Google аиҭагара афункциа «Translate» аҿыцра агәылагалоуп

Google аиҭагара афункциа «Translate» акырӡа аҽарҭбааит ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уаҟа 110-бызшәа ҿыцқәа агәылагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: аԥсуа, авар, ачечен, ауаԥс бызшәақәа.

Арҭ абызшәа ҿыцқәа translate.google.com аҟны, насгьы «Google Translate» апрограммақәа рҿы ухы иаурхәартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵоуп.

Ари апроект авторс дамоуп Иорданиантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз Нарҭ Ҭлыша. Google аԥсышәала арцәажәара аԥшьазгаз иара иоуп. Игәҭакы аԥсҭазаарахь аларҵәаразы адгылара ииҭеит аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. Шьынқәба ихьӡ зху афонд аиҳабы Леуан Миқаа.

2022 шықәсазы Google «Zero-Shot Machine Translation» ахархәарала 24 бызшәа ҿыц ацҵан, уи иалнаршоит ҳәоук бызшәак аҟынтәи даҽа бызшәак ахь аиҭагара. Уи адагьы акомпаниа «1000 бызшәа» ҳәа хьӡыс измоу аԥшьгамҭа аланарҵәеит, уи адунеи аҿы еиҳа еицырдыруа абызшәақәа рхархәара, рацхыраара иазырхоуп.

Уаанӡа, аԥсуа лингвист, аҭҵааҩы Давид Дасаниа, Иандекс аиҭагаратә проект аҿы аус зуа, аиҭагаратә маҵзура абызшәа ҿыцқәа агәыланагалар ақәнагоуп. Уахь иаҵанакыр алшоит аԥсуа, абаза, ачерқьес, ҟарачы-балкар, ногаи, ауаԥс, ачечен, аингуш, еиуеиԥшым даӷьсҭантәи абызшәақәа ҳәа адырра ҟаиҵахьан.

Ас еиԥш иҟоу апрограмма Нхыҵ-Кавказтәи абызшәақәа рыла ицәажәо рзы акыр зҵазкуа хҭысуп, акрызҵазкуа шьаҿоуп абызшәатә ҭынхақәа рыхьчаразы.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me