазаргьы «сара убрантә саауеит, ус еиҧш акгьы ыҟаӡам сан, бымшәан» ҳәа леиҳәон. Аха ауаҩы иаџьал анааиуа ацәалашәара иоуеит рҳәоит. Иаргьы ацәалашәара иоухьазар акәхарын…
Иура иҭахара мышкы шагыз аҩны дааит. Аҽаамҭанык еиҧшымкәа ацәажәара даргәаҟуан. Иҭаацәа зегьы наидыртәалан ажәабжьҳәара далагеит. Даара ихьааигон игәыла ҷкәын Масик Ҭодуа иҭахара. «Дабиҧазаҵәын, маҷк ихы ҧхьеикыр ҳҭахын, аха имуит» иҳәеит. Иара убасгьы иӡбахә цәыригеит иҭахаз Заур Кәыркәнаа. Игәалашәеит иҭахаз Ҭхьынаа рыҷкәынцәа аӡәаӡәала. «Абарҭқәа рышьҭахь сара сахь даахьаҳәын, «избасҳәазаалакгьы хыхь быҩнқәа еилырга» ҳәа сеиҳәеит», – лҳәоит Џьулетта лылаҕырӡ нхаҟәҟәалан. Адырҩаҽны, сентиабр 15 рзы, Аиааира жәохәымш шагыз дҭахоит… Иура Кархалаа аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵаразы ианашьоуп «Агәымшәараз» амедал.
Аибашьра анцоз Џьулетта, лара ишылҳәаз еиҧш, ахырҕәҕәарҭақәа рҟны аҕа диҿагыламызт. Аха лара лзанааҭ аҭакԥхықәра лыднаҵон. Амацәаз иҭакыз ауааҧсыра амедицинатә цхыраара рыҭатәын. Уи ақыҭа мацара акәмызт, ақыҭаҿ иҟаз ахҵәацәагьы маҷҩымызт. «Ашықәсан асы ҩамгылах шьҭан, ишәгәалашәоит. Ашьаҵатәы абаҟаз. Сабхәа имагәқәа ҭацәны ианызбалак, урҭгьы аӡы ркылсуан, асалафан сшьапы иакәыршаны, асы ҧуа сцаны ачымазцәа агәырқәа рзыҟасҵон», – лҳәоит Ҭхьына ақыҭан ауааҧсыра ҧсеиқәырхаҩыс ирымоу Џьулетта.
Џьулетта Кархалаа аибашьра ашықәсқәа илзырҩызахеит 2019 шықәса рзы ицәырҵыз аҿкы чмазара «ковид». Ачымазцәа даара ирацәаҩхеит. Иҟан мышкы хәба-фба ҭаацәара агәыр-цәыкәбарқәа (акапельницақәа) анырзыҟалҵоз, иара убасгьы шьыжьи хәылбаҽхеи агәырқәа. «Шәахьчоит ҳәа иҳарҭоз амаҭәа ушәҵаны чҳашьа ыҟаӡамызт, аҩны санааилак сымаҭәақәа аасшәыхны иансырҩалак, аҵәҵәаҳәа аҧхӡы каҭәон. Аиашазы ахьчага маҭәа акыр аамҭа исшәын, аха уаҳа анысзымычҳа исшәысхит, аҵыхәтәан асабрадагьы сҿысхит, схәыҽуазшәа збон. Сус сахашшааӡом, уи сара исуалҧшьоуп, исылшонаҵы сқыҭа, сыуаажәлар рымаҵ зулоит», – лҳәоит аҳақьым.
Абарҭ ацәаҳәақәа равтор хаҭала ҭабуп ҳәа ласҳәоит «аковид» чмазара зыхьыз сҭаацәа рыҧсы ахьеиқәлырхаз. Уахынла лымамкәа, ҽынла лымамкәа мышкахьы хынтә-ҧшьынтә агәырқәа, ахәшәқәа рзыҟалҵон. Сҭаацәа инарываргыланы убри аамҭазы аҳаблаҿ ичмазаҩцәан даҽа х-ҭаацәарак. Убарҭгьы убасеиҧшҵәҟьа дшырҿыз дырҿын.

