Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра русзуҩцәа рымш

Ԥхынгәымза 4 2006 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа аԥҵан.

2014 шықәсазы Аусбарҭа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ҳәа иҟаҵан.
Ԥхынгәы 4 аиқәырхаҩцәа рымш азгәарҭоит.Ари аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа зегьы рзы иҷыдоу хҭысуп.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ашьақәгылареи аҿиареи рзы иуадаҩу амҩа ианысит.
Шәҩыла атәылауаа еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иҳаҩсыз аамҭақәа рзы зныкымкәан Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра адҵаалара рықәшәахьеит.Амилаҭтә еиқәырхаратә маҵзура еснагь ацхыраара аҟаҵара иазыхиоуп.
Убри аан, акыр зҵазкуа факторуп АҶА есыҽны аматериалтәи атехникатәи базақәа рырӷәӷәара ишаҿу, иахьа аусзуҩцәа ҳаамҭазтәи амыругақәа рыла еиқәыршәоуп,урҭ рахь иаҵанакуеит иара убас амцарцәаратә машьынақәа.
АҶА аҿы аусуразы азанааҭдырра мацара адагьы, ихымԥадатәны иацзароуп агәымшәара,агәаӷьра,ахамеигӡара.
Есыҽны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп ауаа реиқәырхаразы, еиуеиԥшым изқәымгәыӷӡо ауадаҩрақәеи,иҷыдоу аҭагылазаашьақәеи ирықәшәоит.Аха егьа ԥынгыла роургьы рус еснагь иреиҳау ҩаӡарала имҩаԥысуеит.
Аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Атәыла ахада иадныҳәаларатә ажәахә аҟны иазгәеиҭеит аусбарҭа алшарала шәҩыла ауаа рыԥсқәа шеиқәырхоу,аԥсуа еиқәырхаҩцәа рус бзиа ибаны ҭакԥхықәра дула ишазнеиуа,рхы-рыԥсы иамеигӡакәа рнапы иану шынарыгӡо.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me