Ақыҭаҿы ауаҩы машәырла ишьапы инапы ҧиҟар алшоит, мамзаргьы акы ицҳар ҟалоит. Абарҭқәа раан раҧхьатәи ацхыраара ҟазҵо Џьулетта лоуп. Уи аршаҳаҭуеит ақыҭаҿы амаҭ зыцҳаз ахәыҷы иҧсы аиқәырхара. «Амаҭ ицҳаит ҳәа дрыман иааит. Иара акы идубало дыҟамызт. Иахәҭаз агәырқәа, ахәшәқәа сыман, изыҟасҵеит. «Акгьы сыхьӡом» иҳәан аҩныҟа дыргеит. Сааҭкгьы бжьымскәан Аҟәа днаҳгаанӡа бҳацхраа абааҧсы рҳәан, деиҭааргеит. Аҳақьымцәа сыҽрымаздан, исарҳәаз зегьы ҟасҵеит. Ахәыҷы дрыманы Аҟәаҟа амҩа иқәлеит», – лҳәоит уи. Аха Џьулетта ишылцәаҩоу еиҧш, исаҳарызешь ҳәа аҩны дзымтәеит. Убри аамҭазы лыҷкәын Денис машьынала иааира ақәшәеит. Аҩнытәи амаҭәақәа шылшәыз, лыҷкәын даашьҭыхны ахәыҷы дишьҭалеит. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҟны рнеиреи ахәыҷы инагареи уамак рыбжьымсӡеит. Џьулетта лгәы ҭыҵны ицон исаҳарызеишь ҳәа, аха аҳақьым дҿаҧха-ҿаччо данаалҧыла, лыҧсы лылалеит. «Бааи, бчымазаҩ бихәаҧш, деиқәбырхеит, уажәшьҭа акгьы ихьуам анырҳәа…», –инеималҭәеит. Абри ахҭыс мацара иаҳнарбоит ари ауаҩ лзанааҭ ус баша иша­ллымхыз.
­«Ари ауаҩ ­Ҭхьына ақыҭа дҳамамызҭгьы, аҧ­сҭбарақәа рацәахон», – лҳәоит ҳзыҿцәажәаз Николаи Воуба ихьӡ зху Ҭхьынатәи абжьаратә ашкол адиректор Емма Думаа. «Џьулетта Кархалаа лха­ҭаратә ҟазшьақәа ртәы уҳәозар, ауаҩы ҳалал, агәыблра злоу, ҧсуала иааӡоу ҧҳәызбоуп. Лара иаҳа данычмазаҩу, ахьаа анлымоу хырҩа азылуеит, аӡәы акы ихьуеит ҳәа лаҳар. Уаха ҵхагәҭаны акәзаргьы, аӡәы игәы бзиам ҳәа аҭел ианаслак, иаразнак ачымазаҩ иахь ацаразы лҽеибылҭоит. Лхатә харџьқәа рыла ахәшәқәа аахәаны иаалгоит. Аӡәы иаарласны хәшәык иҭаххаргьы лара илымамзар, лчымазцәа рыла илдыруеит ахәшәқәа змоу, иаразнак илыҧшаауеит», – лҳәоит Емма Думаа.

Ҭхьына ақыҭан инхо абырг Шарбеи (Санбеи) Инаҧшьба ҳаиҿцәажәараан иазгәеиҭеит Џьулетта Кархалаа леиҧш иҟоу ауаҩы иахьа лыҧшаара шуадаҩу. «Даараӡа ауаҩы дизааигәоуп, лџьабаа рацәоуп. Ауаҩы иус идыруазаргьы, иҿабызшәа аныхаам ыҟоуп. Ари аҧҳәызба лыбжьы хаа мацара уахәышәтәуеит. Ахаан дгәамҵӡом.Лхазы иаалго ахәшәқәа, иааиуа ачымазцәа ирылҭоит. Ҳарҭ абраҟа ҳаидынхалоит, ҭаацәак реиҧш ҳаҟоуп. Зны-зынла ҽнак хәлаанӡа ҿаҵак афаха анылмоуагьы ҟалалоит, еиҳараӡакгьы «аковид» чмазара аныҟаз, машьынак агәашә инадҵаанӡа, даҽа машьынак аанааиуаз ыҟан»,– иҳәоит абырг. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ас еиҧш иҟоу ауаҩы иахьа иалкааны зџьабаа пату ақәҵатәу дышреиуоу.
Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭа иқәынхо ауааҧсыра рахьынтәи дыҟоуп ҳәа ҳаҟам аӡәы Нонна (Џьулетта) Кархалаа лџьабаа здым. Знызаҵәыкгьы дымгәамҵкәа лыуаажәлар рымаҵ луеит. Зымаҵ луа лқыҭа ауааҧсыра даара иҭабуп идуӡӡаны ҳәа ларҳәоит ҩынҩажәа шықәса раахыс ирыдылбалахьоу аџьабаазы. Ҳара илзеиҕьаҳшьоит лџьабаа бзабаан илҧыларц! Илааӡаз лыхшара, лмаҭацәа дрыгымкәа Анцәа иҟаиҵааит!

Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me